Асырҳәы ыргьежьуа, еиҵас: аурыс литература аклассик Александр Пушкин имширазы

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКнига А.С. Пушкина "Евгений Онегин"
Книга А.С. Пушкина Евгений Онегин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа рашәара 6 рзы аурыс сахьаркыратә литература аклассик Александр Сергеи-иԥа Пушкин диижьҭеи 224 шықәса ҵуеит. Ари амш азы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит аԥсшәахь еиҭагоу уи иҩымҭақәак рыхҳәааи апоет ирҿиара лара хаҭала ныррас илынаҭаз атәи.

Аԥсуа классикцәа ҳаԥсҭазаара ишузаҟәымҭхо еиԥш ауп, аурыс гени Александр Пушкин ҳара ҳкультура дшалагылоу. Ашкол ҳанҭаз Пушкин урысшәала ҳашиԥхьоз еиԥш, аԥсышәалагьы даҳҵон. Раԥхьаӡа Пушкин ирҿиамҭақәа сзеиҭазҳәаз сан лоуп. "Аҭакәажәи алыгажәи рлакә" лҳәон, уи "Сказка о рыбаке и рыбке" азын. Хымԥада, лара ахьӡ иалҭазгьы, леиҭаҳәашьагьы лхатә хәыцрақәа рыла еиҭалгоз акәын. Цәгьа исгәаԥхон уи алакә, нас саргьы свариант еиҭасҳәон. Анаҩс, урысшәала аԥхьашьеи аҩышьеи анысҵа, иаасыртит жәеинраалатә формала иҩыз алакә ссир:

Воротился старик ко старухе,

Рассказал ей великое чудо.

"Я сегодня поймал было рыбку,

Золотую рыбку, не простую" …

Сан исзеиҭалҳәоз алакә шысгәаԥхозгьы, еихышәшәо ицоз апоет илакә еиҳа сыхнахит. Иахьынӡасгәалашәо, ари алакә раԥхьатәин апоет ду иҩымҭақәа рҟынтәи снапаҿы инеиз. Абри зегь зхысҳәаауа, аԥсуаа Пушкин иалкааны бзиа ирбо поетуп, уи ирҿиамҭақәа шамаха иаазмыртыц дыҟамзар акәхап. Ашколтә программаҿы акыр игәцаракын Пушкин ирҿиамҭақәа, хаҭала аԥсуа литература атәы сҳәозар, уаҟа ҳара иҳадыргалон аԥсшәахь еиҭагаз ажәеинраалақәагьы. Иахьагьы ҿырҳәала исгәалашәоит Ҷыҷыкәа Џьонуа ҟаимаҭла еиҭеигаз "Аӡын хәылбыҽха" (Зимний вечер):

Буря мглою небо кроет,

Вихри снежные крутя;

То, как зверь, она завоет,

То заплачет, как дитя…

Асыҭәҳәа еимаҩны жәҩан аҷыҩуеит,

Анаатә ҩынтуеит цәқәырԥаҵас,

Зны гыгшәыгҵас иҟу-ҵәыуоит,

Зных икьаасуеит уи хәыҷҵас!

Ари ажәеинраала ссир аԥсшәахь еиҭаргеит аӡәымкәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Абар Владимир Аҵнариа иусумҭа шыҟоу:

Аурҭ шәиқәара жәҩан аҷыҩуеит,

Асырҳәы ыргьежьуа, еиҵас,

Зных гыгшәыгҵас иара ууеит,

Зных иҵәыуалоит хәыҷҵас.

"Аӡын хәылбыҽха" аиҭагамҭа ҳбоит Мушьни Лашәриа ирҿиараҿгьы:

Анаатә ажәҩан зегь аҷыҩуеит,

Асыҭәҳәа еилагьежьуа, ишьҭых.

Зны гыгшәыгҵас иара ууеит,

Саби кьаасроушәа ҽазных…

Абарҭ ахварианткгьы иаадырԥшуеит Пушкин ипоезиа аҵаулара анаҩсангьы ҳбызшәа абеиара ибзоураны, аиҭагаҩцәа апоет илеиҵаз апоезиа аҳаҭыр ламырҟәыкәа ишҳадыргало, досу рхатә еиҭаҳәашьатәтә поезиатә ҷыдарақәа аарԥшуа. Аха, хыхь иаагоу Пушкин итекст зегь еиҳа аԥсы ахеиҵеит сгәахәуеит Џьонуа, амариареи иацу амузыкатә шьҭыбжьқәеи еиҿыбааны ҳрызхәыцуазар.

