АҞӘА, жәб 16 – Sputnik, Наала Аҩӡԥҳа. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Санкт-Петербургтәи аматериалтә культура аинститутии рҟынтә аҵарауаа 2015 шықәса аԥхынра актәи азбжазы Иашҭхәа апалеолит аепоха аҭҵааразы аекспедициа мҩаԥыргоит.
Аекспедициа амҩаԥгара аидеиа ртәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуеи, Санкт-Петербургтәи иколлега, археолог Сергеи Кулакови.
Аркади Џьопуа акраҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит ари аекспедициа хықәкыла палеолит ҭызҵаауа археолог дахьалахәу. Иара иажәақәа рыла, Аԥсны ари аепоха ҭызҵаауа аспециалистцәа ыҟаӡам.
"Археологиа азаанаҭ ахь ицо ҳҿар апалеолит алырхӡом. Убри аҟнытә аҳәаанырцәтәи ҳколлегацәа рпотенциал ҳхы иаҳмырхәар ҟалаӡом. Иҿыцу аматериалқәа ҳҭахуп", – иҳәеит Џьопуа.
Иашҭхәатәи аекспедициа 15-20 мшы рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит, ажрақәа хықәкыс ирымоуп – ажәытә ауаа ахьынхоз иконкреттәу аҭыԥ аԥшаара.
"Уаҟа алагер ҳаргылоит. Аспециалистцәа рацәаҩны иадгалазаауеит – адгьыл аҭҵааҩцәа, агеодезистцәа уҳәа. Хәҭа-хәҭала ижуа ауаҩы дахьықәынхоз адгьыл аҟынӡа ҳнаӡарц ҳгәы иҭоуп", – иҳәеит амузеи адиректор.
Иашҭхәатәи аангыларҭа, Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, Кавказ иахьаҵанакуа ажәытә хаҳәтә шәышықәсахь иаҵанакуа реиҳа ижәытәӡатәиу ауаа раангыларҭас иԥхьаӡоуп. Уи аҵакыра 70 гектар ыҟоуп.