Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааЧичико Джонуа
Чичико Джонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа диижьҭеи иахьа 106 шықәса ҵуеит. Ажурнал "Алашара" аредактор хада, апоет Анатоли Лагәлаа иҳадигалоит уи игәалашәара иазку анҵамҭа.

Ҳаԥсуа литератураҿы аџьабаа ӷәӷәа збаз, зхы-зыԥсы ақәҵаны зус ԥшьа иаҿыз ашәҟәыҩҩцәа рыӡбахә анаҳҳәо, хымԥада ибжьажьшьа ыҟаӡам Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа. Уи иаԥиҵаз апоезиеи, апрозеи, аиҭагақәеи ааидкылан урыхәаԥшуазар, убри инацҵан иара аредакциа "Алашараҿ" иибаз аџьабаа дуӡӡа, хымԥада, иџьаумшьар залшом, аӡәы ихала абриаҟара аидара дызлаҵалеи ҳәа.

Сара аӡәырҩы ирҳәо саҳахьеит Ҷиҷико Џьонуа ажурнал аномер аҭыҵра ианаҿыз хәынтә иреиҵамкәа материалцыԥхьаӡа иара редактор хадак иаҳасабала дрыԥхьон ҳәа. Уи иаанагоз, иара убриаҟара ихахьы аҭакԥхықәра дуӡӡа игон, инапкымҭа цқьан, ажурналаҿ нбанк нааны ицар ҟалаӡомызт, аредактор инаиркны акорректор лҟынӡа ирҳәо-ируа еимадазар акәын, агха зыцәцаз имацара иакәӡамызт ааха зауаз, ивагылаз, игәазҭаран иҟаз зегьы уи ааха ицеиҩыршон.

Уи аредакциаҿ иагьа џьабаа имазаргьы, ирҿиара гәыгәҭаижьӡомызт, есымша ихы-игәы иҭан.

Ахра уалҟьар - уԥсы ҭалоит,

Арҩаш, арҩаш уцыԥхь халоит.

Уԥаны улеиуеит ахҿеиԥш,

Саргьы сыццакуеит уара уеиԥш…

Сыҩуеит, сыԥоит, џьаргьы стәаӡам,

Аха лахьынҵала ҳаиԥшӡам:

Уара ашьха улбаауеит уԥырны,

Сара ашьха сыхәноит сеиханы…

Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа апоет иҩымҭақәа еидызкыло х-томкны иҟоу ишәҟәаҿы иазгәеиҭоит:

"Апоет Ҷиҷико Џьонуа иниҵыз 60 шықәса заҵәык роуп. Убарҭ рахьтә 30 шықәса инарықәгәыӷуа уи иазикит имилаҭтә литература, имилаҭтә культура амаҵ азура. Уи ишьҭа аныԥшыртә ианиҵеит аԥсуа литература ажанрқәа зегьы, еиҳарак, ҳәарада, апоезиеи апрозеи.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааҶиҷико Џьонуа гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа
Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Ҷиҷико Џьонуа гәыԥҩык аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыгәҭа

1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, Ҷиҷико Џьонуа иԥсадгьыл ахьчараз абџьар никылт. Аибашьра ааилгаанӡагьы уи фырхаҵарыла аӷа цәгьа диҿагыланы дықәԥон. Акырынтә дырхәит уи аибашьра мца иахьеи уахеи дахьалагылаз, аха агоспиталь дышҭыҵлак, дырҩегьых иҩызцәа аибашьцәа днарывагылон.

Алексей Джонуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.05.2021
Ҳаԥсадгьыл ду зыхьчоз апоет: Алықьса Џьонуа изы ажәа

Апоет инижьуамызт аибашьра атема. "Афронт аҟны акы схашҭызшәа сгәы хьаауеит…" - иҩуеит апоет иавтобиографиаҟны. Ҳәарада, ирацәоуп уи афронт аҟны инижьыз, аха имаҷым игәалашәараҿ, ибзиабараҿ, иԥсҭазаараҿ инхаз. Апоет-аибашьҩы акыр гәаҟрабааԥс рыбла дҭаԥшыҵәҟьаны ибеит. Арахь дахьыхынҳәызгьы, раԥхьа аҩызцәа ҳәа ихы здикылаз, раԥхьа игәҭыха зызцәыригаз, агәаҟреи агәырӷьареи ицызбахьаз аӡәырҩы хнымҳәит, иҟалап, урҭ рахьтә зынӡа аӡәгьы дыхнымҳәзаргьы… Раԥхьатәи аиҩызара раԥхьатәи абзиабара иеиԥшуп. Ирацәоуп, ирацәоуп… апоет афронт аҿы инижьыз… Аҩызцәа рымацара роума…"