Асахьаҭыхҩы Пиотр Кончаловски исахьа А. С. Пушкин арепродукциа (1932 ш.). - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2019
Мушьни Лашәриа: Пушкин ду иажәа аҿҵаара, аихаҳара амҩа ҳануп

Пушкин иҩымҭақәа рҟынтәи ҳажәлар рҿы еиҳа алаҵәара змоу "Евгени Онегин" акәзар ҟалап. Анхаҩы инаиркны аинтеллигент иҟынӡа ари арҿиамҭа зегьы ирдыруан анкьатәи аамҭақәа ртәы сҳәозар, сгәыӷуеит иахьагьы ус иҟоуп ҳәа. Урысшәалеиԥш аԥсышәалагьы ҳаԥхьон иажәеинраалоу ароман Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иеиҭагамҭа иабзоураны:

Мой дядя самых честных правил - Саб иашьа, зламыс хьӡырҳәагаз…

Шәахәаԥш заҟа ибызшәанаалоу, акалька ҳәа изышьҭоу араҟа зынӡагьы ацәаара убом.

Пушкин аԥсшәахь деиҭаргахьеит аклассикатә формала иҩуа аԥсуа поетцәа-аиҭагаҩцәа, аха исҳәарц сылшоит Лашәриа Пушкин идырраҿы, ҳбызшәала ирцәажәараҿы аԥхьагылара имоуп ҳәа. Ҳара аҩны иҳаман "Евгени Онегин" аԥсышәала раԥхьатәи аҭыжьымҭа. Аоригинал ахаҿра еицамккәа иҟаҵоуп ари аиҭагамҭа, убри азоуп иахьа уажәраанӡа ҿырҳәала изаҳдыруа уи ахәҭақәа:

Саб иашьа, зламыс хьӡырҳәагаз,

Ачымазара данакы,

Ахылаԥшра иҭаххеит инагаз,

Изымхәыцт еиӷьыз даҽакы.

Ихҭыс џьоук рзы иҿырԥшыгоуп;

Аха, анцәиныс игәыԥҵәагоуп,

Шьаҿак уааидымшәо џьара,

Ачымазаҩ иҷаԥшьара!

Изакә гьангьашроузеи, ҵаны,

Аарла ишьҭоу игәы аҭгара,

Ихы арманшәалара, иркра

Ихәшәқәа улахь еиқәҵаны;

Уқәыԥсычҳауа угәы аҭҵаара:

"Уанбеигои аҩысҭаа уара?"

Лашәриа ароман аиҭагра далагеит ихатә гәаԥхарала. "Исҭахны еиҭазгеит. Сара Пушкин иҩымҭақәа еиҭазго зегь исҭахноуп ишыҟасҵо", - иҳәеит уажәы ҭелла саниҿцәажәоз. Лашәриа иара убас иҳәеит: "Аиҭагара аус аҿы Пушкин иажәеинраалеиҿартәышьа аформа аиқәырхара сашьҭоуп. Иахьынӡауа, иамби хореи еиҿыбааны срызнеиуеит", - ҳәа. Дахлафааны игәалаиршәеит Пушкин Онегин дышҵәылихуаз :"Не мог он ямба от хорея, Как мы ни бились, отличить" ҳәа… Ишдыру еиԥш, Пушкин еснагь дашьҭан еиуеиԥшым апоезиатә жәеинраалеиҿартәышьатә формақәа рышьҭкаара, еиуеиԥшым ажәеинраалақәа ҩуп еиуеиԥшым формала, насгьы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иара иалихуан еиуеиԥшым астильқәа. Абарҭ зегь хшыҩзышьҭра рыҭатәуп аиҭагара аус аҿы.

