Акарантин ашьҭа схыланы: аԥсуаа аепидԥҟарақәа ишрықәныҟәо

© Sputnik / Томас ТхайцукЛюди в масках
Люди в масках  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз иахҟьаны иалагалоу аковидҿагыларатә ԥкрақәа аҳҭнықалақь аҟны ишынарыгӡо, ахыхьчаратә ԥҟарақәа еилазго иларҳәоз рзы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Атермометр иснарбон 29 градус ашоура, адәахьы адәылҵра шгәаӷьыуацәазгьы, Аиааира апроспект инаныршәланы ашьыжь асааҭ 11 шыҟаз сҿынасхеит адәқьанқәа, еиуеиԥшым ахәаахәҭырҭақәа, иара аџьармыкьа нарылаҵаны авирус COVID-19 аҽацәыхьчара ишазыҟоу гәасҭарц азы. Сыҩны ааигәара апроспект аҿы иҟоу ҩ-дәқьанк срыҩналеит, руакы ашә аҿы "Без масок не входить" ҳәа урысшәала аҩыра кыдуп, сацклаԥшуанаҵы, аахәаҩцәа сабрадада ирҭахыз ргон, уи адагьы, дара аҭиҩцәагьы рсабрадақәа баша рыцламҳәа иахшьын. Сара слазҵааит адәқьан иҵагылаз, акарантин аԥҟарақәа изрықәымныҟәо азы. "Иаҳҳәо раҳаӡом", - насаҭалкит лара.

Работа мобильной бригады по вакцинации дачников от COVID-19   - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
"Спутник V"-и сареи ҳшааибыз, мамзаргьы алаҵаҟаҵаразы згәаҭарақәак

Ишеилыскааз ала, адәқьанқәа рӷьырак рҿы лахьԥыргагас ашә аҿы аҩыра икыдырҵо инаҷыданы, уамак иацклаԥшуам асабраданыҟәгара, уи адагьы аҩналарҭаҿы антисептик ҳәа изышьҭоугьы рзықәгылам.

Ашоура ахы шыснардыруазгьы, Имам Шамиль имҩа снанылеит, амашьынақәа раангыларҭа иагәылсуа амҩаду аганаҿ еивҵрыԥхаа иҟоу ахәаахәҭырҭақәа сылаԥш нархызгарц. Сныҩналеит руакы. Афатәқәа ахьырҭиуа адәқьан. Иҵагылаз аԥсацәан. Асабрада атема анышьҭысх, иааиҵанарӷәӷәеит, избанзар, иҩнало ракәым, дара уа иҵагылогьы ирхам. "Шәацәымшәаӡои ачымазара шәыхьыр хәа" аҭыԥҳа илысҭаз азҵаара аҭак смоуӡеит. Ишеилыскааз ала, иҟалап COVID-19 феикуп ҳәа ирыԥхьаӡозаргьы. Сара стәала, даара абжьгарақәа рысҭеит, издыруада ачымазараҿкы-лекциа акыр ирыхәозар ҳәа сгәыӷны. Уи амҩа сызныз аҿы акаҳуажәырҭақәа маҷым. Уаҟа еиҳарак амаршруттә таксиқәа русуҩцәа роуп иубо. Акаҳуажәырта абарҵаҿы сабрадада еидтәалаз ируаӡәыз сзышьҭаз атема анеиликаа, "аԥсуаа акымзарак ҳахьуам" иҳәеит, шьҭрала ари авирус хлымӡаах иаҿагыло ацәеижьхәҭаҷқәа змоу милаҭушәа. "Шәара ишәзааигәоу аӡәгьы дамгацзар акәхап" аниаҭаск, "мап" ҳәа иҳәеит. Уи имеикит даҽа машьынарныҟәцаҩык, уи ихала насҭхашәа дтәан. "Алаҵа ҟаҵатәуп, сҭаацәеи сареи иҳалахҵеит", - иҳәеит иара. Амҩан иубарҭан асабрада ныҟәызгоз ауаа шыҟоу, урҭ аџьармыкьаҟынтә иаауан, мамзаргьы са сеиԥш уахь рхы хан.

