Ҳилиа Маршьанԥҳа: аԥсадгьыл ҳара ҳзы ԥсҭазаароуп

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаҲилиа Маршьанԥҳа
Ҳилиа Маршьанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтəылантəи ҭаацəала зҭоурыхтə ԥсадгьылахь нхара ҳəа иааз ҳџьынџьуаҩ Ҳилиа Маршьанҧҳа лҭаацәа рџьынџьдгьыл аҟны рхы шырбо, рыбзазара шымҩасуа атəы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Арҭ амшқəа рзы сныҟəарақəа ирыцҵан аҳəаанырцəынтəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл аҿы инхақəо ҳџьынџьуаа рахь. Сыҟан Гəылрыԥшь араион Агəыӡера аҳабла. Аҽны даара ишоуран, адəахьы уаҩ дубомызт, аамҭалагьы шьыбжьон иақəшəеит уахь сцара. Иҟан аҭаацəарақəа сызқəымшəацыз, урҭи сареи ҳаибабара шалыршахоз дырны, Багаҭелиа имҩаду иаԥну аҩнеихагыла сныҩналеит.

Аусура иҟақəаз рацəаҩын, иҟоуп сзықəшəақəазгьы. Убарҭ ируаӡəкуп Ҳилиа Маршьанԥҳа лыԥшəмеи лареи. Рыҩны ааигəара иҟаз дəқьанк аҟынтə ихəаахəҭны ишаауаз амҩан ҳаиқəшəеит. Аԥҳəыс ҟəымшəышə лхы-лҿы касышла иҭаҳəҳəаны, лыблақəа иаразнак гəкырак шырхыз убарҭан. Снарыдгылан аԥсшəа нарасҳəеит, сагьразҵааит шəаԥсацəоума ҳəа.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаҲилиа Маршьанԥҳа, лыԥшәа Наџьмеддин Башьқəыр, Сырма Ашәԥҳа
Ҳилиа Маршьанԥҳа: аԥсадгьыл ҳара ҳзы ԥсҭазаароуп - Sputnik Аҧсны
Ҳилиа Маршьанԥҳа, лыԥшәа Наџьмеддин Башьқəыр, Сырма Ашәԥҳа

"Ааи, сара саԥсыуоуп, сыԥшəма дҟабардоуп, ара ҳанхоижьҭеи уажəшьҭа шықəсқəак ҵуеит", - лҳəеит Ҳилиа Маршьанԥҳа. Саргьы снеира хықəкыс иамаз неиҭасҳəеит, аҩныҟагьы снарымгар рымуит.

Ашəхымс саахысны аҩны санааҩнала, сахьынаԥшааԥшра сзымдыруа зегьынџьара жəытə маҭəахəыла ирхиан, аԥсуа цəа рыҟəнын, убас еиԥш ирацəан иқəҵаны иҟаз аҩны зырԥшӡоз анапкымҭақəа.

Аԥшəмаԥҳəыс иаразнак афатəҟаҵарҭахь дныҩналан али-ԥси рыбжьара аишəа лырхиеит, лчыс хаа агьама мбакəа аиҿцəажəара дақəшаҳаҭымхеит, хымԥада уи саргьы пату нақəҵаны лчеиџьыка нап асыркит.

Џьолан Маршьан - Sputnik Аҧсны
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

Саԥхьа дтəан аԥҳəыс аамысҭашəа, зхымҩаԥгара акыр ухнахуаз, заԥсшəа ԥшӡаз, зҿабызшəа хааз Ҳилиа Маршьанԥҳа. Излеилкаахаз ала, Ҳилиа Маршьанԥҳа, акыршықəса раԥхьа Шьамтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара иааз, ара аҭаацəара аԥызҵаз, зыхшареи змоҭеи ирызҳауа Аҳмаҭ Маршьан иаҳəшьа гəакьа лакəзаап. Аҳмаҭ Маршьан даара ибзианы издыруа, ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус аҿы акырӡа аџьабаа збахьоу, зыуаажəлари зыԥсадгьыли рҿы пату ду зқəу уаҩуп. Исаҳаз ажəабжь еиҳагьы сеигəырӷьеит, уи иахылҿиааз ҳаицəажəара амҽхак еиҳагьы аҽарҭбааит.

"Ҳара раԥхьа ҭаацəала ҳанхон Кунеитра, аха Шьамтəылеи Израили рыбжьара иҟалаз аидыслара иахҟьаны 1967 шықəса рзы Дамаскҟа ҳалбааит, ақалақь азааигəара иҟаз адыга қыҭа Мерџьсулҭан анхара ҳалагеит, аԥсуааи адыгақəеи зегьы ҳаиланхон, патуеиқəҵарала ҳаизнеиуан. Саб иқыҭа Мумсиа ахьӡын, еиҳарак инхоз аԥсуаа ракəын, қыҭа дуун", - лҳəеит Ҳилиа Маршьанԥҳа.