Хымԥада, аиҭагаҩцәа ирԥылозар акәхап аурыс цәаҳәақәа аоригинал аҿы ишышьҭыху аҽҭагӡара, убри азоуп аиҭагаҩ Лашәриа изиҳәогьы "иахьынӡауа, иамби хореи еиҿыбааны срызнеиуеит" ҳәа. Ажәеинраала злаҩу аформа азааигәахара анаҩсангьы, иахьеиҭоуго абызшәа аԥсабара иашьашәалозароуп. Иаҳҳәап, Керн илызку "Я помню чудное мгновенье…" аҿы актәи акуплет ахԥатәи аԥшьбатәи ацәаҳәақәа "Как мимолетное виденье, Как гений чистой красоты" аиҭагаҩ Аҵнариа ицәыуадаҩхаз џьысшьоит Пушкин ипоезиатә хшыҩҵак аԥсшәа алаӡҩара:

Исҿалашеит мацәыс еимҟьаран

Ацқьара иагениу быԥшра…

Аҵыхәтәантәи ацәаҳәа акыр дшаргәаҟыз убоит аиҭагаҩ, избанзар ажәа "агени" ԥсышәала апоезиатә рҿиамҭаҿы аҭыԥ ылнамхӡеит, иалкьыкьуеит.

Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2015
Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит

Лашәриа иакәзар, ари ацәаҳәақәа реиҭагараҿы иԥшааит Керн лыԥшӡара аазырԥшуа аилкаара:

Ицәырҟьа-цәырасуа лаԥшҵашәаран,

Ижәҩантәу ԥшӡаран, бымбатәны!

Араҟа иаҳбоит Лашәриа ажәа "агени" ишиашоу ииамгакәа, "ижәҩантәу ԥшӡаран, бымбатәны" ҳәа аԥшӡара шааирԥшуа, иара убри адагьы иара илшеит Пушкин ихәыцрақәа аԥсышәала еиҳа еилыкка аԥсуа ԥхьаҩы игәникыларатәы аиҿартәра. Еиҳаракгьы ажәа "бымбатәны" шьахәла ианаалоит Пушкин "чистой красоты" ҳәа дызҿу аилкаара.

Ажәакала, аиҭагара аус знапаҿы иаазго даараӡа алитература амаршәа акышьа здыруа роуп, ианрықәымҿио ыҟазаргьы. Уи шьақәдырӷәӷәоит ибзианы иаадыруа Пушкин ицәаҳәақәа "Когда же черт возьмет тебя!" аԥсышәала аиҿартәышьа. Лашәриа уи иазиԥшааит акыр иаԥсышәоу аилкаара - "Уанбеигои аҩсҭаа уара?" Аҳәара уадаҩуп ари џьарантә еиҭагоуп ҳәа. Ароман аиҭага раԥхьа иҭыҵит 1969 шықәсазы, анаҩс 1979 шықәсазгьы еиҭаҭыжьын, аҵыхәтәаны арҽеирақәа алагаланы уи акьыԥхь абеит 2018 шықәсазы. Аҭыжьымҭақәа еиҿҳарԥшуазар аҩбатәи - сахьалагьы, ақьаад ахаҭабзиаралагьы иҟаимҭауп - ҳамҭатә ҭыжьымҭоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукА.С. Пушкин ироман "Евгени Онегин" аԥсшәахь М.Т. Лашәриа иеиҭагамҭа зну ашәҟәы
Пушкин иахь амҩахәасҭа: аурыс литература аклассик имшира аҳаҭыразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
А.С. Пушкин ироман "Евгени Онегин" аԥсшәахь М.Т. Лашәриа иеиҭагамҭа зну ашәҟәы

Аиҭага автор Лашәриа 2018 шықәсазы Кремль дықәгыланы Пушкин ироман ахәҭақәа аԥсышәала дрыԥхьеит. Усҟан Урыстәыла ахадас иҟаз Дмитри Медведев иара ианеишьеит "Пушкин имедал". Медведев ахәшьара ҳаракны аиҭеит аԥсуа поет исахьаркны Пушкин ироман аԥсышәала иахьӡыригаз.

"...Знаете, когда читают "Евгения Онегина" на абхазском с таким выражением, самое приятное, что ведь понятно, что читают, — перевода не надо. Это означает, что мы действительно едины в наших помыслах", - иҳәеит апрезидент.

Аурыс шәҟәыҩҩцәа ирхаҭарнакыз, здунеи зыԥсаххьоу Леонид Ленч иакәзар, 55 шықәса раԥхьа ароман аиҭагаҩ аԥсышәала данизаԥхьа ашьҭахь абас иҳәеит: "И Пушкин на орлином языке Абхазии звучал прекрасно, и радость моя от встречи с ней стала еще светлее и еще радостнее".

