Зураб Џьапуа: 60 шықәса еиднакылаз сыԥсҭазаара еиҩшара аамҭаны сахәаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЮбилей Академии наук Абхазии - 20 лет
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа 60 шықәса ихыҵит академик, ААУ апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Зураб Џьота-иԥа Џьапуа.

Мшаԥымза 16, 1960 шықәса рзы Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан диит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, иналукааша афольклорист-кавказҭҵааҩ, аепосҭҵааҩы, нарҭҵааҩы, аҭҵаарадырра аиҿкааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, ААУ апрофессор, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ хада Зураб Џьота-иԥа Џьапуа. Иахьа иара ихыҵит 60 шықәса. Ҳазҭагылоу аамҭазы аҵарауаҩ игәҭахәыцрақәеи иусуреи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа илырхиаз анҵамҭаҿы.

Амшира

- Амшира схаҭа сшахәаԥшуа ус ауп, раԥхьа иргыланы ухы уазхәыцуеит, иҟауҵахьоу, уаԥхьаҟа ишьҭоу. 60 шықәса ртәы акәзар, уи сара сзы еиҳагьы аҵакы амоуп. Аиаша сҳәозар, даҽа ҭагылазаашьак ала саԥыларц сҭахгәышьан, сара сызҿу ҳазҭагылоу аамҭа ауп. Аха аамҭа ахаҭа адунеи зегьы иазыҟалаз ауп, убри аҟынтәи даҽакала ишԥаҟауҵоз?

Зураб Джапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: ҳапринцип хада - абыргцəеи аҿарацəеи рдыррақəа реиԥшьра ауп

Ҩхырхарҭакны еилоу сыԥсҭазаара

- 60 шықәса еиднакылаз сыԥсҭазаара еиҩшара аамҭаны сахәаԥшуеит - иҟасҵахьоу, нас саԥхьаҟа ишьҭоу ҳәа. Сахьыԥшуа ала, иҟасымҵац еиҳазар ҟалап. Насгьы сара сыԥсҭазаара ҩхырхарҭакны еилоуп. Сыԥсҭазаара ҳәа сызҿу сыҭҵаарадырра аганахьала ауп изысҳәо. Абар, уажәшьҭа 30 шықәса ҵуеит сыԥсҭазаара ҩцәаҳәакны, ҩмҩакны ицоижьҭеи. Акы - иара аҭҵаара ахаҭа, анаука, сара сыҭҵаара сызҿу, аҩбатәи - аҭҵаара анапхгара аҭара, уигь уажәшьҭа имаҷым, 30 шықәса ҵуеит анапхгараҭараҿы сыҟоуижьҭеи. Академиаҿы хәышықәса роуп иҵуа аус зуеижьҭеи, Аԥсуаҭҵааратә институт ауп аханатә сызҿу. Абарҭ амҩақәа рыҩбагьы, сара сахьахәаԥшуа иахьа, еицназгошәа збоит. Аха, аԥыжәара зуҭои ҳәа ауаҩы дҵаауазар, аҭҵаароуп раԥхьа игылоу сара сзы, анаука ахаҭоуп. Анаука узымдыруазар, аиҿкаарагьы уақәшәаӡом, хымԥада.

Анырра сызҭаз ауаа

- Сара сышьақәгылараҿы хҩык ауаа даараӡа ароль рымоуп. Аӡәы - Шоҭа Салаҟаиа, уи Аԥснытәи сырҵаҩ иоуп, амҩа сықәызҵаз, сдипломтә усумҭа ауниверситет аҿы напхгара азҭаз. Аҩбатәи - ауниверситет сшалгаз Москва Адунеитә литературатә институт аҿы аспирантура сахьҭалаз ҭҵаарадырратә напхгаҩыс исоуз Виктор Гацак. Ахԥатәи - аспирантура саналгаз, Нарҭаа репос иазкны акандидаттә диссертациа анысыхьчоз актәи оппонентс исымаз Владислав Арӡынба. Абарҭ ахҩык сара сыԥсҭазаараҿы инарыгӡаз ароль даара акраанагоит сымҩақәҵараҿы, аԥхьаҟа сцараҿы.

Аҩызцәа

- Анаҩс, сара сгәы рыладууп сҩызцәа, адунеи аҿы, раԥхьа иргыланы Урыстәыла ақалақьқәа рҿы, ареспубликақәа рҿы сара сколлегацәа рацәаҩны иҟоуп. Новосибирскынтәи сыдныҳәалара иахьӡеит иацы, раамҭа ус иҟазар ҟалап, исгәалашәом уажәы асааҭқәа. Изысҳәо, убарҭ ражәа ԥхақәа сгәы иҭынҵәом. Сҩызцәа рацәаҩуп, атрадициатә культура, афольклор ҭызҵаауа дареи сареи лассы-лассы ҳаицәажәоит, лассы-лассы ҳаибабоит, убри сара сзы иаанаго рацәоуп. Анаҩс, рхыԥхьаӡара сахәаԥшын, 260 иреиҵамкәа иҟоуп, иреиҳауп. Сгәы иаанаго уи ауп, ак ҟасҵахьазар ҟалап, насгьы уи ауаа ирҭахызар, сара сзы инасыԥуп.

Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны
Арадио
Зураб Џьапуа: академиа шьақәгылеит, аҿиара амҩа анылара аамҭа ааит

Ҳазҭагылоу аамҭа

- Философиала уазнеиуазар, хымԥада ари аҿкы чымазара аҽацәыхьчара аҭахуп. Ари аԥсуаа ҳаԥнашәоит, излазбо ала, адунеи зегьы зымҽхазкыз акоуп, ишыжәдыруа еиԥш. Сгәы излаанаго ала, ауаҩы ихы дазхәыцроуп абри ачымазара ашьҭахь. Изеиԥшроузеи ауаатәыҩса реизыҟазаашьа, дышԥазыҟоу ауаҩы аԥсабара? Уи зыхҟьаз, сара сыспециалистӡам, иауздырхуа, аха аԥсабара аума азааҳгоит, ҳаӡқәа ҳҟьашьит, ҳамшынқәа ҳҟьашьит. Абри ицәырҵыз аҿкы ауаатәыҩыса рыхдырра аԥсахып ҳәа сгәыӷуеит. Аԥсуаагьы абри ҳхымҩаԥгашьаҿы иаҭаху аасҭа иаҭахым ахь ахырхара ҳаҟәнахып ҳәа сгәы иаанагоит. Уимоу, ҳполитикатә еибафарагьы ҳалгап ҳәа сгәы иаанагоит, еиӷьны иалаҳгаша ҳәа, апозитив иалаҳгаша ҳәа акы уазхәыцуазар. Ажәакала, абри ачымазаратә ҭагылазаашьа иҟоу аԥсуаагьы даара ҳаԥсахуашәа збоит сара. Хымԥада, ишыдыдуа қәа ауам рҳәоит, ари ҳхысуеит, Анцәа иҳәааит лассы иҟало.

Сара, раԥхьа иргыланы, сгәы иҭыхо, аҭҵааарадырра сызлахылаԥшуа ала, ҳ-Академиа иаҵанакуа ҳакадемикцәа, егьырҭ ҳҵарауаа, зықәрахь инеихьоу ыҟоуп, 80 шықәса инаркны 90 шықәсанӡа зхыҵуа ауаа ҳамоуп, егьырҭгьы зегьы ргәабзиара сацәшәоит, хымԥада. Убри сгәы арҭынчум, хылаԥшра аҭахуп, лассы-лассы аҭел сырзасуеит, срацәажәоит ҳинститут аусзуҩцәа. Сгәыӷуеит, лыԥхала ҳалҵып ҳәа.

Акадрқәа реиҵааӡара

- Убри аганахьала Академиаҿы иҟаҳҵақәо рацәоуп ҳара ҳтәала. Исзыҟамҵац ҳәа исыԥхьаӡо спроектқәа рҿаԥхьа игылоуп ҳаҭҵаарадырраҿы афольклорҭҵаара мацара акәымкәа, ахырхарҭақәа зегьы рҿы акадр ҿыцқәа рааӡара. Абри азҵаара аганахьала маҷк ҟасҵахьеит ҳәа сыԥхьаӡоит, аха иҵегьы сара схатәы шьаҿақәак сзыҟаҵазҭгьы, даара еихьӡара дууп ҳәа исыԥхьаӡон.

Зураб Джапуа и Эсма Тодуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр иахыҵит хәышықәса

Сара саԥшьгарала аспирантура аамҭа иамоу ԥшьышықәса ҳәа иацҵаны иҟасҵеит (уаанӡа хышықәса иҟан – аред.). Убри ахьыҟасҵаз ииашаны иҟасҵеит ҳәа сыԥхьаӡоит. Ҳколлегацәа Урыстәылантәи иааганы ҳ-Академиаҿы алекциақәа идҳарԥхьоит.

