Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа Владимир Ахиба
Владимир Ахиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит ажьырныҳәа 23 рзы, иара игәалашәара иазкуп апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа иазирхиаз иахьатәи ианҵамҭа.

Ҳаԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу апоетцәа жәаҩык рыӡбахә уҳәозар, урҭ рхыԥхьаӡараҿ Владимир Ахьиба далоуҵоума ҳәа усазҵаар, сара хымԥада уи иӡбахә сҳәоит сизгәыдуны! Владимир, ԥсабарала ипоетҵәҟьаз, зхы-зыԥсы зегьы поезиала иҭәыз, уи зҽазҭоз, иара мацара ԥсҭазаарас измаз поетҵәҟьан. Уи дахьцалакгьы ицын ипоезиа, иара ала иԥсы ҭан, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа апоезиа мацара акәын дзызхәыцуаз, ԥсыс ихаз.

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааВладимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит

Апоет гәлымҵәах Иуа Коӷониа изикыз ажәеинраала "Уашәақәа" иара ихаҭа иахь иурхаргьы, хымԥада инаалоит:

Адгьылқәа ирықәҩны,

Ааԥынқәа ирылҩны,

Афырхаҵара иахҩны,

Ишьҭыҵуеит уашәақәа…

Ашәҭышқәа иргәылшәаны,

Ашьхақәа иргәылԥханы,

Ашьанҵа иаҿҩны,

Икаҩуеит уажәақәа…

Диит иара 1938 шықәсазы Гәдауҭа араион Жәандәрыԥшь ақыҭан. Иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәсазы. Иқыҭаҿы аакласск дрылгеит, Мгәыӡырхәа шықәсык аҵара иҵон. 1956 шықәсазы диасуеит Аҟәаҟа, дҭалоит Қырҭтәылатәи ақыҭанхамҩатә техникум. Абраҟа ҩышықәса аҵара иҵон, нас атехникум Аҽгәараҟа ианиарга, 1961 шықәсазы, уаҟа аҵара хиркәшеит. Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1960 шықәсазы. Убри аахыс Владимир Ахьиба иҭижьит апоезиатә шәыҟәқәа жәба. Урҭ иреиуоуп: "Еихызгоит сшьаҿа", "Адац", "Исԥыло, сызԥыло", "Ааԥын сызҭаз", "Абри сыдгьылаҿ", "Адгьыл ахьаа", "Амцеи аеҵәеи", "Сышьхақәа раамҭа", "Иалкаау".

Рауль Лашәриа, иҩызцәа-ашәҟәыҩҩцәа Анатоли Лагәлаа, Витали Амаршьан, Инна Ҳашԥҳа, Енвер Ажьиба, Никәала Кәыҵниа, уб.егь. - Sputnik Аҧсны
Зыеҵәахә камшәо апоет: Рауль Лашәриа игәалашәара иазкны

Владимир аԥсабара даара дазааигәан, уи Аҟәа даналахалак, ахәаҽра далагон, мчыбжьык знык иадамхаргьы ма иқыҭахь, ма иҩызцәа рқыҭақәак рахь џьара дцар акәын, иԥсы еиҩигар акәын, аҳауа цқьа лбааидар акәын. Уи иҩыза гәакьа Рауль Лашәриа апоет иалкаау ишәҟәаҿы инеиҵыху, даара гәыкала иҩу иаԥхьажәаҿы инаимҩатәны иазгәеиҭоит:

"Владимир Ахьиба, еихша-еиҵша иҟоу абри Аҟәа ақалақь аҿы, иарбан кәакьзаалак иажәеинраалақәа дахьрыԥхьоз, ибызшәа заҳауазгьы, измаҳауазгьы, деицеиҟраны дрыдыркылон, зны-зынла маҷк дшахнаԥаауазгьы, неиҩмсрыда игәра ргон, жәа-наак аӡәгьы иҿыҵшәомызт. Алацәажәара аҭахны исыԥхьаӡом уи Жәандәрыԥшь, ма Мгәыӡырхәа, мамзаргьы Ҷлоу шаҟа еигәырӷьаны иԥылоз атәы. Иџьоушьаша, Владимир Ахьиба поет трибунк иаҳасабала, сыхьӡ рыласырҵәап, схы ӡырызгап ҳәа зынӡакгьы ихы иҭамшәацызт, дагьашьҭамызт. Уи аԥсабара иахшаз, аԥсабара ахаҭа еиԥш згәы аартыз ажәа сахьарк арҿиаҩы иакәын. Ицәаҳәақәа зныз ақьаад бӷьыцқәа реиқәырҷабреи рылаҽырбареи раха имамызт. Игәҭыхақәа, ихьаа-уазырқәа зниҵоз, иқьаад бӷьыцқәа шаҟа иџьыба иҭышәшәаны ицәыӡыз анцәа иоуп издыруа. Иаҳзынижьыз илитературатә ҩымҭақәа иара изхоит, ихьӡ ҳпоезиа абзиабаҩцәа рыҩнуҵҟа наунагӡа иаанхоит".

