Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазская свадьба
Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭоу ашықәсазы адунеи зегьы иахыҵәаз акоронавирустә чымазара ҿкы аԥсуаа ҳабзазареи ҳатрадициақәеи ишырныԥшыз дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ацәгьеи абзиеи, ма ачымазара ҿки уи иҟанаҵо анырреи

Уаанӡа аибашьра ҟалаанӡеи иахьатәи аамҭеи шаҳҳәоз, уажәы Ковид-19 цәырҵаанӡа иҟаз-ианыз ҳәа ацәажәара ҳалагеит. Ҳгәаҳҽанӡамкәа ҳаԥсҭазаара иалалаз агәыргьынчмазара шьаҭанкыла ҳсоциалтә-культуратә ԥсҭазаара ахаҿра аԥсахуама уҳәо аҟынӡа инеит. Аԥсуаа ҳацәгьеи ҳабзиеи иааннакыло аҭыԥ акыр иӷәӷәоуп, ианахҳарҟьо шырацәоугьы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ачымазара ҿкы аҽарӷәӷәеит, аԥсыҭбарақәагьы ҟалеит.

Абхазская свадьба - Sputnik Аҧсны
Ауаҩага ихьымӡӷ дууп, мамзаргьы "агәыргьынчмазареи" аԥсуа ҵасқәеи

Иахьатәи аамҭазы иҳалаҳәоуп дырҩагьых акарантинтә ԥҟарақәа рыхәҭак шыргьежьу. Жьҭаара 5 инаркны, ауаа рацәа злахәу ачарақәа, аиныхрақәа, аԥсхәрақәа уҳәа рыркьаҿреи уимоу раанкылареи азгәаҭоуп. Ковид-19 цәырҵаанӡа аԥсуаа ҳчараушьа саназхәыцуа, абас акы шаҳԥеиԥшыз ҩашьомызт сгәахәуеит. Иубаратәы иҟан ахарџь рацәа зыхҭынҵаз аҵаул чарақәа аԥшьганы ишҳамаз.

Аиашазы, урҭ ачарақәа ауаажәлар рматериалтә ган иазышьҭымхуа иҟан. Иҟасҵаз аҭҵаарақәа рыла, ачара аураҿы ахарџь зго еиҳаракгьы, аҭаца лҭыԥ архиара, амузыкатцәа рааԥхьара, аҭаца лыҵкы, насгьы уи дахьыкҿадыргыло иахҭнырҵоз зекономика хьысҳау атәылазы акыр иџьашьахәуп. Избан изыруаз ачара дуқәа? Избанзар, ачара хәыҷы аҿы хыхь еиқәсыԥхьаӡаз ирыхҭнуҵо мацара азыхҩа-иазхымҩа ахаршә инарго. Ачара афеида амазарц, мамзаргьы ауал рықәымшәарц азы, инеиҵыхны иҟарҵоит, ауаа рацәа неир инанагогьы еиҳахоит азыҳәан. Ҳара ҳчарақәа урыхәаԥшыр, иҭышәынтәалоу Европатәи аҳәынҭқаррақәа рҿы рхы иақәнадмырго аныхтә наҳхуеит, нас аԥсшәа заҳҳәо зегь инараҳәаны уалда ҳаилгарц азы. Уажә аабыкьа издыруаз хаҵак ааԥхьаратә билеҭ изааит. Даԥхьеит, деиҭаԥхьеит, аха ачара иазҳәаз азусҭцәаз изеилымкааит. Абри зегь иаанарԥшуеит, ҳарҭ ҳхыза заҟароу ҳзымдыркәа ҳшьапы шеиҵаҳхуа. Ауаа рацәа адгаланы, ачара ду уны, ахаршә иаарго ҳақәгәыӷны аплан шьҭаҳхуеит.

Коӷониаа аижәлантәқәа рнышәынҭра. Иуа Коӷониа иҳаҭгәын - Sputnik Аҧсны
Зыхә ҳараку ақәацәыркца ҳаҭгәынқәа, мамзаргьы аԥсра шҽырбагахаз

Ачымазара анцәырҵ, акарантин џьбара анҳалаҳәаз иаанкылан ачарақәа, зматериалтә бзазара хьысҳаз ауаагьы, "оф, гәышьа" рҳәеит. Иаҳбо ҳалагеит, аҭаца даазго иаармаҷны, ҭаацәашәала ачара маҷқәа руа ишалагаз. Ачымазара шыҟоугьы, аԥсҭазаара аангылом, арԥарцәа аҭаацәара иалалароуп, аҭыԥҳацәагьы рразҟы рбароуп, убри аҟынтә, аҵаул чарақәа ракәымкәа, ахашәала ҳазымхәыцкәа, илахҿыхны, агьама аҭаны, амала ирмаҷны амҩа азылаҳхыр аринахысгьы ҳарманшәалоит.

