https://sputnik-abkhazia.info/20261028/1066628780.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Росатом" — ари Урыстәыла ашәарҭадара иастратегиатә шьаҭоуп, даара игәазырҳагоуп акорпорациа Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа ахьарҿио ҳәа азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ... 28.10.2026, Sputnik Аҧсны
2026-10-28T18:01+0300
2026-10-28T18:01+0300
2026-10-28T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1c/1066628614_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_888a42b3beae1fc55e2793b65e1a827c.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Росатом" — ари Урыстәыла ашәарҭадара иастратегиатә шьаҭоуп, даара игәазырҳагоуп акорпорациа Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа ахьарҿио ҳәа азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.Адипломат Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуа, атәыла анапхгара злахәу, афонд "АТР АЕС" инарҭбаау аилатәараҿы дықәгылеит. "Росатом" еснагь асистематә знеишьеи, астратегиатә хәыцреи, аусқәа реишьҭагылареи аныԥшуан", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков. Иара иҳәеит Аԥсны аиҿкаара ишымҩаԥнаго акультуратә, аспорттә, арҵаратә проектқәа, урҭ ареспублика аекономикаҿгьы ианыԥшуазароуп ҳәа.
Атомкласс ҿыцқәа ԥшьба Аԥсны иаадыртит 2026 шықәсазы ҳәа лҳәеит ареспублика Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.Аклассқәа аартын гагратәи алицеи-интернат, кациқыҭ, галтәи ашколқәа рҿы.Апроект "Росатом ашкол" алахәхара аҵаратә усбарҭақәеи аҵаҩцәеи рзы алшара аанартуеит аусеицуразы, аԥышәа аимдаразы, жәларбжьаратәи аолимпиадақәа рылахәхаразы ҳәа азгәалҭеит аминистр. Гәынԥҳа илҳәеит аминистрра аконцерн аус ацура ишалагаз 2021 шықәсазы.
Аԥсуа ҵарауаа иреиӷьу амуниципалтә практикақәа жәларбжьаратәи реимдара апрограмма анагӡара рхы аладырхәырц инаԥхьахоит ҳәа лҳәеит "Росэнергоатом" арегионалтә политиказы адиректор Светлана Чурилова. "Ҳара, ииашаҵәҟьаны, иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Афизика-техникатә институт атомтә проект иахәҭакын, аҭакԥхықәра ду зцу амиссиа нанагӡон", — ҳәа азгәалҭеит лара. Чурилова илгәалалыршәеит асовет шықәсқәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа аус шыруаз аиадертә реакторқәа, ациклотрон уҳәа егьырҭ ахархәагақәа, урҭ акосмос аҭҵаареи атомтә енергетика аҿиареи рзы акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа нарыгӡон.
Сынтәа 2 млрд мааҭ рҟынӡа аиураз еиндаҭлоит апрограмма "Росмолодежь.Агрантқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа лҳәеит "Аресурстә ҿартә центр" адиректор Ольга Иуркова. Аԥарақәа еихшахоит иреиҳау аҵараиурҭақәеи, апатриоттә еиҿкаарақәеи, ахатәхаҿқәеи рыбжьара. Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы ҳәа лҳәеит лара афонд "АТР АЕС" аилатәараҿы. Иуркова иара убасгьы ареспубликаҟынтәи аделегациа ааԥхьара рылҭеит абҵара 12-13 рзы Нальчик имҩаԥысраны иҟоу афорум ду "Алшарақәа реилашыкьымҭа" рхы аладырхәырц.
"Росатом" — ари Урыстәыла ашәарҭадара иастратегиатә шьаҭоуп, даара игәазырҳагоуп акорпорациа Аԥсни иареи реизыҟазаашьақәа ахьарҿио ҳәа азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков.Адипломат Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуа, атәыла анапхгара злахәу, афонд "АТР АЕС" инарҭбаау аилатәараҿы дықәгылеит. "Росатом" еснагь асистематә знеишьеи, астратегиатә хәыцреи, аусқәа реишьҭагылареи аныԥшуан", — ҳәа азгәеиҭеит Гладков. Иара иҳәеит Аԥсны аиҿкаара ишымҩаԥнаго акультуратә, аспорттә, арҵаратә проектқәа, урҭ ареспублика аекономикаҿгьы ианыԥшуазароуп ҳәа. Атомкласс ҿыцқәа ԥшьба Аԥсны иаадыртит 2026 шықәсазы ҳәа лҳәеит ареспублика Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа.Аклассқәа аартын гагратәи алицеи-интернат, кациқыҭ, галтәи ашколқәа рҿы.Апроект "Росатом ашкол" алахәхара аҵаратә усбарҭақәеи аҵаҩцәеи рзы алшара аанартуеит аусеицуразы, аԥышәа аимдаразы, жәларбжьаратәи аолимпиадақәа рылахәхаразы ҳәа азгәалҭеит аминистр. Гәынԥҳа илҳәеит аминистрра аконцерн аус ацура ишалагаз 2021 шықәсазы. Аԥсуа ҵарауаа иреиӷьу амуниципалтә практикақәа жәларбжьаратәи реимдара апрограмма анагӡара рхы аладырхәырц инаԥхьахоит ҳәа лҳәеит "Росэнергоатом" арегионалтә политиказы адиректор Светлана Чурилова. "Ҳара, ииашаҵәҟьаны, иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп. Афизика-техникатә институт атомтә проект иахәҭакын, аҭакԥхықәра ду зцу амиссиа нанагӡон", — ҳәа азгәалҭеит лара. Чурилова илгәалалыршәеит асовет шықәсқәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа аус шыруаз аиадертә реакторқәа, ациклотрон уҳәа егьырҭ ахархәагақәа, урҭ акосмос аҭҵаареи атомтә енергетика аҿиареи рзы акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа нарыгӡон.Сынтәа 2 млрд мааҭ рҟынӡа аиураз еиндаҭлоит апрограмма "Росмолодежь.Агрантқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа лҳәеит "Аресурстә ҿартә центр" адиректор Ольга Иуркова. Аԥарақәа еихшахоит иреиҳау аҵараиурҭақәеи, апатриоттә еиҿкаарақәеи, ахатәхаҿқәеи рыбжьара. Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны ахаҭарнакцәагьы ҳәа лҳәеит лара афонд "АТР АЕС" аилатәараҿы. Иуркова иара убасгьы ареспубликаҟынтәи аделегациа ааԥхьара рылҭеит абҵара 12-13 рзы Нальчик имҩаԥысраны иҟоу афорум ду "Алшарақәа реилашыкьымҭа" рхы аладырхәырц.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0a/1c/1066628614_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_227de7bc3c2d0d1bad936c0170d8601f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио