Аҿиара, аизҳара иатәуп: аԥсуаа имҩаԥырго Амшаԥы аҷыдарақәеи атрадициақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукПасхальный кулич
Пасхальный кулич - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа динтә ныҳәақәа рсистемаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Амшаԥы. Аԥсуаа рынхамҩатә бзазараҿы традициатә ныҳәаны Амшаԥы ашьапы акит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы: хәба-фба нызқь шықәса раԥхьа. Амшаԥныҳәа иамоу аҷыдарақәеи атрадициақәеи дырзааҭгылоит аетнолог Валери Бигәаа.

Sputnik

Амшаԥныҳәа аԥхьа чычхадыл

Аԥсуаа рдоуҳатә ԥсҭазаараҿы жәытәаахыс Амшаԥы акыр аҵанакуеит. Аԥсуаа рынхамҩатә бзазараҿы традициатә ныҳәаны Амшаԥы ашьапы акит ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы: хәба-фба нызқь шықәса раԥхьа.

Цветущий миндаль в мадридском парке Quinta de los Molinos - Sputnik Аҧсны
Аҿиареи, аизҳареи рынцәахәы Ҭаргьалас: аԥсуаа разхаҵарақәа

Амшаԥы ааиаанӡа имҩаԥыргоит ақьабзқәеи аныҳәарақәеи рахьтә зегь реиҳа анҵыра змоу – аԥшьаша. Аԥсыуала уи чычхадылуп, қьырсиан ҵасла – "ԥшьаша дууп", "ԥшьаша цқьоуп".

Чачхадыл аҽны, ашыжь, аҩнусқәа рҟынтә еиҳа зхы иақәиҭу аҭыԥҳацәа, акыр збахьоу, аԥсҭазааратә ԥышәа змоу ԥҳәысбыргк раԥхьа днаргыланы, ааигәа-сигәа иҟоу адәқәеи абнақәеи рахь хәшәыҵхра ицоит. Ахәшәыҵхцәа ахәшә аныҵырхуаз ицәажәар ҟаломызт, иҟаломызт рышьҭахьҟа ихьаԥшыргьы.

"Чачхадыл аҽны аҩны иҟаз аԥшәмаԥҳәыс, аишәа лырхион — ачычхадылеишәа. Амала, аишәа иқәылҵоз афатәқәа рацәамызт: амгьал акаҷпеи агәылаҵаны, хызла икәаҳаны, ԥлакьла ирӡуа амажәа, аҟәыдыршьшьы, аҟәыдырԥаԥа, ахәылырҵә чаԥаны, ацхаӡҩа. Усҟан, ачачхадылеишәа адәаҿы идырхион, еиҳарак ауҭраҿы, адгьыл ақәаарыхра анцәахәԥҳәыс Џаџа лыхьӡала, уажәы аҩны идыргылоит", — ҳәа иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ Валери Бигәаа.

Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны
Адоуҳара зцу Амшаԥы

Иныҳәоз аԥҳәыс, мрагыларахь лҿы рханы, лкасы хыхны, уи длашьапкуан, лыҩнра иаҵанакуа хәыҷгьы дугьы, зегьы лылԥха рылҭаразы, аҽаҩра бзиа рылҭаразы. Иахьа, џьара-џьара ацәашьы аркны аишәа иқәдыргылоит, афҩы лаҳа-лаҳауа иқәларц азы, ажәытәан, ацәашьы ачычхадылеишәахь инаргомызт.

"Иахьа ацәашьы аркны аишәа иқәдыргылозар, гхоуп, зымдырроуп", - ҳәа ациҵеит аҵарауаҩ.

Иазгәаҭатәуп, Џаџа ачычхадылеишәаҟны лыхәҭа аныҟарҵалак ашьҭахь акәын, аԥҳәыс ауҭра дҭаланы ажәла анкылыԥсоз, еиҳарак икалыԥсоз ахәысхәажәлеи аҟабжәлеи ракәын.

Аԥсуаа рымшаԥы

Иҟоуп агәаанагара Амшаԥы ажәа иаҵанакуа — ааԥын мшы ауп ҳәа (ааԥынымш- амш+ааԥын), ааԥын иаԥну амш, еиҳаз аныҳәа аԥсуаа ҳҟны иҟаӡамызт.  Аԥсуаа  ҳамшаԥы даара ижәытәӡатәиу ныҳәоуп. Амшаԥы ҟалоит хәажәкырамза аҭәымҭа иацааиуа амҽышазы. Ус акәымкәа, хәажәкырамза ҭәаанӡа амҽыша бжьалар, амшаԥныҳәа цәаӷәарамза аҭәымҭа ашьҭахьҟа ииасуеит. Убри аҟнытә амшаԥы цәаӷәарамза ԥшьбеи лаҵарамзеи аабеи, инрыбжьыс-аарыбжьысуа ирыбжьоуп.

