Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТҟәарчал
Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы рҭаара хықәкыс измоу, иҳаҩсыз амшқәа рзы Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽақәа рхырхаҭра алзхыз Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа аԥхьаҩцәа ирабжьалгоит ҳтәыла аԥсабара амч знырарц зҭаху, хымԥада арахь иаарц.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Есышықәса аусураҟны изго аԥсшьараамҭа аҳәаанырцә исхызгон. Сынтәа исыӡбеит стәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь сныҟәаларц, аиҳарак мрагыларатәи ахәҭахьы. Мықәашҭеи, аныхабааи, Отаԥтәи аҳаԥыи анызба ашьҭахь, еилыскааит исцәыӡхьаз шырацәаз, убри аҟнытә салагеит ибжьасыжьыз ахарҭәаара.

Храм в Мокве - Sputnik Аҧсны
Мықә, Ҷлоу, Отаԥ: Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа сыхнахит

Иҳаҩсыз амшқәа рзы, еснагь сныҟәарақәа сыцеиҩызшо сҩыза Зарина Коӷониеи, саҳәшьцәа Радеи, Амритеи Жьиԥҳацәа, Аԥсны еицырдыруа ажурналист (атәыла ахадарахьы зкандидатура ақәыргылара лафны изабжьаҳго) Елеонора Коӷониаԥҳаи иааибыҳәаны, амҩаныфеи, ицаҳәцаҳәуа иҟаз "ҳкандидат" лыжьаӷь уаҭкеи аашьҭхны Тҟәарчалтәи аԥсабара "аҭҵааразы" ҳдәықәлеит.

Ашахтиортә қалақь ахь акаҭран зықәҭәоу амҩа уаныланы, ашәаԥыџьаԥ уагәылаԥшуа, еилашьшьы игылоу ауаа рымхқәа угәы аздырҳауа, арасаҭрақәа урҭаԥшуа, еиуеиԥшым ашәырҵлақәа урыҵаԥшуа, ана-ара ибылны игылоу, егьа маӡа зыҩнаҵәаху ахыбрақәеи, Тҟәарчал иасимволу арацәаҵхҩы ибаҟеи урывсуа унаӡоит.

Еицқәаз ҳфото аҭыхразы раԥхьатәи ҳаанҿасырҭа акәхеит зыкәша-мыкәша цқьаӡа, зархитектура еинаалаз, "бзиала шәаабеит" ҳәа зхаҿы ианубаалоз арацәаҵхҩы ибаҟа. Ашьҭахь, ҳамҩа харан азы, мыцхәы аамҭа мгакәа аҩада ҳаихеит.

Ҭҟәарчал иасимволу арацәаҵхҩы ибаҟа аҿаԥхьа
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит - Sputnik Аҧсны
Ҭҟәарчал иасимволу арацәаҵхҩы ибаҟа аҿаԥхьа

Аӡхыҽҽақәа рыбжьаларҭа ҳанаавала, ҳҿаԥхьа иаацәырҵит алакәтә пеизаж. Иццакны, ахш еиԥш иҟәашӡа ашьхарантәи иаауаз Аалӡга еимдо, зымҵәыжәҩақәа еиҵыхны, ахақәиҭра иашьцылаз аԥсаатә дуқәа ԥызара шаҳзыруаз, зыԥшӡара узеиҭамҳәо агортензиатә бнақәа ҳашрылаԥшуаз "Иԥшьоу" аӡхыҽҽанӡа ҳааит. Абрантәи иалагеит ахҭыс хадагьы.

"Шәмашьына ҳаракызар, "полный привод" амазар егьырҭ аӡхыҽҽақәа рахьгьы шәхалоит" ҳәа Ҭҟәарчал ииз Рада лколлега Алхас Манаргьиа ианлеиҳәа, ҳаргьы уаҳа аӡәгьы ҳаизымҵаакәа, ҳашиашаз, абрахь акәхоит ҳәа аҩада ҳҿынаҳхеит.

© Foto / Саида ЖьиԥҳаСаида Жьиԥҳа Тҟәарчал
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа Тҟәарчал

Сааҭбжакынӡа машьынала ҳхалеит, анаҩс амҩа аҭаҟәаҿарақәа гәҩарас иааҟаҳҵан, шьапыла ҳцап, "аӡы ӷәӷәала ашьҭабжь злаго ала, ҳахьнаваҵәиуа ауп" ҳәа ааибаҳҳәан, азнык азы ҳамҩаныфагьы ааҭаҳган, аха еидароуп ҳәа шьҭахьҟа инҭаҵаны, амала шьыжьхьа ҳамфацызт азы ашәыр ҳнацҳауа амҩа ианыршәланы ҳдәықәлеит.

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы жәабжь ҿыцс иаҳдыруаз зегьы еибыҳәо, алаф еибагәыдҵо ацара ҳаҿуп, аха аӡхыҽҽа убар иаахә. Сааҭк ааҵуаны, Елеонора Коӷониаԥҳаи сареи (егьырҭ иааԥсан азы, ԥшьала ҳашьҭахь иааиуан) ар маҭәа зшәыз, автомат зыҟәныз, анаҩс излеилкаахаз ала арахә зыхьчоз Олег дааҳԥылеит.

