Венгриа зыршанхаз "Нарҭаа", мамзаргьы "Ахьтәы Таташь" аҭоурых

CC0 / / Ансамбль "Нарҭаа"
Ансамбль Нарҭаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
45 шықәса раԥхьа, мшаԥы 7, 1974 шықәсазы аԥсуа етнографиатә ансамбль "Нарҭаа" Венгриа имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афольклортә еицлабраҿы иреиҳаӡоу аԥхьахә - "Ахьтәы Таташь" иаԥсахеит. Ансамбль 30 шықәса инеиԥмырҟьаӡакәа напхгара азҭоз Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа иҳацеиҩишеит венгриатәи игәалашәарақәа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ишыҟалаз абас ауп

1948 шықәсазы, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы Иван Кортуа иаԥшьгарала иаԥҵахеит аԥсуа ҭаҳмадцәа злахәыз ашәаҳәареи акәашареи ретнографиатә ансамбль. 1971 шықәсазы ари агәыԥ "Нарҭаа" ҳәа ахьыӡҵан, иалаз артистцәа рықәрагьы 70 шықәса инаркны 130 шықәса рҟынӡа инаӡон.

Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

1969 шықәсазы Иван Еснаҭ-иԥа Кортуа иаалырҟьаны иԥсҭазаара даналҵ, акультура аминистр инапынҵала ансамбль анапхгара идҵан Кәасҭа Антон-иԥа Ченгьелиа. Акомпозитор ихаҭа излеиҳәаз ала, иусура ҿыц иднаҵоз аҭакԥхықәра кырӡа иныруан, аха зегьакоуп, игәра ганы ихьӡ анырҳәах, лакҩакра ҟамҵаӡакәа дақәшаҳаҭхеит.

Аха лассы-лассы ажәақәеи ауси анеивнагало ҟалалоит, убри аҟнытә Кәасҭа Антон-иԥагьы макьана аԥышәарақәа рацәаны изыԥшын. Шықәсык мҵыцкәа анапхгаҩ ҿыц идырҵеит аҽԥышәаразы зеиӷьыҟам адҵа: аҭаҳмадцәа драԥызаны Москва имҩаԥысраны иҟаз арҿиаратә еицлабра аҽалархәра. Иабацәеи иабдуцәеи ирықәлаз ауаа напхгара рыҭара дашьцыларазы хымԥада аамҭагьы иҭахын, аха даҽа ганкахьала ари аицныҟәара аколлектив еиҳа дазааигәанатәуан.

Кәасҭа Антон-иԥа иажәақәа рыла, аколлектив инапы иананырҵа аҽны инаркны аусуратә процесс иара ихатәы принципқәа рыла ишьақәиргылеит. Аиҳабы-аиҵбы, агәшәымшә аҳәара ухәа адәныҟа иныжьны, асценаҿы арратә ԥҟарақәа рыла аҽазыҟаҵарақәа аԥыжәара рыҭахеит. Абас иџьбаран аиҳаб ҿыц иԥҟарақәа. Абыргцәагьы урҭ ирықәныҟәалар акәын.

"Иахьа уажәраанӡагьы сашәаҳәаҩцәа ирџьысшьоит иԥсы-инха иахьынӡауаз ала сҳәатәы ишацныҟәоз. Иаҳҳәап Москва еиԥш иҟаз атәым қалақь дуқәа рахь аконцерттә программа ҳаманы ҳанцалоз, ҷыдала сыҭаҳмадцәа сылаԥш рхын. Зеиԥш ҟамло ыҟам, џьара еицәҟьалар ма ауаа исыцәрылаӡыр ҳәа сшәон. Даргьы џьара ҭыԥк аҟны иртәаны, абра шәысзыԥшыз ҳәа раҳәаны аҽны хәлаанӡа смааргьы рҭыԥ иахыҵӡомызт. Насгьы иҟан џьоукы-џьоукы згәы ааигәа икыдызгьы. Исызгәамҭакәа мыцхәы ирӷьцәаны санрацәажәалакь, ахәыҷқәа реиԥш иансызгәаауаз ҟалалон. Ажәакала, дареи сареи ҳагәқәа еибарҿыӷьуамызт", - игәалаиршәоит Ченгьелиа.