Апоет Аџьынџтәылатә еибашьра ду иазку иажәеинраалақәа иреиӷьӡоу рахь ишьоуп ажәеинраала "Сымшьамба." Уи аибашьра аилашымҭаз 1944 шықәса рзы иҩит, иаразнакгьы ауаа ирылаҵәеит. Абраҟа иаагоит ажәеинраала ахәҭак:

Са сгәы уақәшәоит, сымшьамба,

Убри азами аӡәгьы уимҭо,

Сцәа-сжьы узаду. Нас сеибыҭо,

Абзабаа цқьа исырба.

Зны усыҵоуп, зны усықәуп,

Зны суҵоуп, сымшьамба.

Абзабаа цқьа исырба,

Уахгьы-ҽынгьы амҩа сықәуп.

Аисра салоуп аԥса еилышьра,

Асакараҿ, хыбра змам.

Ахьҭа цәгьами, уи мариам,

Аха исылшоит, о, ахысра!

Аӷа дахьыҟам са сраҳаҭуп,

Уи даԥырхуа сцоит, умбои!

Акыр зычҳаз акыр имбои,

Сцәа-сжьы иаду, ушаҳаҭуп!

Иаҳгәалаҳаршәап, иааркьаҿны акәзаргьы, апоет инысымҩеи, ирҿиамақәа рыхьӡқәеи, ианҭыҵзи:

Аԥсуа поет, апрозаик Џьонуа Ҷиҷико Михаил-иԥа диит лаҵара 27 1915 шықәсазы Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла, иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 25 1975 шықәса рзы Аҟәа). СССР-и (1952) Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (ажәеинралақәеи апоемеи еидызкыло ашәҟәы "Сышьха мҩа" азы) ианашьоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Дыҩуан аԥсышәала.

Иван Тарба - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2021
Зажәа хатәраз апоет: Иван Ҭарба диижьҭеи шәышықәса ҵит

Аҵара иҵон Аимаратәи алагарҭатә школ аҟны, уинахыс – Аҭареи Мықәи рышколқәа рҟны. 1931 шықәсазы даанахәеит Аҟәатәи адраматә студиа. 1935 шықәсазы Ш. Руставели ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҟаз адраматә студиа даднакылеит. 1939 шықәсазы иҵара анхиркәша аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорс. 1941 шықәсазы афронт ахь дцоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа далахәын, еилгаанӡагьы Аԥсадгьыл ихьчон. Аԥсныҟа даныхынҳә, аусура далагеит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы. 1957-1966 шш. раан ажурнал "Амцабз" аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1966-1977 шш. рзы ажурнал "Алашара" аредактор хадас аус иуан.

1936 шықәсазы инаркны акьыԥхь аҟны дцәырҵит. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал "Алашара", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Советская Абхазия" уҳәа рҟны. Ҷ. Џьонуа иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааҶиҷико Џьонуа иҩызцәеи иколлегацәеи рыгәҭа
Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Ҷиҷико Џьонуа иҩызцәеи иколлегацәеи рыгәҭа

Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, агәалашәарақәеи иҭынхеит.

Аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин, П. Бровка, И. Г. Ҷавҷаваӡе, И. В. Абашиӡе, К. Р. Калаӡе, Ҟ. Ш. Кулиев, Р. Г. Гамзатов, Ф. А. Абдулжалилов ражәеинраалақәа; И. П. Котлиаровски ипиеса "Наталка Полтавка" аҟнытә Пиотр иашәақәа (Н. Ҭ. Кәыҵниеи иареи); Б. И. Куашев ибаллада "Амреи ашәшьыреи"; С. В. Михалков икомедиа "Самбреро"; Н. Ф. Погодин ипиеса "Кремльтәи акурантқәа" (К. Ш. Ломиеи иареи) уҳәа егьырҭгьы. Аиҭагақәа реиҳарак кьыԥхьын ажурнал "Алашара" аҟны.