© Foto / Саида Жьиԥҳа Саида Жьиԥҳа Тҟәарчал
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит - Sputnik Аҧсны
Саида Жьиԥҳа Тҟәарчал

"Аҭыԥҳацәа, аӡхыҽҽа акәхап шәзышьҭоу, амҩа шәацәхҟьеит, даҽа ҩышә метра ашьҭахь Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа гылоуп. Раԥхьатәи аӡхыҽҽа иаҿықәгылоу аресторан аҿы шәҵаар акәын, уантәи аџьипқәа рыла шәхаргалоит" анааиҳәа, Елеонореи сареи ҳааиҿаԥшын ҳҽаҳзаанымкыло аччара ҳалагеит. Ус ҳҩызцәагьы ааҳадгылеит. "Еиҳагьы еиӷьуп абас иахьыҟалаз, ҽазны аара анбаҳақәшәо, араатәи ашәаԥыџьаԥгьы ҳазхара иаҳбеит, аӡхыҽҽақәа рахьгьы ҳахьӡоит" ҳҳәан, Олег ҳшәырқәа абжа наиҭаны, ҳмашьынахь ҳгьежьит, амала уи даҽа сааҭк ҳцәагеит умҳәозар.

Омик Какәыбаа ихьӡын ашьхамҩаҿы иныҟәоз зхатә џьип ала "Иринеи", "Великани" аӡхыҽҽақәа рахь ҳназгаз ҳмашьынаныҟәцаҩ. Иара иаҳзеиҭеиҳәеит арҭ аҭыԥқәа ирҭаауа аԥсшьаҩцәа шмаҷҩым, убас иаауеит ҳтәылауаагьы. Еицқәаз иазгәаҳҭеит араҟа атуризм раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟанаҵо, уи ҿиарц азы аӡыргара бзиа шаҭаху.

Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽа "Великан"
Агәыҩбара зцыз аныҟәара: Тҟәарчал сеигәырӷьеит, аха сылаӷырӡгьы аанагеит - Sputnik Аҧсны
Тҟәарчалтәи аӡхыҽҽа "Великан"

"Иринеи", "Великани" рахь ҳаннеиуаз амш аҽеиҩнашахьан. Убри аҟнытә, ашәшьы зхылахьаз абнареи, аӡхыҽҽақәеи еиҳагьы еинаалеит, анашанатә лакә аҿы ҳаҟазшәа ҳгәы иабеит. Аӡы ҳнаҿыхәаны, ҳҽырхьшәашәаны, хыԥхьаӡара рацәала афото ҭыхны аамҭакы ҳаԥсы шьаны ҳназгаз амашьынахь ҳхалеит.

"Аԥсны ныҳәазааит, аԥсуа ида ԥшәыма дамаиуааит, иҳамоу пату ақәҵашьа ҳақәшәааит" ҳәо, ҳаԥшәмеи, "ҳкандидати" ҳареи ҳажьаӷь уаҭка агьама баны, ҳпикник нап аҳаркит.

Рада Ажиба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ажьиԥҳа: атәыла аҩнуҵаҟа ҳаиҭанаиааира иреиӷьу ӡыргароуп ҳақалақьқәа рзы

Ҳаидтәалара иалагӡаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ашәарыцара иазҟазоу Омик Какәыбаа аҭыԥантәи ашьхақәа рыӡбахә ҳаиҳәеит. Ааԥхьарагьы ҳаиҭеит Кәын иашҭа захьӡу ашьхаҭыԥ ссир ахь. Уи уажәнатә азхәыцра ҳалагахьеит.

Лашьцаанӡа Тҟәарчал ақалақь ахь ҳалбааит. Аԥсабара аԥшӡара ихнаххьаз ҳзы игәыхь духеит уи аҿаԥшра. "Хәлыбзиа" ҳәа заҳҳәашаз уаҩ данаҳамба, амашьына ҳҭымҵкәа ус блала ҳаимдон. Иблыз, иԥҽыз аҩнқәа ашәы рыхькәкәа игылан. Акультура ахан аҿаԥхьа анцәа иџьшьаратәы џьоукы ҳанрахьԥшит. Ақалақь ҳаналҵуаз аҩнеихагылақәа рыбжьара ауаргьала еимазкуаз хәҷқәакгьы рышьҭабжь геит. "Иахьа уажәраанӡа Тҟәарчал ныжьны имцаз, ахәышҭаара иацәынхаз аҵыхәтәантәи акәицқәа ирҩызоу ақалақьуаа ршьапқәа гәыдкылатәуп" ҳҳәан, аибашьра ҟалаанӡа Аԥсны иреиӷьыз ақалақь аҭоурых ҳшалацәажәоз, алашьцара ҳҽалакны (амҩа хада афымца иарлашаӡом) аҩныҟа ҳааит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0