Диаб Чаҭау - Sputnik Аҧсны
Диаб Чаҭау: Шьамтәылантәи ҳҵәыуо ҳдәықәлазаргьы, Аԥсны ҳахьааиз убриаҟара ҳгәырӷьоит

Ҳилиа Маршьанԥҳа гəыблыла илгəалалыршəон ландуцəа, лабдуцəа рыӡбахə. "Ах, санду илыласҵоз уаҩ дсымамызт", - лҳəон ҳаиҿцəажəараҿы лассы-лассы. Ирацəоуп ланду илҿылҵааз, иахьагьы иныҟəылго аԥсуара. Аха лгəы иаланы илҳəоит лабдуцəа рышьҭра иазку аҭоурых нхарҭəааны иахьылзымдыруа.

"Усҟан урҭқəа ирылацəажəомызт, ирылацəажəозаргьы, ҳара ҳхəыҷқəан, иаҵанакуа ҳзеилкаауам ҳəа еиҭарымҳəозар акəхарын. Сара сан Фақриа Уаџьыхə дедыгь ҭыԥҳан, аха ҭацас Маршьанаа данрыланагала, аԥсышəала аҷҷаҳəа дцəажəо далагеит. Саб Рамазан аԥсшəа идыруан усгьы, избанзар еицəажəагас аҩны ирымаз иара акəын. Санду лаԥсшəа акəзар, акы иалаҩашьахуа иҟазма?!" - дҳацəажəон Ҳилиа Маршьанԥҳа.

Ҳилиа Маршьанԥҳа лаҳəшьеиҳабы Нальчик дынхоит, дҭаацəароуп, лашьеиҵбы, ишазгəаҳҭаз еиԥш, Аԥсны дынхоижьҭеи акрааҵуеит, Шьамтəыла инхоз егьи лашьеиҳабы иԥсҭазаара далҵхьеит, хаҭала дыздыруан иара. Шьамтəыла саныҟаз ҳамҭас исиҭаз агəил ҟаԥшьқəа зныз акасы иахьагьы гəаларшəагас исымоуп. Хҭыск шаҟа хҭыс арҿиар алшозеи, шаҟа гəалашəарахкы рыла еибаркузеи ари аԥсҭазаара?!

Шинаси Трапш - Sputnik Аҧсны
Шьинаси Ҭраԥшь: Аԥсныҟа сызгоз адәыӷба ццакуазшәа, сгәазхара исызбомызт

"Сара ԥшьҩык аԥацəеи ҩыџьа аԥҳацəеи сыман. Ҩышықəса раԥхьа сыԥҳа лчымазара иахҟьаны лдунеи лыԥсахгəышьеит. Егьи сыԥҳа дҭаацəароуп, Шьамтəыла дыҟоуп. Сԥацəа ҩыџьа Нальчик инхоит, ҩыџьа Аԥсны. Ааигəа Нальчик иҟоу сԥа аҭаацəара далалеит, сҭаца макьана дсымбаӡац, ҭелла ауп ҳшеигəныҩуа. Ара инхо сԥеиҳаб аус иуеит, аиҵбы аррамаҵзура дахысуеит Очамчыра, аԥсшəа даара ибзианы иҳəоит. "Сара дҟабардоуп, аха аԥсышəала сцəажəоит", - иҳəоит аӡə даниазҵаалак аԥсшəа ахьидыруа дазгəыдууны", - абас гəыблыла дҳацəажəон аԥҳəыс-аҳкəажə.

Ҳилиа Маршьанԥҳа излалҳəо ала, Шьамтəыла излаԥшыз аибашьра ус аиҭаҳəара мариам. Аиаша шəасҳəап, лазҵаарагьы сцəыуадаҩын. Аибашьра иалҵны зыԥсадгьыл ахь иааз аԥҳəыс излалҳəо ала, Аԥсны еснагь рхы-ргəы иҭан, ианыцəазгьы рыԥхыӡ иалан. Акызаҵəык, ихьысҳаны иҟаз, аимадара акəын, арантə ираҳауаз ахабарқəа маҷын.