Кумф Ломия, Нелли Тарба, Алексей Ласурия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.05.2021
Зхы-зыԥсы ақәҵан зус иаҿыз: Кәымф Ломиа игәалашәара иазкны

Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Ашәҭқәа ртәыла. Ажәеинраалақәа. Абалладақәа. Алегендақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 1950 (қырҭуа шрифтла); Гәдиса Шларба. Аповест. Аҟәа, 1955; Апоемақәа. Аҟәа, 1956; Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1957; Агәырӷьаҿҳәаша. Апиесақәа. Аҟәа, 1959; Ахра шкәакәа. Аповести ажәабжьқәеи. Ажәеинраалақәа. Ажәлар рҳәамҭахьтә. Аҟәа, 1961; Амаамын сасра ишцаз. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1962; Аныҳәаҿа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1964; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Адрамақәа. Аҟәа, 1966; Ацәқәырԥақәа гәаҭеиуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1968; Амаӡақәа рымаӡа. Аповест, ажәабжьқәа. Аҟәа, 1969; Амшқәа қарамҽо иқәын икәашо. Аҟәа, 1972; Ашьхацамҩа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1972;

Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1975; Иалкаау. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1976; Ашәҭқәеи сареи. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1979; Аныҩбжьы. Ажәеинраалақәеи аиҭагақәеи Аҟәа, 1982; Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985. Асериа "Иалкаау аԥсуа лирика"; Сара сашәақәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987; Ахра шкәакәа. Ажәабжь. Аҟәа,1988. Асериа. "Ашколтә библиотека"; Аӡыхь. Ажәабжьқәеи аповестқәеи. Аҟәа, 1989; Иҩымҭақәа. Хтомкны. Актәи атом. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2008 Аҩбатәи атом.Ажәабжьқәа. Аҟәа, 2008; Ахԥатәи атом. Аповестқәа. Ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. Аҟәа, 2010; Амца дырцәоит мцала. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 1974; аурысшәахь аиҭагақәа: У подножья горы. Стихи. М., 1961.

© Foto / предоставил Анатолий ЛагулааҶиҷико Џьонуеи Баграт Шьынқәбеи рфотосахьа
Ҳаԥсадгьыл ду аҭынчра азаазгаз: Ҷиҷико Џьонуа игәаларшәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Ҷиҷико Џьонуеи Баграт Шьынқәбеи рфотосахьа

Апоет аибашьра ду дахьалагылазгьы ахаангьы гәкажьрак имԥан иқәижьломызт. Уи агәра игон усҟантәи ҳаԥсадгьыл ду иақәлаз аӷа дшаҵахоз, ҳара аиааира шаагоз, уимоу, амца қьоуқьад иалганы ихааӡа иҟаз анасыԥгьы дазхәыцуан… Араҟа зцыԥҵәаха аазго ажәеинраала иахьӡуп "Аҭабиа", иҩит аибашьра агәаҿы 1944 шықәсазы.

Асакара амҽхакны абомба еилаҳауеит,

Адгьыл ҵысуеит, иаҿуп абылра.

Амза шашаӡа ақәԥара иахылаԥшуеит,

Аибашьра ашьҭыбжь наҩуеит хара.

Амза лашоит, амза шашаӡа,

Аҭабиа сҭагылан ҵхыбжьон.

Ахысра саҿын, аԥша ҟәандаӡа

Смаӷра иҭаланы сеимнадон.

Сара ацәаха сызҭада, аӷа дааигәаӡоуп,

Ахымҩас рацәоуп, иасуеит атрышә.

Аҭабиа сҭагылоуп, амза лашаӡоуп,

Хәыцрак саанахәан, снадиаалт анышә…

Сыбла ҭраа саҵаԥшуеит амза шашаӡа,

Заҟа исҭахузеи шьири уаха,

Агатәылаҿ инсыжьыз соуԥшәыл дгәырӷьахәӡа,

Схысыбжь лаҳауазар, дыдраҵас игауа!..

Сара иахьа араҟа еиҳараӡакгьы инаҵшьны сызлацәажәо апоет Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иаԥиҵаз ԥсра-ӡра зқәым ирҿиамҭақәа роуп. Урҭ апоет ирҿиараҿы аҭыԥ дуӡӡа ааныркылоит, насгьы, ҳазну амзазы 76 шықәса ҵит уи Асовет Еидгыла иқәынхоз амилаҭқәа зегьы риааирала еилгеижьҭеи. Уи аибашьра ду Аиааира ҳпоет иџьабаа дуӡӡа алоуп, уи ҳаргьы ҳгәы аладууп! Абраҟа иаагап ԥсра зқәым уи аибашьра ду иазку ажәеинраала "Дунаи ахықәаҿ" ахәҭак:

Ахысра ҳаҿын, ҳжәылауан

Ахәылԥаз Дунаи ахықәаҿ.

Сҩыза икаҳаз, ҳарҭ ҳақәԥараҿ,

Снеихагылеит, дгәаҟауан.

