АҞӘА, ԥхҷ 16 – Sputnik, Анастасиа Никонова. Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза амҩатә цәаҳәа аҭагылазаашьа алшара ҟанаҵоит аҳаирплан хкқәа зегьы уаҟа итәаларазы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи, атранспорти, аимадареи рминистр Виктор Хильчевски.
Урыстәылеи Аԥсни жьҭаарамзазы рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭшьақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра.
"Аҳаирбаӷәазеи уи аинфроструктуреи, аԥыррақәа ршәарҭадара аԥҵареи, аспециалистцәа разыҟаҵареи Аԥсны инанагӡоит, аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара Урыстәылатәи акомпаниа "Аэропорт Девелопмент" ахахьы иагоит", — иҳәеит Хильчевски.
Аҳаирбаӷәаза аусура ианалаго 200-ҩык аусзуҩцәа ыҟазаауеит.
"Аԥырҩцәа, адиспетчерцәа, анџьнырцәа, рыршаҳаҭгақәа змоу рхыԥхьаӡара даара имаҷуп, акадр ҿыцқәа аҭахуп. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәеи аграждантә авиациа аминистрреи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳамоуп", — азгәеиҭеит Хильчевски.
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылараз ҩышықәса маҷуп ҳәа азиԥхьаӡоит уи адиректор Виачеслав Ешба. Иара иажәақәа рыла, аибашьра ҟалаанӡа сааҭк иалагӡаны аҳаирбаӷәаза 600-ҩык рҟынӡа апасаџьырцәа аднакылон.
Ешба игәаанагарала, Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аԥсахгатә цәаҳәак амазар ауп. Уи аҳасаб ала, Гәдоуҭатәи аҳаирбаӷәаза ыҟазар ауеит ҳәа иԥхьаӡоит Ешба.
Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза Бабышара аҳаблаҿы иҟоуп, аҳҭнықалақьи иареи 18 километра рыбжьоуп. Уи ргылан иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы, аус ауан 1993 шықәсанӡа.