"Сара сыуаажəлар Аԥсны аибашьра шəхыжəымгахьеи, адунеи ахьынӡанаӡааӡо уаҳа хысбыжьк мгааит убри аганахьала. Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага, ҳара Саудтəи Аравиа ҳаҟан, сыԥшəма уа аус иуан. Радио бзиак аахəан иааигеит, уахи-ҽни убри ҳадтəалан, Аԥсны имҩасуаз ахҭысқəа арадиодырраҭарақəа рыла еилаҳкаауан. Аԥсны Аиааира агеит ҳəа анҳаҳа Дамаск ҳаҟан, ҳгəырӷьара ус ажəала иузеиҭаҳəо иҟоума?!" - дҳацəажəон Ҳилиа Маршьанԥҳа.

Ҳилиа Маршьанԥҳа лҭаацəеи лареи Аԥсныҟа нхара ҳəа иааит 2013 шықəса рзы. Усҟан Шьамтəылантəи еицны иааз ҳџьынџьуаа маҷҩымызт, иҟоуп иахьагьы ҩнык аҟны еицынхақəо, еигəылацəоуп. Ҳилиа Маршьанԥҳа лыҧшəма дҟабардоуп, Наџьмеддин Башьқəыр ихьӡуп, аҩнра ҳəа аҟабарда ҭаацəара данрыланагыла Ҳилиа, рыԥҳак леиԥш дрыдыркылеит. Ланхəеи лабхəеи ҳаҭырла дырзыҟан, мызқəак лабхəа диацəажəомызт, аха нас аишəачара ҟаҵаны, аԥара-шьара лыҭаны дирцəажəеит, рҵас излаҳəоз ала.

Ҭамер Ешба - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом

Ҳилиа Маршьанԥҳа занааҭла дырҵаҩуп, акыр шықəса инеиԥынкыланы аиҵбыратəи аклаасқəа рҟны рҵаҩыс аус луан Шьамтəыла данынхоз. Илҭахуп ахəыҷқəа ргəы бзиа, рхы бзиа, ҵарадыррала еиқəшəаны, аԥсыуа ҵасла еизҳарц. "Аԥсадгьыл ҳара ҳзы ҧсҭазаароуп, иацҵаны исҳəозеи?" - лҳəеит Ҳилиа Маршьанԥҳа, лџьынџьдгьыл аҵакы дазааҭгылаауа.

Ҳили Маршьанԥҳа ланду (лаб иан) аҟазаратə баҩхатəра лылан. Жəытəаахыс аԥҳəыс лхаҭара ҳаразкуаз еиуеиԥшым анапкымҭақəа ҟалҵон, дхахон, дысуан, дԥон, дӡахуан. Лмаҭа хəыҷы длывагьежьуа дахьлыцыз иллырҵаз рацəоуп.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаҲилиа Маршьанԥҳа лнапкымҭақәа
Ҳилиа Маршьанԥҳа: аԥсадгьыл ҳара ҳзы ԥсҭазаароуп - Sputnik Аҧсны
Ҳилиа Маршьанԥҳа лнапкымҭақәа

Ҳилиа Маршьанԥҳа ицəырганы иаҳлырбеит лнапы иҵылхыз аусумҭақəа, иара убас Шьамтəылантəи иаалгақəазгьы. Уахьынаԥшы-ааԥшуа лыҩнымаҭəа урҭ рыла ирхиоуп, аԥардақəа, аишəа ақəыршəқəа, аҟəардə ақəыршəқəа, иҩычаны иҟаҵоу ашəҭқəа рҭаргыларҭақəа уҳəа. Ашəҭкакаҷқəа рыла иқəҵаз иԥаны иҟаз шəыра ԥшӡакгьы даласгəалашəаларц сцамҭаз ҳамҭас инаслыркит. Хымԥада, уи сара сгəаҵаҿы иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит уажəшьҭарнахыс.

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаҲилиа Маршьанԥҳа лнапкымҭақәа
Ҳилиа Маршьанԥҳа: аԥсадгьыл ҳара ҳзы ԥсҭазаароуп - Sputnik Аҧсны
Ҳилиа Маршьанԥҳа лнапкымҭақәа

Анҵамҭак аҳəаақəа ирҭагӡаны исцəыуадаҩуп аԥҳəыс аамсҭашəа илықəнагоу ахҳəаа аҟаҵара. Аԥсҭазаара акыр дкыднаҟьазаргьы, ҩнуҵҟала хьаала деибаркызаргьы, лхаҿсахьа ианлырԥшуамызт, лыблақəа еихаччо дысԥылеит, анык лаҳасабала аԥхарра сыдҵаны слыдылкылеит, убас еиԥш сныҳəаныԥхьангьы снаскьалгеит. "Хаҩнашəқəа еснагь иаартуп, баҳҭаала!" - уажəыгь сгəы иқəыҩуеит зыбзиабарала схызхыз Ҳилиа Маршьанԥҳа лыбжьы хаа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0