"-Аҩсҭаагьы дыҟоуп, уи духьӡоит,-иҳәеит,

Ҩысҭаас иҟоу- уи дуаҩуп,-иҳәеит.

Амаалықь дыҟоуп, уи уибашт,-иҳәеит,

Маалықьс иҟоугьы, дуаҩуп,- иҳәеит.

… Адунеи зегь дад, уаароуп,- иҳәеит,

Адунеиаҿ иҟоу, дад, ҿароуп,-иҳәеит.

Уахьынӡаҟоу дад, қәԥароуп,-иҳәеит,

Уанаҵахагьы дад, цәгьароуп,-иҳәеит.

Ара зцыԥҵәаха аазгаз ажәеинраала сара Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа ирывасыргылоит! Ас еиԥш иҟоу ажәеинраалақәа Владимир Ахьиба сара агәра ганы сыҟоуп жәаба рҟынӡа шимоу! Сара ибзиан исгәалашәоит, иара иажәеинраалақәа дрыԥхьан данаарылгалак, иҩызцәа дҳазҵаауан, аԥсуа поезиаҿы имԥсуа хә-жәеинраалак сзынхару ҳәа! Ҳаргьы еицҿакны иаҳҳәон, Владимир, хәба ракәӡам, уара иҵегь ирацәаны иуҭынхоит, ухьӡ камшәо изларҳәаша, ҳәа! Иара ишиҟазшьаз еиԥш, дааҳалаԥшны дааччон, сшәымжьозар, даара ибзиоуп ҳәа аанарго!

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа Владимир Ахьиба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Владимир Ахьиба аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

Апоет ахаан имԥсуа иажәеинраалақәа рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада авсшьа ыҟаӡам апоезиа иреиҳаӡоу аҳракыраҿ инаган иҩу ажәеинраала «Жәаҩаҩык.» Ари ажәеинраала иреиӷьӡоу аԥсуа лирикатә жәеинраалақәа рантологиаҿы хымԥада рыгәҭа иргылатәуп. Иара ҿырҳәала издыруа рацәаҩуп, иззымдыруагьы хымԥада иазхьаԥшып ҳәа сгәы иаанагоит. Абраҟа иаазгоит ацыԥҵәахақәак:

Гәаҩа дук сынҭысны,

Ҿаҩамҩала сцон.

Жәаҩа хәык сырхысны,

Слеи-ҩеиуа сеимдон.

Уа жәаҩа шәҭы скымзи,

Жәаҩа хәы рҿы иԥшаан.

Уа жәаҩа лаԥш схымзи,

Рыжәаҩагьы хаан.

Жәаҩаҩык аацәырҵын,

Рыхцә-аԥшьқәа кассы,

Рыжәаҩаҩыкгьы ааҳәыцымцын,

Иааҭалеит рыԥсы.

Жәаҩаҩык аӡӷабцәа,

Саԥхьа иаалашеит.

Жәаҩаҩык аӡӷабцәа,

Саԥхьа иаакәашеит.

Ари ажәеинраала ссир сара убриаҟара исгәаԥхеит, сыҽсызнымкылакәа, усҟан апародиа алысхит! Владимир санизаԥхьа, иаргьы даара игәаԥхеит, ҭыԥқәак рҿы, сгәы ҟаиҵарц акәхап, иагьсаԥугеит, иҳәеит! Уимоу, уи аибашьра ҟалаанӡа ауп, иара иқыҭа гәакьаҿ апоезиатә хәылԥазы ҳаман, гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ҳаҟан. Ахәылԥаз агәҭахьы ҳнеихьан еиԥш, амҩаԥгаҩ дааникылан, ирылеиҳәеит, иажәеинраалақәа руак сара апародиа шалысхыз, иара даара ишигәаԥхаз, иагьшиҭаху уаха убраҟа срызрыԥхьарц! Уа саҿаиршәит, иҟасҵоз, самыԥхьар усгьы ишимуаз здыруан, сҩагылан, раԥхьа Владимир итәы саԥхьеит, нас, иара апародиа саԥхьеит! Уа иҟаз анапеинҟьабжьқәа, аччабжь разқәа, уажәыгь ихааӡа сгәы иқәҩуеит, абриаҟара шықәса шцахьоугьы!

Иахьа, абра иаазгар сҭахуп уи апародиа шеибгоу:

Сҭакәажә лоуп сызтәу!..

