Аџьамыӷәа рыхганы: Нуца Аҩӡԥҳа лабдуи иашьцәеи амҳаџьырраҟынтәи ишыхынҳәыз

© Foto / предоставила Сырма АшубаНуца Џьыгә-иҧҳа Аҩӡба
Нуца Џьыгә-иҧҳа Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра иагаз, аха Ҭырқəтəылантəи зыԥсадгьыл ахь ихынҳəыз аишьцəа Аҩӡаа рҭоурых ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иҟамзар ҟалап аԥсыуа ҭаацəарак амҳаџьырра зкьымсыз. Иҟоуп аџьамыӷəа цəгьа зыхганы зыԥсадгьыл ахь ихынҳəқəаз ҳхылҵшьҭрақəа, иҟоуп зыԥсы Амшын еиқəа изызхымгаз, ианыӡхыҵгьы зыԥсҭазаара иалҵқəаз. Иџьашьатəызаргьы, атəым жəҩан аҵаҟа ахеиқəырхара зылшазгьы маҷҩым. Иахьа, Аԥсны иуԥылоит "сабдуцəа Ҭырқəтəылантə ахынҳəра рылшеит" зҳəақəо. Убарҭ дыруаӡəкуп лабдуцəа рҭоурых ашьҭа ихыланы иҳаилзыркааз, аԥсҭазаара ганрацəала иазнеиуа, зыхшыҩ ҵаулоу, аԥсуара даара пату ззақəу, уи ала иааӡоу Нуца Џьыгə-иԥҳа Аҩӡба.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

"Амҳаџьырра аамҭазы атəым тəылаҟа ихырҵəан сабду иани иаби. Сабду (саб иаб) Кадыр ихьӡын, саб Џьыгə ихьӡын. Сабду хҩык аишьцəа иман, иара дыԥшьҩыкын. Изларҳəо ала, аишьцəа зегьы сара сабду дреиҳабын. Аиҵбӡа Ҭемыр ихьӡын, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьраҿы ԥшьҩык аҷкəынцəа зыцəҭахаз Ҭамара Аҩӡба-Езыгəбаиа лабду иакəын. Сабду иан Ҩарданԥҳан, лыхьӡ сыздыруам, аха саб излаиҳəоз ала, Гəдоуҭа араион датəын, ладатəын. Ани аби рыԥсҭазаара ианалҵ, рыхшара уа издыруадаз, издызкылодаз, сабду иашьцəа еиҵбацəа аашьҭихын, Аԥсныҟа амҩа дықəлеит", - ҳəа азгəалҭоит Нуца Аҩӡԥҳа.

Амлакреи, ахьҭакреи, аиаҭымреи дыриааир акəын зашьцəа хəыҷқəа зманы зыԥсадгьыл ахь амҩа ианылаз Кадыр Аҩӡба. Аиҵбӡа Ҭемыр усҟан быжьшықəса ракəын ихыҵуаз. Ухаҿы иузаагарым усҟан аишьцəа Аҩӡаа иаадырԥшыз агəаӷьреи ачҳареи.

"Ирулак аӡы ихыҵны Баҭымнӡа иааит. Баҭым иаанымкылаӡакəа Аԥсныҟа идəықəлеит. Сабду усҟан 15-ҟа шықəса ракəын ихыҵуаз. Амҩа агəаҿы инхеит, арахь дахьцо-дахьаауа издыруамызт сабду, дхəыҷымзи. Заҟа аамҭа амҩа иқəхаз здырхуада, ишаазгьы шьапыла мацароуп. Абас, ирулак сабду иашьцəеи иареи Аԥснынӡа иааӡеит. Мықə ақыҭаҟынтə ауп дара амҳаџьырра ишақəшəаз, ишыхҵəаз. Иаб дахьықəҵыз ақыҭа идыруан Кадыр, рынхарҭа аҭыԥ ԥшааны даннеи, уа даҽаӡə дынхахьан", - лҳəоит Нуца Аҩӡԥҳа.

Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт

Кадыр Аҩӡба иабацəа рқыҭа гəакьаҿы дынхартə еиԥш аҭагылазаашьа имоуит, инеины инхахьаз анхарҭа иимҭеит. Даагəаан, иашьцəа аашьҭихын, Мықə уаҳа даҽа дгьылк аҟны днымхаӡакəа, Аҩӡаа ахьынхо збозар ҳəа ддəықəлеит.