Сналалеит Аҟәатәи аџьармыкьа. Џьара-џьара иубоит адәахьы ихәаахәҭуа рахьтә асабраданыҟәгаҩцәа шыҟоу, иубоит иара убас аҳауа ззымхакәа зсабрада ларҟәны зԥынҵа аҳауа ҭазырсуа шыҟоу. Аџьармыкьа еилашуан еснагь еиԥш. Агәахьы сҿанынасха, дызбеит ача зҭиуа аԥҳәыс. Уи асабрада лҿан, иубон баша аҽраԥшразы ишныҟәлымго. "Ауаа кадды иԥсуеит, нас схы смыхьчар ауама", - лҳәеит лара, асабрада атема анышьҭысх. Иҵегь ахәаахәҭырҭа санагәылала, избарҭан акарантин ара изгәалашәо шмаҷҩу. Афатәҭирҭа адәахьы измаз аԥсуа ԥҳәыс лыбжьы аасаҳаит "Аџьармыкьа адыркыр иҳаԥсыхәои, уи алоуп схы зланыҟәызго. Сара алаҵа сыласҵеит, зегьы ирыларҵааит, нас ишәарҭахом", - лҳәеит лара. Сышнеиуаз, слыдгылеит даҽа хәаахәҭҩык, лара асабрада лашьҭны илыман "схәаҽуеит, аӡәгьы дансыдымгыло илашьҭны исымоуп" лҳәеит, ахныҟәгаразы абри аҟара шоураха аус зуа аԥҳәыс.

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2020
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Ииашаҵәҟьаны, ас ианшоуроу иуадаҩуп асабрада аныҟәгара, аха авирус алеишәа аныцәгьоу, мҩас иҟоуп алаҵа, мамзаргьы асабраданыҟәгара, иара убас авирус аҽацәыхьчаразы ихәыцу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа. Иалхтәуп руакы. Аха сара сзацәажәоз рахьтә алаҵаҟаҵара уамак иадгыло рацәаҩым, издыруада авирус ыҟазаргьы, ҳааигәара ишԥааири ҳәа ихәыцуазар акәхап. Аџьармыкьа агәы сналсны ашьҭахьтәи Гәлиа имҩаду аҿы скылсит. Уаҟагьы, еивҵрыԥхаа еилатәоуп ахәаахәҭыҩцәа, ана-ара асабраданыҟәгаҩцәа улаԥш иааҵашәоит. Амҩа ааихысҵәан, снеит еснагь ауаа рацәа ахьыҟоу адәқьанқәа руак аҿы. Сыҩналаанӡагьы игәасҭеит сабрадада аӡәгьы дшыҩнамлоз. Ашә аартны адәқьан саныҩнагыла, иаразнак избеит, акасса иаҿатәоу инадыркны, ихәаахәҭырц иҩналазгьы - зегь асабрада шныҟәыргоз. Ашә аганаҿы игылаз аусуҩы уажәы-уажә ибжьы слымҳа иааҭасуан "без масок не входить" ҳәа.

Ишеилыскааз ала, иара убри дахылаԥшуеит. "Ишԥашәылшои аус абас аиҿкаара", - ҳәа саниазҵаа, уи аҭак абас иҟаиҵеит: "ҳара уаанӡагьы ус иҟаҵон, уажәы ҿыц акарантин аныџьбараха, ҳаиҭазыхынҳәит", - иҳәеит. "Асабрада змам дааир, ишәылшома хәыда-ԥсада иҭара", - анысҳәа, "мап, аԥҭека ара иааигәоуп, инеины иаархәароуп", - иҳәеит аусуҩы.

Акарантин ашьҭа схыланы: аԥсуаа аепидԥҟарақәа ишрықәныҟәо

Абас сеимдо уи амҩала сҿынасхеит ақалақь агәахьы. Зеиԥшла иаҳҳәозар, иџьбароу акарантин шыҟам убоит, амҩан исывсуаз амаршруттә таксиқәеи атроллеибусқәеи ирҭатәоу зегьы асабрада рхамызт, ииашоуп, машьынак збеит, аныҟәцаҩ инаиркны иҭатәаз зегь сабрадауаан.

Абарҭқәа срыԥшны исҳәозар, аабыкьа Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба атеатрқәеи, егьырҭ акультуратә усҳәарҭақәеи рарказы иҟаиҵаз ақәҵара уамашәагьы иубап. Русдрам адиректор Иракли Хынҭәба даара даргәамҵит ари, избанзар иара уаанӡагьы дахысхьан ахәаԥшыҩцәа рзы ишәарҭам амеханизмқәа разыԥшаара, иаҳҳәап, азал кәапеишәа имырҭәыкәа, асабрадақәа, антисептикқәа рхархәара. Агәыларатәи атеатрқәа рыбжьы уамак иақәдмыргеит, ииашоуп С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр усгьы акарантин иҟоу иаҩызоуп, избанзар иҳадыргалаз премиерак инаҷыданы, ари асезон азы ррепертуар цәырганы аус рзымуит, уи еиҿызкааша анапхгаҩгьы аиҳабыра усгьы дырзамҭеит.