Сыгәҭакқәа

- Сара сахьахәаԥшыз, сыпроектқәа ишәҟәхаша, иусумҭахаша 30 иреиҵамкәа исыԥхьаӡеит - зыбжа ҟаҵоу, ԥыҭк инаскьагоу, сгәы иҭоу. Убарҭ рҟынтәи процентқәак срыхьӡазҭгьы, даараӡа акырҟасҵеит ҳәа сыԥхьаӡон.

Аҟазшьа аҷыдарақәа

- Ауаҩы ихатә ҟазшьа зеиԥшроу аасҭа, ауаа идырыр ауеит, атәымуаа идырыр ауеит, иҩызцәа идырыр ауеит, аха иара ихдырра даара изымариаӡам. Иҟалоит, ихы идыруа џьишьозар ауаҩы, аха изымдыруазар ауеит.

Сара бсазҵаауазар, сҟазшьа џьбароуп ҳәа рыԥхьаӡоит сҩызцәа, сколлегацәа, уимоу аҩнгьы. Избанзар сгәы иҭоу ауаҩы ишьҭахь исҳәаӡом, сгәы иаанаго иҿаҿы иасҳәоит. Сара сгәанала, уи бзиоуп ҳәа сыԥхьаӡоит, аха иҟалап санамырԥшӡо ыҟазар. Сара убас сыҟоуп, ирласны сеикәашәоит, аемоциа сымоуп, сгәы аныԥнажәо рацәоуп, нас сгәабзиарагьы ианасуа ыҟоуп. Аха, ианысҳәалак ашьҭахь, "ҳаи, смыццакындаз" ҳәа сҳәоит схазы. Уи азы ауаҩы санеиликаауа ыҟоуп, аха ибзианы сыздыруа уи ус шакәу рдыруеит, уимоу уи азы пату сықәызҵо ыҟоуп, ауаҩы игу, ма сара сгәы иаанаго иара изы, ишьаҿақәа рзы иҿаҿы иахьысҳәо. Ауаҩы сааҟәымҵӡакәа ирҽхәара сҟазшьаӡам сара, штрихк ала шаҟа дыбзиахаз аҵаҩы итәы сҳәозар, уи даара игәы иахәоит. Ҵабыргыҵәҟьаны, сҟазшьа сара стәала иџьбаразар ҟалап.

Ауаҩра

- Ауаҩы дрыцҳасшьоит, диашазар сҭахуп. Зегь реиҳа исҭаху ҟазшьоуп ауаҩы ииҳәаз ҳәазар, иҟаиҵаз ҟаҵазар, аҩбагьы еицны иҟазароуп. Иҟасҵеит ахьӡҵаны ус формалла ауаҩы ианыҟаиҵо, цәгьала сгәы ԥнажәоит, ииҳәазгьы аныҟаимҵалак, убригьы сгәы ԥнажәоит. Уи иҟазшьа иасҳәаӡом, аха сгәы иҭоуп. Изауҳәо дубап, аха иумҳәо ҳәа ак ыҟами? Зегь реиҳа еицәасшьоит ауаҩы ииҳәаз аныҟаимҵо. Ибзиоу ҟазшьаны исыԥхьаӡоит ииашаҵәҟьаны ииҳәо аныҟаиҵо, иҟаиҵазгьы цқьаны ианыҟаиҵо, убри сара сзы даара ихадароуп. Уажәшьҭа сара сықәраҿы схы агәра згоит, аха сара ҟазшьас убас исымоуп, статиак сыҩуазаргьы, ашәҟәы акәзаргьы, идуу аусумҭа инагӡаны ақәҵара цәгьалаҵәҟьа исцәыхьанҭоуп. Изыҩуанаҵы, сазхәыцуанаҵы, сыԥсы ҭоуп, убраанӡа сара истәуп, нас сара истәымшәа ицоит ианыҭсыжьлак нахыс аҟынтәи, арыцқьара - аиҭарыцқьара, азхәыцра - аиҭазхәыцра, убри даара садхалоит, убасшәақәа сеиҿартәуп иааихҵәаны иуҳәозар.

Хыхь ишазгәасҭаз еиԥш, ҳазҭагылоу аамҭа уаршәартә иҟоуп, аха ҳгәы каҳажьыр ҟалаӡом, зегьы ҳариааиуеит. Даараӡа иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәахьсызҿлымҳау!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0