"Абырзенқəа ахьынхоз ҭыԥк аҿы даанагеит, Аҟəа, Ҷанба ихьӡ зху амҩаду ахь унеиаанӡа арыӷьарахь уахьыбжьало аҭыԥ аҿы акəын излаздыруа зыӡбахə сымоу амилаҭ ахьынхоз. Амҩадуқəа усҟан ас еиԥш икаххаа иауҟахыз, абнара илсны џьара мҩахəасҭак ахьырбоз икылсуазар акəхарын. Уа иахьнеиз шаҟа инхаз еилкаам, абызшəа рыздыруамызт, абырзенқəа дара рбызшəала ицəажəозар акəхарын. Сабду ҩаԥхьа иҿааихан, амҩаду даныланы дшааиуаз уажәы Ацҳа ҟаԥшь иахьаҵанакуа аҭыԥ аҿы ҽыуаҩ хаҵак дибеит. Диазҵааит: "Аҩӡбак ааигəаны џьаракыр дынхозар?" - ҳəа. Гəымсҭа ацҳа уахьныруа Ешыра ақыҭан Аҩӡаа шыҟаз иеиҳəеит", - акыр аинтерес зҵаз аҭоурых еиҭалҳəон Нуца Џьыгə-иԥҳа.

Арҭ ахҭысқəа зегьы Нуца Аҩӡԥҳа лаб иҟынтə ауп ишлаҳахьаз. Лгəы иалоуп иҵегьы инҭырҳəыцааны дзызҵаақəашаз лаб иидыруаз ажəабжьқəа шыҟаз. Аха, егьа аамҭа царгьы аиаша шыбжьамӡуа агəра лгоит.

Аидын Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Аидын Аҩӡба: аԥсуа дахьыҟазаалакгьы Аԥсноуп дахьанаало

"Кадыр егьа џьамыӷəа ихигазаргьы, Ешыра дааит, Аҩӡаа иԥшааит, драцəажəеит, анаҩс иашьцəагьы ааигеит. Убас, Уазабаа иҵəҩаншьап икит, ҳабду уа аҩны иргылеит. Уазабаа инхозгьы ҭыԥҳак дигеит, Хəарцкьиаԥҳан лара. Ҭемыр захьӡыз Алада Ешыраҟа нхара дцеит, хҩык аԥҳацəеи, хҩык аԥацəеи иман, аӡəы аҭаацəара даламлаӡакəа дшыҷкəыназ дыԥсит, егьи аԥҳацəа иман, иԥшəма илыжəлаз сыздыруам", - дцəажəон Нуца Аҩӡԥҳа.

Акыр ауадаҩра баны зыԥсадгьыл зшьапы ықəзыргылаз аишьцəа Аҩӡаа рхылҵ-рԥылҵ ҟалеит. Нуца Аҩӡԥҳа лабду ԥшьҩык аԥацəа ихылҵит: Қəҭиа, Қықма, Ардашь, Џьыгə. Лаб иакəзар, хҩык ахшара драбын, ҩыџьа аԥацəеи ԥҳаки.

"Исгəалашəоит аибашьра аԥхьа Ҭырқəтəылантəи дааит Аҩӡбак. Сара аҩнра сцахьан, дысзымбаӡеит. Абиԥарала ҳара Ҩаԥшьиԥацəа ҳархылҵшьҭроуп, Ҭырқəтəылантəи иааз ҳашьагьы Ҩаԥшьиԥацəа дреиуан, ҳагьиԥшааит. Саб дыԥсхьан, саб иашьа иҿы сашьа ацə наганы ишьны, ҳаиашьара зегьы еизганы аныҳəа изыҟарҵеит", - лҳəеит Нуца Аҩӡԥҳа.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

Ҭырқəтəыла здунеи зыԥсахыз Нуца ландуи лабдуи рыԥсыбаҩ анышə иахьамадоу аҭыԥ еилкааны ирыздыруам, иахьықəнагалазгьы убас.

Аҳəаанырцə инхо, иара убас зыԥсадгьыл ахь ихынҳəқəаз ҳџьынџьуаа рлахьынҵа Нуца Џьыгə-иԥҳа еснагь дазҿлымҳауп. Лгəы иазҳауеит Аԥсныҟа нхара аӡə дааит ҳəа анлаҳауа.

Нуца Аҩӡԥҳа Қаџьаиаа дырҭацоуп. Лԥа Алиаси лҭаца Ҵəыџьԥҳа Асҭандеи ҩыџьа ахшара рымоуп. Анду илҭахуп изызҳауа лмаҭацəа лабдуцəа ирхыргаз аҭоурых рдыруазарц, уи абиԥарала имырӡӡакəа иааргаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0