© Sputnik / Томас ТхайцукА.С. Пушкин ироман "Евгени Онегин" аԥсшәахь М.Т. Лашәриа иеиҭагамҭа зну ашәҟәы
Пушкин иахь амҩахәасҭа: аурыс литература аклассик имшира аҳаҭыразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2023
А.С. Пушкин ироман "Евгени Онегин" аԥсшәахь М.Т. Лашәриа иеиҭагамҭа зну ашәҟәы

Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рпоезиатә еизгақәа ургәылаԥшыр игәоумҭарц залшом еснагь рыҽшԥыршәо Пушкин ипоезиа аԥсышәала арцәажәараҿы. Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иакәзар, аоригинал иаадҩыло аԥсышәала ирҿиеит апоет бзиа иибоз Анна Андро-Оленино (аҳкәажә Ланжерон) 1829 шықәсазы илзикыз еицыдыруа ажәеинраала:

… Я вас любил безмолвно, безнадежно,

То робостью, то ревностью томим;

Я вас любил так искренно, так нежно,

Как дай вам бог любимой быть другим.

Ажәеинраала аҩбатәи акуплет аҿырԥштәала Шьынқәба ивариант акыр иқәҿиароу, автор илирикатә цәалашәарақәа ахьеиқәырхо усумҭоуп ҳҳәар ауеит:

Бзиа бызбон ҿымҭ-ԥсымшьа, гәыӷырҭада,

Ма сыԥхашьон, ма схыбаауан сара.

Убас бызбон, сыԥсеиԥш бызбон, ҳәарада,

Дбықәшәааит убасҟак бзиа бызбара…

Лашәриа иакәзар, ари ажәеинраала шьахә давымсит, абар иара иҳадигало:

Бзиа бызбон, ҿымҭ-ԥсымшьа гәыӷырҭада,

Зны хыбаарыла, ма сҭаӡыӡо сцәа.

Бзиа бызбон, сгәы-сыԥсы зегь быҭа,

Убас бызбаша дбықәиршәааит анцәа.

Аиҭагара ҟаимаҭла излоу аҟазацәа, жәеинраалак иреиӷьу шәыгала, хатә знеишьала аԥсы шҭарҵаз, ишдырԥсышәаз аадырԥшуеит хыхь иаагоу аҿырԥштәқәа. "Ус ианыҟамла, агәынкыларагьы алшом", - иҳәоит Лашәриа, аиҭагара аус дазхәыцуа. Аиҭага шьахә иаҟазшьазароуп ажәеинраала ахаҭабзиара мырӡкәа иахьеиҭагоу абызшәа аԥсабара ацәа аҟәынҵара.

Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2018
Арадио
Лашәриа: "Евгени Онегин" аҵаки, аинтонациеи аԥсшәахь аиҭагара сылшеит

Имаҷҩым иазгәазҭахьоу Пушкин аԥсшәахь шьахәла деиҭаҵуеит ҳәа. Акритик-аиҭагаҩ Владимир Аҵнариа иҳәахьан абас еиԥш иҟоу агәаанагара:

"Пушкин даараӡа доуҳала ажәларқәа зегьы дырзааигәоуп, ҳаргьы даҳзааигәоуп", - ҳәа. Лашәриа дадгылоит ари агәаанагара, "аԥсшәахь шьахәла еиҭоугарц иулшо поетуп" иҳәоит иара. Пушкин и-"Онегин" аԥсышәала раԥхьаӡа ианҭыҵыз ашьҭахь аҵарауаҩ Шоҭа Салаҟаиа агазеҭ "Советская Абхазия" аҿы иҩуан: "Перевести все это богатое содержание классического романа на язык младописьменной литературы, не нарушив при этом образной системы первоисточника, - задача чрезвычайно сложная. И тем отраднее отметить, что М. Ласуриа блестяще справился с ней и в конечном итоге воспроизвел не бледную копию оригинала, а создал художественное произведение, зажившее второй самостоятельной, полнокровной жизнью..."