Жәаҩаҩык аӡӷабцәа,

Ааицгәасҭан, срытҟәеит!..

Жәаҩаҩык аӡӷабцәа,

Сааимаркын, срыпҟеит!..

Гәаҩа дук сынҭаркит,

Аӡӷабцәа срыпҟарц!..

Изури, сыхҭаркит,-

Исмырҟьацыц ашьац!..

Рыбла ӷрақәа кылырцеит,

Исамхафазшәа рхәы!..

Сдырӷыӷкырц аҵәы сыларҵеит:-

«Иухҟьама, уԥшшәахәы?!»

«Шәа шәахьымӡеит сыҷкәынра,

Амшын еиԥш сқьаф анҭаз!..

Знык ахықәахь снықәлара,

Ижәдыруоу, аӡә шәшаԥсаз?!»

«Уи ҳара иабаҳҭаху,

Еиҳагь ҳгәы ԥнажәоит!..

Агәаҩа ду аубахҭаху,

Уаҳзыкәашар, уцоит!..»

Ех, скәашап наныкьара,

Санаалароуп сзықәшәаз!

Сахәом урҭ рыршәыкьара,

Сҭаркит рмацәаз!..

Аха сшьацәкьара снықәгылар,

Афархь-ҩеиԥш иԥыҵәҵәоит!..

Ишԥазуеи, сгәы кыдгылар,

Акыр-кыр иччоит!..

Убасҟан ацәа саалҵызшәа,

Сқәыԥшхан, сааихыккоит…

Суҭра иҭалаз ӷаацқәоушәа,

Срыҵаҟьеит-акакеи!..

Снеиуеит сара гәаҩала,

Издыруеит иахьцатәу…

Ишәҭахызаргь шәарҭ шәысхаҩала,

Сҭакәажә лоуп сызтәу!

Апоет изкны Енвер Ажьиба уи ишәҟәы "Иалкаау" аҟны иҩуеит: "Владимир Ахьиба дпоетҵәҟьан. Баҩхатәрыла аума, идгьылтә ԥсҭазааратә хымҩаԥгашьа аума, иҭеиҭԥш, иԥшра-исахьа, дааидкыланы даҽаӡәы диламҩашьо, нахьхьи, Жәандәрыԥшь ақыҭаҿы зымҩахәасҭақәа ылгаз, нас имҩадухаз, уи ихатәы мҩа данын. Данын, уи ишьҭыбжь рацәак имыргацәо, аха аиԥыларақәа рҿы ажәа аниоулак амцаԥшь зҿықәыҳәҳә иҟаз, иажәеинраалақәа цәгьалаҵәҟьа исахьаркны дрыԥхьон. Иара ихаҭагьы, уаанӡа иаабац иакәымкәа, иажәеинраалақәа убриаҟара дышьҭырԥаауан, анаџьалбеит, шьҭыбжьык мгандаз, даанызкылаша мчык ҟамландаз, дааҟәымҵӡакәа даԥхьаландаз ҳәа изыӡҩҩруаз ауаҩы, агәыхыҭхыҭра иоуан, апоезиа дацәыхаразаргьы акәа дҭанаҳәҳәон, аԥшӡарахь, ахаарахь дархынҳәуан. Даԥхьон ааԥсарак иқәымкәа. Усҟан аԥсабара лашәын, идагәан. Иӡыҩӡа игылан Владимир Ахьиба ҳәаа змаӡамыз идунеи ҭбаа аҽагәылаҳәан".

© Foto / предоставлено Анатолием ЛагулааВладимир Ахьиба ишәҟәы "Иалкаау"
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Владимир Ахьиба ишәҟәы "Иалкаау"

Владимир ибзиаӡан идыруан аԥхьаҩцәа рахь ацәырҵра иацыз аҭакԥхықәра ду закәыз, аха дшәаԥырҳаԥуагьы дыҟамызт. Дыҟамызт, избанзар уи иажәеинраалақәа рыххо мышла дрыдтәаланы, абас сҳәар ҟалару, ирымкьыԥхьыр иҟасҵарызеи ҳәа дхәыцуамызт. Урҭ изаауан, ҳара макьана ҳалаԥш иамҟьашьыц, ҳахшыҩ ахьзымнаӡац ҩаӡара дук аҟнытә. Уантәи ари аҩыза "аҳамҭа" зауа апоетцәа, изааӡарызеи, иагьырацәаҵәҟьам.

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа Владимир Ахиба
Апоезиа зыԥсҭазаараз апоет: Владимир Ахьиба диижьҭеи 83 шықәса ҵит - Sputnik Аҧсны
Владимир Ахиба

Владимир Ахьиба "Ақәыџьмақәа" захьӡу иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа руак аҿы иаабоит аԥсабаратә гармониа еиламгакәа, аха изҿагылатәу ишаҿагылатәу, ихьчатәу шыхьчатәу.