"Иҟалап ажәытәан абри амш аҽны акәзар ашықәс ҿыц ианаԥылозгьы. Избанзар, ҽаанбзиала анаҳҳәоз амшаԥы аҽны акәын, иахьа зехьынџьара иаҳҳәоит аха. Амшаԥы еиҳаз аныҳәа аԥсуаа ҳҟны иҟаӡамызт", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа.

Уаҵәы Мшаԥны уаха еиԥш, аԥсыуала Мшаԥхәыҷы ауха ҭаацәала, хәыҷгьы-дугьы рҽыркәабоит, ҵаҟатәи рымаҭәақәеи излаио рцәарҭамаҭәақәеи рыԥсахуеит, мыцқьа-шьацқьала амшаԥшара иацгыларц азы.

Зегьы анышьҭалалак анаҩсан, аԥшәмаԥҳәыс џьымшьцәала амшаԥкәтаӷьқәа  лшәуеит.

"Акәтаӷьҟаԥшь ҩ-ҵакык амоуп: ақьырсиантә дин ишаҳәо ала, уи аиакәым, ацәгьа-мыцәгьа аҿагылара, аиааира иасимволуп. Аԥсыуа ҵасла, ганкахьала - аҿиара, аизҳара, аиҵыҵра иатәуп, аҽаганкахьала — амраԥхара, аԥсабара агәылҵра, ашәҭра, аинҭәылара, абеиахара", — ҳәа иҳәеит аетнолог.

Амшаԥы иаԥылоит шьыжьӡа, ашара адәы ишаақәлаз еиԥш. Зегь раԥхьа дгылоит аҭаацәа реиҳабы, избанзар ахаҵа имшьҭа бзиоуп ҳәа дыԥхьӡоуп. Аԥшәма дзыхныҳәараны иҟоу амшаԥыӡыс аҭра иааҭыганы, еиҳа уаҩы иахьибарҭоу аандак ма ҵлашьапык аҿы иҿеиҳәоит, аԥҳәыс аилаџь луеит, аҭаацәа зегьы акрырфарц.

аҟаб - Sputnik Аҧсны
Ахәылчаԥа, амгьал, аҟаб: Ицқьоу аԥшьаша - Чачхадыл аԥсуаа рытрадициаҟны

"Акрымфакәа аныҳәа аԥылара ҵасым, ашықәс зегьы угәы аӡы ықәыҩруа, амла ушакуа иухугар ауеит, ҳәа иԥхьаӡоуп. Убри аҟнытә ашьыжь аԥшәмаԥҳәыс аилаџь луеит аҭаацәа зегьы акрырҿалҵоит", — ҳәа иҳәеит аетнолог.

Амшаԥыҳаԥшьа ахыртлара атрадициа

Аԥсуа амшаԥ аҽны "адгьыл ашьа аирбароуп" мшаԥыӡысыла. Амшаԥыӡыс иахныҳәо аԥшәма, уи ахныҳәара далагаанӡа, аҿи ашьапқәеи иӡәӡәоит.

"Аныҳәаҩ уи аҭаацәа реиҳабы иоуп, ашҭа агәҭа днықәгыланы, цқьа ажәҩан дахьабарҭоу имшаԥыӡыс атәыҩахәыҷ ианкны, ибжьы ҩҭыганы Хыхь иҟоу диҳәоит: "О, Анцәаду ҳазшаз, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Абас иахьа ҭаацәаныла аныҳәа ҳаԥылартә ҳҟауҵеит, иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит. Ҭаацәала ҳаибга, ҳазҩыда, иаҳфо-иаажәуа ҳаманы, еилшәара ҳамамкәа ҳҟазҵаз идуӡӡаны иҭабуп, ҽааны уажәааны абас ҳахьугӡозар, иҵегь еиӷьны ҳауԥылоит", - ҳәа иҳәоит, нас ишьтәа мрагыларахь ахы нарханы, ахәда аҳәызба наҵишьуеит", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Аӡыс ацәа аахыхны, хәҭа-хәҭала еиҿыхны, ирыцқьаны ақәаб инҭаҵаны иржәуеит. Уи анаҩсан, амшаԥыҳаԥшьа ахыртларахьы ииасуеит.

"Амшаԥыҳаԥшьа ахыртлараан, џьоукы-џьоукы аҳәса наргом, аха ажәытәан хәыҷи-дуи, аҭыԥҳацәеи, аҭацацәеи уҳәа, аҩнаҭа иаҵанакуаз зегьы аҵагылон, ахәыҷқәа раԥхьа идыргылон, избанзар дара идырҵыбаргуан ари аҩнаҭаҟны аҿиара, аизҳара шыҟоу", — азгәеиҭеит Бигәаа.