Ихы дҩахеит азныказ:

- Сара уаҳа сылшауам,

Сыԥсадгьыл ахь асалам,

Сыӡбахә еиҭаҳә иҟалаз!..

Уи дышьҭыхны даҟәысыҭхеит,

Ашьа ҟәанда иҵкьасоз.

Сгәазхара исзымбаӡоз,

Ибла хаақәа неиқәиԥсеит…

Сшьамхышлан сгылан сыгәжәажәауа,

Инапқәа игәы инықәысҵеит.

Сгәазхара исзымбаӡоз,

Ибла хаақәа неиқәиԥсеит…

Апоет изкны Алықьса Гогәуа ииҩыз иаԥхьажәа бзиаҿы иазгәеиҭоит: "Апоет дыҟамижьҭеи уажәи рыбжьара аамҭа рыбжьалеит. Уиаахыс иԥсадгьыл, иуаажәлар рзы зеиԥш ҟамлац аиҭасра дуқәа ҟалеит. Апоет иԥсы злаз, еснагь зҭагылазаашьа гәтыхас имаз ижәлар ашьа каҭәаны аиааира ду ргеит, ахьыԥшымреи аҿиареи рымҩа ианылт. Арҭ аиҭасрақәа ҳкультурагьы ҳлитературагьы аҵанакит. Иаҳхысхьоу, ҳазҭагылоу аԥхьаҟатәи зегьы еидкыланы цқьа ҳрызхәыцны, ҳхы иахьаиааитәу ҳаиааины ҳазныҟәар, ҳлитература, иааизакны ҳкультура зегьы аԥеиԥш бзиа аиуртә иҟоуп, ус анакәха- ҳажәлар зегьы…"

Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа

Апоезиаҽгьы апрозаҿгьы апоет Ҷиҷико Џьонуа ишьҭа бзиа нижьит ҳлитератураҿы, ҳдоуҳатә культураҿы иреиӷьӡоу рҿиамҭақәаны иԥхьаӡоуп уи иажәабжьқәа "Амца дырцәоит мцалеи", "Ахра шкәакәеи". Арҭ арҿиамҭақәа аԥсуа жәлар ибзиаӡаны ирылаҵәахьеит, еиҳаракгьы ажәабжь "Ахра шкәакәа" аҿар абиԥарацыԥхьаӡа инеимда-ааимдо иаԥхьоит.

Апоет иԥсҭазаара даналҵуаз аҵыхәҭәантәи имшқәа рыламҭалаз иҩит даара игәыҿкаагоу, ауаҩы ихы-игәаҿы акыраамҭа инхо ажәеинраала ссир "Ашәҭқәеи сареи." Абраҟа иаазгоит уи ажәеинраала ахаҭа шеибгоу…

- Ашәҭқәа, ашәҭқәа!.. - сыбжьы насыргеит,-

Бзиала шьҭарнахыс, шәаргьы-саргь ҳаилгеит…

Ашәҭқәа аԥенџьыр аҟынӡа иааскьаны:

- Даҽазнык уахыԥеит уара уԥсраны.

Уԥсы ҳахӡыӡеит, иҳахьчеит ҳара,

Ҩыза дус иҳаман анкьа уҿара.

- Ашәҭқәа, ашәҭқәа, иҟалаз уиоуп,

Са сзы аԥсҭазаара шьҭак ихьанҭоуп.

- Ацәарҭа уамадоуп, иаабоит уи ҳаргьы,

Ахьаа цәгьа умоуп, аха уеизгьы,

Ибзиан иаадыруеит, ухаҵоуп уара,

Ахаан уанышәарц уҟам аԥсра.

- Ашәҭқәа, ашәҭқәа, иаансыжьыр ҟалап,

Уи хырԥашьа змам ауп, шьҭа наҟ сцалап.

Амала, сгәы иалоу шьҭа смоҭа дхәыҷцәоуп,

Ашәаԥшь кажжы, амра рацәоуп.

Са суадақәарҿ ихьанҭоуп цәгьалаӡа,

Абарҭқәа зегь сахьырԥырҵуа зынӡа.

Ашәҭқәа, сыхаара, сшәыҳәоит сара,

Анышә сахьамардо шәнеила шәара!

Сҩызцәа ирашәҳәа, шәҳәатәы заҳауа,

Ҵлак уаҟа еиҭарҳааит, ашәақәа зҳәауа.

Ажәабжьқәа сазҳәо, арадио еиԥш иласны,

Исазҳәо иҟало-ианыло Аԥсны!

Ажәабжьқәа зегьы
0