Ашкол санҭаз "Евгени Онегин" акыр сгәы ацԥыҳәаны ахы инаркны аҵыхәанӡа ҿырҳәала исҳәоз романын:

Не мысля гордый свет забавить,

Вниманье дружбы возлюбя,

Хотел бы я тебе представить

Залог достойнее тебя…

Пушкин изкыз иаартыз аурокқәа рҿы акырынтә иӡырызгахьан ари ароман. Хыхь иаазгаз ароман алагамҭа Лашәриа иеиҭагаҿы абас иҟоуп:

Ауаа хгылақәарз гәмырҿыӷьгас

Сара сашьҭам иҟаларц,

Исҭахын, ҳҩызара иаҳамҭаз,

Уҿаԥхьа ицәырызгарц, иубарц

Иуаҭәоу аиҳаҵәҟьагь инагоу,

Гәыла-ԥсыла иԥшьоу уара,

Зхәыцреи знаалашьеи хьӡырҳәагоу,

Иҭәу поезиала зхаҿра…

Схәыҷра аамҭазы аҩны ҳбиблиотекаҿы Пушкин иман аҭыԥ ҷыда. Иахьа уажәраанӡагьы иҵәахны исымоуп "Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Уи рзырхан аԥхьаҩцәа қәыԥшцәа, ашәҟәы адаҟьаҿы иуԥылоит Пушкин исалам шәҟәқәа, дахьыҟаз, даныҟаз арыцхә, насгьы исахьаркыратә ҩымҭақәа ирыдҳәалоу ажәар. Ари ашәҟәы адаҟьақәа рҿы срыԥхьон арҵага шәҟәқәа рҿы ианымыз афактқәа аазырԥшуаз атекстқәа.

Иаҳҳәап, Пушкин 1820-1824 шш. Урыстәыла аладаҟа данахгаз аимператор Александр I иҟаиҵаз алкаа: "Пушкина надобно сослать в Сибирь: он наводнил Россию возмутительными стихами; вся молодежь наизусть их читает". Даҽаџьара иануп Пушкин "Евгени Онегин" 4-тәи ахәҭа даналга ашьҭахь 1826 шықәса ииун анҵәамҭазы Пиотр Виаземски изиҩыз: "В четвертой песне Онегина я изобразил свою жизнь". Анаҩс ҳаԥхьоит: "Я намерен жениться на молодой девушке, которую люблю уже год…", - ари Пушкин 1830 шықәсазы иҭаацәа ирзиҩуаз ауп. Араҟа иара зыӡбахә имаз Наталиа Гончарова лоуп. Дара рыԥсҭазаара еиларҵеит ари анҩыз даҽа шықәсык ашьҭахь февраль 18 1831 шықәсазы:

Исполнились мои желания, Творец,

Тебя мне ниспослал, тебя, моя Мадонна,

Чистейшей прелести чистейший образец….

Абас адаҟьақәа аартуа Пушкин иахь амҩахәасҭа санын. Ирацәоуп "Тропа к Пушкину" аҿы иуԥыло усҟантәи аамҭазы даҽаџьара иузымԥшаауаз архивтә нҵамҭақәа. Ашәҟәы адаҟьақәа рӷьырак карандашьла ирыҵшьуп, усҟан са сзын еиҳа хшыҩзышьҭра змаз акәхарын… Саб идунеи аниԥсах ашьҭахь, ари атрофеи - гәаларшәагас схазы инсыжьит, иахьа аинтернет иуҭаху зегь ҭазаргьы, ари аҭыжьымҭа аартны сагәылаԥшуеит, схәыҷра ашықәсқәа ирсимволны исыԥхьаӡоит.

© Foto / Элеонора Когония "Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.
Тропа к Пушкину захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
1/2
"Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.
© Foto / Элеонора Когония "Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.
Тропа к Пушкину захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә. - Sputnik Аҧсны
2/2
"Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.
1/2
"Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.
2/2
"Тропа к Пушкину" захьӡу 1967 шықәсазы иҭыҵыз апоет инысымҩеи иԥсҭазаареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы. Е.Коӷониаԥҳа лхатә библиотека аҟынтә.