Амшаԥыҳаԥшьа ззыҵоу ианаамҭоу ҩеиқәаҵәала идырҭәуеит, ԥҟарак аҳасабала, уи быжьԥҳалк акуеит. Амшаԥыҳаԥшьа анхыртуа иара аныҳәа аҽноуп, уаанӡа алакьысра ҟалом.

"Аԥшәма аныҳәара даналаго аамҭазы, дмыццакӡакәа, дныҳәо-ныԥхьаны аҳаԥшьа хитуеит, ҵәцала аҩы ҭигоит. Аҵәца икуп иарӷьанапала, иарманапала – агыи, агәаҵәеи, ачашәи зхоу арасаҵәы. Дныҳәаны даныгьежьлак ашьҭахь аҵәца иҭоу аҩы агьама ибоит, маҷк аанижьуеит, уи адгьыл иқәиҭәоит, адгьылгьы ахәы аиҭоит", — абас еиҭеиҳәеит амшаԥыҳаԥшьа ахыртлара апроцесс аетнолог.

Аныҳәаҩ ихымҩаԥгашьеи, дара ииныҳәо рхымҩаԥгашьеи, ргылашьеи инаркны рыгьежьышьа аҟынӡа, зегьы шәоуп-изоуп, егьырҭ аныҳәарақәа раан еиԥш.

Амшаҧышәҭ - Sputnik Аҧсны
"Акәтаӷь агәы шҭәу еиԥш шәҭәааит": амшаԥышәҭи акәтаӷьи

Амшаԥы аҽны аишәаргылара

Аныҳәара анаҩсан, афатә шааҟалаз еиԥш, аԥшәмаԥҳәыс хыма-ԥсыма "аишәа лыргылоит" знырцәымҩа иқәлахьоу, аҩны иахьыԥшу зегьы рыхьӡала.

"Аишәа зыргыло аишәа иқәырҵоит амшаԥыфатәқәа зегьы, аџьмажьы ада. Кәацхкыс аишәа иқәырҵо ауасажьи ашьамаҟажьи роуп. Аҩныԥҳәыс, аҩны аԥхьатәи ахь лхы нарханы аԥсцәа дрыԥхьоит: "шәыҩнал, шәара арыцҳақәа, акы шәацәымшәакәа шәыҩнал, шәнапқәа ӡәӡәаны шәтәа, иҳалшоз ала шәхәы  ҳархиеит, шәгәы иахьынӡаҭаху, шәмыццакыкәа, акрышәфа, акрышәжәы". Аԥшәмаԥҳәыс "аԥсцәа рнапы длырӡәӡәоит, ампахьшьы рылҭоит", нас акрыфара "илыртәоит". "Иантәалак ашьҭахь, рыхәқәа даарыханы, ирманшәаланы, фатәыс иқәу зегьы ҿаҵақәак-ҿаҵақәак нарымхны ассан ианылҵоит, амшаԥыкәтаӷьқәагьы акакала еинҟьаны, иԥыҽҽны ирымҵалҵоит, аӡи аҩи рызҭалҭәоит. Аԥшәмацәа аҵәцақәа ирҭаҭәоу аҩы ҿамҩак–ҿамҩак ахыржәаауеит, иаанхаз карҭәоит. Акрырфазар ирфеит аныргәахәуа аамҭазы аишәа дырҵысуеит. Уаанӡа асаанқәа ирнырҵахьаз аҿаҵақәа ааҵрахь идыршәуеит, аԥсхьыԥшцәа рзы", — ҳәа аишәа аргылашьа шыҟоу иҳәеит Бигәаа.

"Аишәа анышьҭырхлак" ашьҭахь аҭаацәа аныҳәеишәа иахатәоит.

Амшаԥымшқәа рхыркәшара

Амшаԥымшқәа рцикл хзыркәшо акы акәны иҟоуп Амшаԥы ашәны иааиуа Аҳәса рымшаԥ.

"Аҳәса рымшаԥ ажәлар рынхамҩа агәашә аазыртуаз ныҳәан, анхара-анҵыра рҽазыҟарҵон. Уи аҽынгьы амшаԥыкәтаӷьқәа ршәуеит, аишәа дырхиоит, ихамырҟьацәакәа", —азгәеиҭеит иара.

Ажәакала, амшаԥы аԥсуаа имҩаԥыргоижьҭеи даара акыр шықәса ҵуеит, уи ажәытәра иагәылоуп. Иахьа, амшаԥныҳәа азгәаҭара аамҭа иаланагалеит аҿыцрақәа, аха ашьагәыҭ шыҟац иҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0