Осман Абухба - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2021
Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо

Ганкахьала хаҭала агәҩара соуит иаразнак атеатрқәа раркра азҵаатәы зцәырҵыз Аԥсны аиҳабыра Аԥсуа театр иазыруа рзымдыруа иахьынхаз акәзар ҟалап ҳәа. Иахьа Аԥсуа театр аҿы "Сариа" захьӡу аспектакль арепетициақәа мҩапызго арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа лакәзар, ари аверсиа лхаҭагьы дазхәыцуеит, аха ус акәзаргьы, ҭелла ҳаицәажәараҿы исалҳәеит: "Сара саҳәшьа алабораториаҿы аус луеит, ковид инадҳәаланы аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, уи ганкы, аҩбатәи - сгәы иаанагоит атеатрқәа амыркыкәа 30% ахәаԥшыҩцәа ҩнаҵаны аспектакльқәа дурбалар ауан. Ахԥатәи - аиҳабыра ирыздыруам Аԥсуа театр иазыруаша". Арежиссиор лажәақәа рыла, лара дызҿу аспектакль ҭлыжьыр лылшоит нанҳәамза аҽеиҩшамҭаз, аха уи арбаразы азин ҟалоу иҟамлоу иахьазы илыздыруам. Иахьа атеатрқәа рышә ахьарку азы, бжьыҭгала згәаангара зҳәаз РУСДРАМ ахада иоуп, иара убас, асоциалтә даҟьаҿы иаҳԥылоит Аԥсуа театр атруппа аиҳабы Милана Ҳашԥҳа атеатрқәа ахьарку дшадгылаҩу аазырԥшуа ахҳәаа: "Ари ада хәарҭа ыҟам, арҿиаратә коллективқәа рҿы ичмазаҩцәо рацәаҩуп, ари аус ҭакԥхықәрала иазнеитәуп".

Ажәакала, иахьа Аԥсуа театр ахьӡала ицәажәо анапхгаҩы дызлаҟам ала, атруппа ахада лпозициа ауп асоциалтә ҳақәа рҿы исԥылаз.

Сара иахьа исныҟәаз усҟакгьы ирацәам, Гагра, Пицунда, мамзаргьы Риҵатәи аҳәырԥсарра ахырхарҭаҿы аус зуа ақьафурҭақәа рҭагылазаашьа атәы аҳәара уадаҩуп, рацәак агәра сызгом аепидемиатә ҭагылазаашьа иақәшәо иҟоуп ҳәа.

Первый звонок в Сухумских школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2020
Онлаин акәу лабҿабоу: акарантин аан аҵаратә процесс аҭагылазаашьазы агәаанагара

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп Аԥсны аиҳабыргьы, араҟа ари аус еиҿкаамзар, нас насҭха ишԥаҟало? Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба атәыла ахада ихьӡала ааԥхьара ҟаиҵеит, аҭагылазаашьа ахьыуадаҩу азы, акарантинтә ԥҟарақәа ирџьбарарц. Ииашаҵәҟьаны, аԥсуа медицина ахәда иқәҳаит акыр ихьанҭоу аидара. Аибашьра анцозгьы, аԥсуа ҳақьымцәа ирылшаз ҿыки-бзыки иҭаӡом, COVID-19 анҳалагьежь, дырҩегьых уи аибашьразы ҳара ҳҳақьымцәеи ҳмедиаҳәшьцәеи ируалхеит.

Абарҭ зегь рҭыԥ ақәҵаразы иҟамазар ҟалап аиҳабыра раганахьала иџьбароу аусмҩаԥгатәқәа. Иҟам хымԥада иара убас ауаа рҟынтәи ахдыррагьы, аха аҳәынҭқарра амаа зку убри азы имҩаԥыргалар иџьбароу ахылаԥшра, мамзар ари атуристтә сезон азы аҳәынқарра иарҳауа ахәшәқәа рыхҭынҵатәыс иаиур алшоит. Аԥсҭазаара аанкылара уадаҩуп, ауаа аус дмырукәа иуртәар, рчахә ыӡуеит, ус ҟауҵар, акомпенсациа ҳәа изышьҭоу ҳбиуџьет иҭам. Ус анакәха, акарантинтә ԥҟарақәа қьаадла акәымкәа, лабҿаба рынагӡашьа ахылаԥшра аҭахуп. Абри зегь зуалу "шәныҟәаҳгоит" ҳәа амчрахь иааиз Аԥсны анапхгара роуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0