Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон

CC0 / / Интервью
Интервью - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟоума даҽа ҳәынҭқаррак рхада ртәыла агәы злеисуа абызшәа изымдыруа? Далырхуама уи иҩыза, хшыҩла дкәадамзаргьы? Ауаажәларра рыбжьара агәынамӡара зызцәырнагаз акандидатцәа злахәыз аефиртә аамҭа аԥҟарақәа еиҭакрақәас ԥхьаҟа ирылагалатәузеи? Абарҭ азҵаарақәа дрылацәажәоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Абар еилашуеит Аԥсны ахада иалхрақәа ирыдҳәалоу аполитикатә еиндаҭларақәа. Рыхьӡ ҳдыруеит атәыла ахадара иазыхиоу жәаҩык акандидатцәа. Аҭахра акуп, аха иҟоуп хыԥашьа змам аԥҟарақәа, урҭ ирхыԥаны атәыла ахадарахьы анеира иашьҭоу дҟалар, уа даннеилакгьы убас аԥҟарақәа хырҩа рзуны иусура еиҿикаалар алшоит.

Алхратә комиссиа хадаҿы алингвистикатә комиссиа  - Sputnik Аҧсны
Акандидатцәа рзы аԥышәара, ма абызшәатә культура аҩаӡара

Дырҩегьых зыӡбахә сымоу азакәан ианпыҟҟала иану "атәыла ахада ахы иақәиҭны идыруазароуп аҳәынҭқарратә бызшәа" ҳәа аазырԥшуа ахәҭаҷ ауп.

Еснагь еиԥш, абри азҵаараҿы рҽеиҩыршоит алхыҩцәа рхаҭарнакцәа. Арҭ ацәажәарақәа еиҳаракгьы еилашуеит асоциалтә ҳақәа рҿы. Џьоукы ирҳәоит "Аԥсны ахада хьаҳәаԥаҳәада аԥсшәа идыруазароуп" ҳәа, даҽа џьоукы ихьысҳаны иҟоу дхьадыршшарц "аԥсшәа адырра мацара акыр иахәома?" рҳәахуеит, уи ззымдыруа аполитикцәа рыхшыҩ аҵарреи рԥышәеи рыла "абаа хыржәарызжәа".

Аԥхьаҩцәа шәхаҵкы, ишԥаихьӡу изамыԥхьо, изымыҩуа, изымцәажәо аԥсуа политик, аԥсуа школ далгазар?..

Абраҟа иазхәыцтәызар ҟалап аҵара аситема абҩарақәа, ҳәынҭқарратә бызшәала ихәыцуа атәылауаҩ ашкол даунажьуа иахьыҟам ишахҟьо ҳазлацәажәо апроблема. Иҟоума даҽа ҳәынҭқаррак рхада ртәыла агәы злеисуа абызшәа изымдыруа? Далырхуама уи иҩыза, хшыҩла дкәадамзаргьы?

Ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон ҳәа, иахьатәи аԥсуаа "абызшәа адырра акраҵанакуама" ҳәа азҵаарақәа шьҭаҳхуа ҳалагеит. Ари зегь зыхҟьо абызшәатә хдырра ахьысҳареи уи иацу акомплексқәеи роуп. Ҳара изинтәу аҳәынҭқарра ҳаргылозар, ҳзакәан иану ҳацныҟәозароуп, азакәан иаҳәоит "Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аԥсшәа" ҳәа, иара убас "аурыс бызшәа ахархәара амоуп аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыҟны" ҳәа. Ус анакәха, Аԥсны атәыла ахадас иҟаларц зҭаху ҩ-бызшәак идыруазароуп.

Иахьа иқәгылоу акандидатцәа рыбжьара иубоит ахы иақәиҭӡаны аҳәынҭқарратә бызшәа здыруа шыҟоу, иара убас ибжамҽамны издыруагьы ҳалаԥш рықәшәоит.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахадархьы кандидатцәас иқәгылоу рыжәаҩыкгьы Алхратә комиссиа хадаҿы аԥышәара ишахысызгьы, ателехәаԥшраҿы рцәырҵра ишьақәнарӷәӷәеит рыҩаӡарақәа шеиԥшым. 

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп, сара сызлатәаз абызшәатә комиссиаҿы акандидатцәа ирыдгалаз аԥышәара уамак ишыџьбарамыз, иаҳҳәар ауеит уи афбатәи, ма абыжьбатәи акласс апрограмма иашьашәалоуп ҳәа. Азинԥҵаҩ аринахыс дазхәыцыр бзиан аԥышәара аҭира аԥҟарақәа рырџьбарара, машәыршақә збызшәа аҩаӡара лаҟәу акандидат аиндаҭларахь дызцәырымҵуа, иара убас, азакәан ианызароуп аефиртә аамҭа ҩ-бызшәак рыла еихшаны амҩаԥгара. Ус иҟалар, уажәы ицәырҵыз агәынамӡара ҟаломызт.

Ахыԥҽыга - Sputnik Аҧсны
Ухы иазууа, уаӷа иузиуӡом, ма ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсшәа зидмырҭиуа

Иарбан гәынамӡароу ҳәа шәҵаауазар, сынтәатәи аԥҟарақәа инарықәыршәаны Алхратә комиссиа хада акандидатцәа рзы иаԥнаҵеит: сааҭк ицо аефир апрезидентрахь акандидатцәа рзы хәыда-ԥсада, сааҭбжак ицо аефир апрезидент ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа рзы хәыда-ԥсада, аха абраҟа абызшәа аганахь иҟоу азгәаҭа еилыкка иаанарԥшуам заҟа аамҭа аԥсышәала, заҟа урысшәала. "Ԥсышәала ицо аефир аҿы, аурысшәагьы ухы иаурхәар ауа" аҳәоит хәыда-ԥсадалатәи аефир азы.