Аҵыр-ҵыр, аҵыр-ҵыр!-

Жәҩан анмацәыс,

Адыр-дыр, агәыр-гәыр!-

Аҵх ианакьыс,

Ахыр-хыр, аҽыр-ҽыр!-

Илеиуан ақәа.

Ахьыр-хьыр, ахьыр-хьыр!-

Ихыҵуан аӡқәа.

Ахыу-су, ахыу-сыу!-

Ишуан алақәа.

Ахацәа-хацәамыз-

Игылт еибагауа.

Аҵықь-сықь, аҵықь-сықь!-

Рхысбжь агара,

Абық-сық, абық-сық!-

Гыгшәыг рнырҵәара.                      

Владимир Ахьиба аинститутқәа дрылымгеит, акандидаттә ҩаӡарақәа акгьы имам, апрезидумқәа рҿы дымтәацызт, аизара дуқәа бзиа ибаӡомызт, Аԥсны аиҳабыра рышҟа акы сҭахуп ҳәа ахаан дымнеицызт, акызаҵәык, иажәеинраалақәа агазеҭқәеи, ажурналқәеи, ашәҟәҭыжьырҭақәеи рҿы ианҭыҵлак иоуаз агонорарқәа рыла иԥсы ҭан. Иԥшәмаԥҳәыс алагаҿҩага даҿын, ихәыҷқәа ҩыџьа рызҳауан, аҷкәыни аӡӷаби. Иаҩцан дынхаӡомызт, аха иҩны унеир, аԥсуаҵас ишахәҭаз дуԥылон, ачеиџьыка бзиа ибон.

Апоет зегьраҵкыс иџьушьашаз, иажәеинраалақәа зегьы шамахак ҿырҳәала идыруан, амҩан даауқәшәар, автобус аҿы аума, атроллеибус аҿы аума, амшын хықәаҿ аума, ҿырҳәала рыԥхьара далагон!

Ашәәҟыҩҩы Мушьни Миқаиа диит жәабран 22 1932 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол  ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Сара ибзиаӡан исгәалашәоит, уи аибашьра ҟалаанӡа ажурнал "Алашарҿы"  иажәеинраалақәа акьыԥхьразы иман даннеилак, апоезиа аҟәша аиҳабы Мушьни Миқаиа шаҟа диеигәырӷьан дидикылоз, (уии сареи кабинеткаҿ ҳтәан), егьырҭ апоетцәа ишырзиуаз еиԥш, "алыхәҭа" икылхра далагаӡомызт, ари анцәа иҟынтә иаауа поетуп, иажәеинраалақәа рылакьысра аӡәгьы азин ҳамаӡам, ус грамматикатә гхак ҳмыриашозар, иҳәон!

Сара акырынтә апоезиатә хәылԥазқәа рҿы уи ицқәгыларақәа сықәшәахьан, аиаша шәасҳәап, Платон Бебиеи иареи рышьҭахь ақәгылара, ажәеинраалақәа рыԥхьара гәаӷьуацәан, анапеинҟьабжьқәа аӷьырак зегьы дара иргон! Уи сара саҵашьыцӡомызт, еиҳагьы сеигәырӷьон!

Абаҩхатәра бзиаӡа змаз апоет, ԥсабарала уамашәа иҟәышыз, аԥсҭазаара акырџьара иқәнақшахьаз, абзиарақәа раҵкыс ацәгьарақәа рацәаӡаны избахьаз, ишырҳәо еиԥш, "абга аҟарҟы" икылсхьаз, аха згәы еиҭамԥаз, иахьагьы гәыблыла иаҳгәалашәо, зҩымҭақәа есымша иҳацу ҳпоет бзиа Владимир Ахьиба иара дҳацӡамкәа иазгәаҳҭоу имшираҿ, иара дҳацушәа "иҳавагылоуп" иажәеинраалақәа. Урҭ иреиӷьӡоу руак ала ихсыркәшоит иахьатәи санҵамҭа, иахьӡуп уи "Поетк иажәеинраала шеилдыргаз!".

Иҵегь ҭыԥкаҿ иааурыххароуп,

Иҵегь гәыла иааурыԥхароуп,

Иҵегь, иҵегь, иааҵурыӷәӷәароуп,

Иҵегь маҭәак нашәуҵароуп,-

Иӡлачуазар уи макьана,

Иааӡылухыр- азамана.

Сара схәыцуеит: ирҳәо лакәу,

Арҭ зегь зылшо иара иакәу?!

 

 

 

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0