Иахьа уажәраанӡа, агәыргьынчмазра агәра зымгоз рацәаҩызаргьы, аԥсыҭбрақәа ҟало ианалага, насгьы, ачымазцәа рхыԥхьаӡара ианацла, амилаҭтә традициақәагьы аҽыԥсахрақәа шроуз убо иҟалеит.

Аабыкьа акыр исзааигәаз сгәакьацәа рашҭаҿы аԥсра ҟалеит. Абжьааԥны еиԥш акәымкәа, аԥсы анышә дамардеит адырҩаҽны, уаанӡа акәзар, ԥшьымш, хәымш иргон, насгьы аԥсы дыкҿанаҵы акрыфара аԥшьыргон. Абри зегьы аԥшәма изы имариам усуп аматериалтә ган ала ҳазнеиуазар. Аԥсыжраҽны аҵәуарахь инеизгьы игәыцхәцәази ааигәа инхо агәылацәеи ракәын. Раԥхьаӡа акәны, ачымазара ҿиеижьҭеи игәасҭеит, асабрадақәеи, анапҭарԥақәеи ныҟәызгоз шырацәаҩыз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан анхаҩцәагьы.

Ажәакала, асабраданыҟәгара ҳаԥсыжраҿы уаҩы иџьеимшьо иааҟалеит. Абарҭқәа рыдагьы, иааигәаны аидгылара мап ацәыркуа иашалагаз убон. Аидышшыларагьы анкьеиԥш акәымкәа, ҳәсагьы хацәагьы рхы аарҵысны инеивысуан. Аԥсы данырж ашьҭахь, ахҭәаларахь ицазгьы рацәаҩым, ауаа рӷьырак рмашьынақәа инарықәтәаны ирласны ицеит.

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Ишахәҭаз еиԥш, аԥсы дызҵәыуарҭаз роуп сҳәар ауеит аҽны уа избоз. Абарҭқәа зегьы иаадырԥшуеит, Ковид-19 иаԥсахыр шалшо ҳкультураҿы имыцхәны иаланагалаз ахырҟьарақәа. Акырынтә иазгәаҳҭахьеит, ишакәым аԥара шнаҳхуа, ҳацәгьеи ҳабзиеи аҳаҭыраз, убри аан, иаҳцәыуадаҩуп ауаҩы абжьааԥны уадаҩрак, ма ачымазара анимоу ацхыраара иҭара, мамзрагьы "ушԥаҟоу" ҳәа анкьеиԥш аҩныҟа изенира.

Иахьа иҳалалаз ачымазара алеишәа цәгьоуп, ауаа рацәа реизара бзиа иабом, убри аҟынтә, ҳҽаҳаршьцылар бзиан, амаҷ ҳаҽҭагӡаны, ацәгьеи абзиеи ишақәнаго амҩаԥгара. Иаҳҭахы, иаҳҭахым ачымазара ҿкы иаԥсахит ҳабзазашьа, уаанӡа аԥсуа хацәа ианеибабоз аҵәахҳәа игәыдеибакылозҭгьы, уажәы уигьы иаҟәыҵуа иалагеит. Абригьы ҳара иҳацәтәымыз традициан. Ауа, иуа, кьантыжә маҟа ҳәа, зынӡа иаҳгәакьамыз рыцәгьеи рыбзиеи ҳҽалаҳажьуазҭгьы, ачымазара аныҿиа уигьы ҳармаҷит, иахьа аԥсрахьы ҩынтә акәым, знык анеира згәаӷьуа рацәаҩым.

Абарҭқәа зхысҳәаауа, издыруада абри иҳалагьежьуа ачымазара ҳхы ҳнардырырц аҭахызар? Машәыршәа акыр ҟалома аԥсҭазаараҿы? Иҳамаз атрадициа бзиақәа нкажьны, иҳацәтәымыз шьҭԥаа иҳаманы ҳдәықәлеит. Ковид-19 убарҭ зегь рыҭра иҭанацалар алшоит, аҽырцәгьаны излаҳалагьежьуа ала.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0