Абри ҿарԥас иҟаҵаны, иҟоуп аефир аҿы урысшәа мацарала иқәгылаз, иара убас, иҟоуп зефиртә аамҭа зегьы ԥсышәала мацара ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟазҵоз. Абри иахҟьаны, аԥсшәа змаҳауаз алхыҩцәа агәынамӡара роуит, иара убас, акандидат ибызшәа аҩаӡара аилкаара лымкаала иашьклаԥшуаз аԥсуа алхыҩцәагьы агәынамӡара рызцәырҵит. Ари зыхҟьаз, уаанӡеиԥш аефиртә аамҭа абызшәақәа рыҩбагьы рзы иҷыдоу азгәаҭа ахьамамыз ауп.

Акандидатцәа рефиртә аамҭақәа ртәы ҳҳәозар, Алхратә комиссиа хада апрезидентрахь иқәгыло хәыда-ԥсада 30 минуҭ ицо акандидат изку афильм знык ашьҭра азин рнаҭеит, убри аан аштаб иалнахуеит иара иаҭаху абызшәа. Урҭ афильмқәа рӷьырак урысшәала ицоит Аԥсны аԥсшәа ззымдыруа шырацәаҩу азгәаҭаны, иҟоуп иара убас, ахә зхыршәаауа аефирқәагьы, акандидати уи ихантәаҩи рзы сааҭбжак-сааҭбжак знык ақәгылара азин рымоуп урыс бызшәала. Абарҭқәа рыдагьы, нанҳәа 23 рзы ишиашоу ицо аефир ала, акандидатцәа зегьы рхы зладырхәыр рылшо ақәгылара ҟалоит (дебаты), уаҟагьы иалкааны иарбаӡам ԥсышәала имҩаԥгатәуп ҳәа. Ажәакала, акандидатцәа ҩ-бызшәак рыла рыпрограама иалацәажәаратәы иҟоуп.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Иахьа алхҩы имоуп алшара иҟоу рахьынтә зыпрограмма игәаԥхо, ахатәы бызшәагьы здыруа, аурысшәаҿгьы иаҵамхо ибжьы ииҭаразы. Аҳәара сцәыуадаҩуп збызшәа хьысҳау акандидатцәа уеизгьы-уеизгьы ибзианы издыруа раҵкыс политикала иӷәӷәоуп ҳәа, ус анакәха, ҳара далаҳхыр ҳалшоит зхәыцра аԥсыуоу, зыжәлар ҭырџьманда ирацәажәаларц зылшо ауаҩы.

Аполитика ду еиҩаӡо ауаҩы, иаԥхьаҟа иԥеиԥшу дырны, акыр иҽадцаланы ибызшәа аҩаӡара шьҭихлароуп. Иара иҭахыми хадас дҳаурц?

Иҭахызар, ҳзинқәа еиламгакәа ҳәынҭқарратә бызшәала игәҭакы ҳаиҳәароуп, уи инаваргыланы аҳәынҭқарратә структурақәа рҿы ахархәара змоу аурыс бызшәагьы ибзианы идыруазароуп, еиҳагьы еиӷьхон даҽа ҩба-хԥа тәым бызшәа идыруазаргьы, адунеитәи аполитикаҿы иҿахәы иҳәаларц азы.

Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан иахыԥарц згәы иҭазкыз, анаҩсангьы хырҩа рзиур илшоит иаԥҵоу егьырҭ ҳзакәанқәа. Абри азҵаара хадам ҳәа изшьо алхҩы, "ахьаԥарч изхылҵыз иахәлаџьаџьон" ҳәа ажәытәуаа ражәаԥҟа дазхәыцны ибжьы аиҭар - ҳбызшәа аҳаҭыр еиқәхар алшоит, аекономикеи егьырҭ атәыла аргыларазы ихадоу амарҭхәқәеи анаҩстәи апозициа ааныркылоит, ҳбызшәа аҟазаареи аҟамзаареи ишырҭагыло ҳаԥшны иаҳҳәозар.

Ҳбызшәа аразҟы ҳнапы иануп, уи ҳшазыҟоу ааԥшуеит алхрақәа рылҵшәа анҳаулак ашьҭахь.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Иахьанӡа сызхәаԥшхьоу аефирқәа ртәы сҳәозар, иҟоуп хәыда-ԥсадатәи аефир ԥсышәала мацара имҩаԥызгаз, измаҳауа аудиториа ахә зхишәаауа аурыс ефир аҿы драцәажәарц, иҟоуп ибзианы аԥсшәа здыруаз, аха зефиртә аамҭа урысшәала мацара имҩаԥызгаз, аелекторат зегьы ираҳауа абызшәала дцәажәарц, аԥсшәа усгьы издыруеит ҳәа ишьаны. Иҟоуп иара убас, зыԥсшәа азымхоз, ҩбаҟа ажәа ԥсышәала иҳәаны егьи абызшәахьы ииасыз. Алхҩы имоуп алашара, алкаақәа ҟаҵаны, абжьыҭарахь анеиразы.

Ҳаԥхьаҟа, азинԥҵаҩ абарҭқәа азгәҭаны, алхрақәа рзакәан алагала азиур хымԥадатәиуп, азакәан еилыхха ианызароуп заҟа аамҭа ԥсышәала, заҟа урысшәала, нас иаҭаххомызт алингвистикатә комиссиагьы. Сзызхәыцуа азакәан аҿы ианылароуп, аефир ахь анеира шхымԥадатәиу. Ус иҟалар, аполитикцәа зааӡа аҽазыҟаҵара иалагоит аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан ишзахымԥо дырны.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0