© Sputnik / Рейнгольд / Амедиаҵәахырҭахь аиасра102 шықәса зхыҵуа ансамбль "Нарҭаа" алахәыла Ҭемраз Уанаҿа
Венгриа зыршанхаз Нарҭаа, мамзаргьы Ахьтәы Таташь аҭоурых - Sputnik Аҧсны
102 шықәса зхыҵуа ансамбль "Нарҭаа" алахәыла Ҭемраз Уанаҿа

Брежнев изеиӷьашьарақәа

Москватәи рықәгыларақәа рыла "Нарҭаа" идырҳауа иалагеит ахԥша, азҿлымҳара, ахәаԥшцәа рҟнеиԥш, иреиҳаӡоу анапхгараҭараҿгьы. Абасала, "Нарҭаа" рыкәша-мыкәша еизоз абзарӡы иабзоурахеит Жәларбжьаратәи афольклортә еицлабра аҽалархәра даҽа рҿиаратә гәыԥк адмыԥхьалакәа, дара иахьрыдыргалазгьы. Уи аамҭақәа рзы еиуеиԥшым аполитикатә уадаҩрақәа ирыхҟьаны жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы Аԥсны ахьӡала ацәырҵра гәаӷьыуацәан. Аха Кәасҭа Антон-иԥа икомандеи иареи ирылшеит асистема дуӡӡа рнацәкьыс ахарҵәира: рцара зыбла ихкьакьалоз ақырҭуа "политикцәа" шьоукы Москваҟа ашәа аҭаҩразы иҳаԥхьеит ҳәа раҳәаны, рчемоданқәа ааизганы Венгриаҟа амҩа инықәлеит.

45 шықәса "Шьараҭын" ҳацны>>

Аус бзиа уанаҿу, иудгылогьы ҟалоит ҳәа шырҳәало еиԥш, "Нарҭаа" амҩа бзиа рзеиӷьашьо, қәҿиарала изықәгылар адырра ирҭарц рабжьигеит Леонид Илиа-иԥа Брежнев ихаҭа. Кәасҭа Ченгьелиа иажәақәа рыла, арҭ ажәақәа раасҭа аиааиразы ргәалаҟара еиӷьызтәшаз маҷызҭгьы ҟаларын убри аамҭазы.

Аԥҟара излаҳәоз ала, Венгриаҟа ицараны иҟаз аҭаҳмадацәа рхыԥхьаӡара 12-ҩык иреиҳамзар акәын. Аиҿырԥшразы, Кәасҭа Антон-иԥа еизигаз алахәылацәа 12-ҩык рықәрақәа зегьы еицҵазар, агәыԥ ақәра 1000 шықәса алҵуан. Хымԥада, арсҟатәи зықәрахь инеихьоу ауаа амҩа реицықәгалара шәарҭоуп ҳәа харантәи аҽырҟәышра зҽазызкыз "аекспертцәагьы" ҟалеит. Аха амҩа бзиа инықәгылахьоу адәыӷба иага лаба аҵадырԥаргьы, иннакылаӡом, зегьакоуп иахьцаша ицоит. Ицеит "Нарҭаагьы".

Венгриа иахьнеиз, егьырҭ арҿиаратә гәыԥқәа реиԥш "Нарҭаагьы" ирыҭан аамҭеи алшареи, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы. Ԥшьымш рыҩнуҵҟа аԥсуа шәаҳәаҩцәа Венгриатәи асцена рҽадыршьцылон. Ақәратә категориақәа рыла аицлабра ԥкӡамызт аҟнытә, зҽалазырхәырц иааз агәыԥқәа рхыԥхьаӡара рацәаӡахеит. Аха аҳәаанырцәтәи ахәаԥшҩы ибла ҵарқәа ирылымшаӡеит "Нарҭаа" рырблаҟьара: урҭ абжьааԥнытәи рыҩаӡара ҳаракы иагмырхакәа ақәгылара рылшан, аицлабра ахраҿа хада – "Ахьтәы Таташь" иагьаиааит. Аԥсны ианааи, "Нарҭаа" Жәлар рансамбль ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵан.

Аԥсуа ԥҳәыс ақәра ду нызҵаз Хьфаф Лашәриаԥҳа (137 шықәса), Кәтол ақыҭаҿы лмоҭацәа рхәыҷқәа рааигәара. - Sputnik Аҧсны
Пола Гарб: счымазара саиааит ақәрарацәа амаӡақәа ахьыздыруаз абзоурала

"Леонид Илиа-иԥа иажәақәа баша имҳәеит. Москватәи аҳаирбаӷәазаҿы жәлар рфырхацәа реиԥш ауп ишаҳԥылаз. Аҳаирплан тәаанӡагьы, аԥенџьыр скылԥшны избахьан ҵаҟа игылаз ажәлар", - игәалаиршәоит Жәлар рартист Кәасҭа Ченгьелиа.

"Ахьтәы Таташь" ианаиааи ашьҭахь аетнографиатә ансамбль "Нарҭаа" Асовет Еидгыла аҳәынҭқаррақәа жәпакы ирҭааны аконцертқәа рхы рыладырхәит, иҟан иара убас Ҭырқәтәыла, Иапониа, Германиа уҳәа аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рҟны. Ҳәарада аԥсуа хәаԥшҩцәагьы "Ахьтәы Таташь" мбаӡакәа инымхаӡеит, аԥсуа қалақьқәа зегьы идырбан аҭоурых иазынхаз ахраҿа.

Аԥсны зегьы иреиҳау, 116 шықәса зхыҵуа Нуца Адлеиба-Думаа лҭоурых>>

Ажәабжьқәа зегьы
0