Аиашазы, Пушкин иахь амҩахәасҭа анылара акыр ираҳаҭроуп, уи наунагӡа нҵәара зқәым литературатә дунеиуп. Илыԥшааху Пушкин иажәеинраалақәа аԥсуа литература арбеиоит, убри иаԥшны иахьанӡагьы аиҭагамҭа ҿыцқәа ҳадыргалоит ҳашәҟәыҩҩцәа. Абраҟа иазгәаҭатәуп, аԥсуаа зегьы аурысшәа злардыруа ала, хымԥада Пушкин иҩымқәа зегь реиҭагара аҭахым, аха ус акәзаргьы, илыԥшааху ацәаҳәақәа ԥсышәала рырцәажәара хшыҩзышьҭра арҭоит ҳаиҭагаҩцәа.

Иазгәасҭарц стахуп, еиҭагоу зегьы Пушкин иреиӷьӡоу ирҿиамҭақәа ишреиуоу. Еиҳаракгьы илирикатә лыԥшаахқәа роуп ҳара ҳԥоетцәа зеиҩаӡо. Еицырдыруа Пушкин иажәеинраала К… ("Я помню чудное мгновенье…" Анна Керн илыхьӡынҩылоу) сеиҭазыхынҳәуазар, аиҭагара игәаӷьыуацәоу усзаргьы, зегь акоуп иргәаӷьит. Лашәриа иҿы иаагоу ацәаҳәақәа аԥсуа ԥштәы рзыԥшаауп сгәахәуеит:

В глуши, во мраке заточенья,

Тянулись тихо дни мои,

Без божества, без вдохновенья,

Без слез, без жизни, без любви…

Адунеи иаҟәыгоу, иҭацәу аҭыԥаҿ,

Игәагәон са сымш хьанҭақәа убра.

Лабжышыз, гәаҳәараз, насыԥыз,

Дынцәаз – саанрыжьхьан наҟ хара…

Аҵнариа ивариант аҿы ари акуплет абас еиҭагоуп:

Тымитышак сҭаршәын цәашьыда,

Сымш лашьцарақәа аарла игәагәон,

Гәыӷрада, гәҭыхада, нцәада,

Бзиабарада, разҟыда сџьабон….

Ҳара ҳаиҭагаҩцәа авымсит еицырдыруа "Кавказ" захьӡу Пушкин иажәеинраала:

Кавказ подо мною. Один в вышине

Стою над снегами у края стремнины:

Орел, с отдаленной поднявшись вершины,

Парит неподвижно со мной наравне….

Ишьҭоуп Кавказ са сыҵаҟа. Ҩаскьаӡа

Акаҵәара саахықәгылеит, асы снылҵ;

Сымариаша, наскьантә, бахәык иҩахылҵ,

Иаауеит ауарб, аԥша еиҩыхуа, ижжаӡа…

Сгылоуп са схала, Кавказ сыхәнаны,

Сыхгылоуп асы, иԥшуп наҟ атыша,

Абан, ахра иқәԥрааит ауарб хараны,

Иалоуп аҳауа имҵысӡо, исызиаша…

Актәи Шьынқәба ивариант ауп, аҩбатәи Лашәриа. Араҟа аиҭагаҩцәа акыр иазааигәахеит Пушкин иааирԥшыз Кавказ аԥсабареи аҟазшьеи аԥсышәала рҭыхра.

Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы

Хымԥада, Пушкин иара ибызшәала ирҿиаз иҩымҭақәа егьа ибзианы еиҭоугаргьы, ахаҭа ахыҳәҳәара алшом, аха зегь акоуп, уи ҳара ҳбызшәахьы аиагара иаанартуеит ирҿиара амҩахәасҭақәа шьахәла рыҭҵаара…

Аԥсшәахь еиҭагоу Пушкин иҩымҭақәа рацәаӡоуп узҳәом, уи хықәкыс иҟамзар ауеит, урысшәала ҳара уи ирҿиамҭақәа рзааигәахара злаҳалшо ала, аха ус акәзаргьы, ԥсышәала еиҭагоу еидкыланы шәҟәык ҳамазар бзиан, аоригинал аваргыланы. Усҟан аԥхьаҩ изымариахоит реиҿырԥшра, аурыс бызшәеи аԥсшәеи реигәныҩра иахылҵуа ашьҭыбжьқәа зеиԥшроу аилкаара.

Пушкин диижьҭеи иахьа иҵуеит 222 шықәса… Пушкин иахь амҩахәасҭа анызаара инаунагӡатәиу гәазыҳәароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0