Sputnik Аԥсны арадиоеиндаҭлара "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" аҽаланырхәуеит

© Sputnik / Игорь Руссак / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАжәабжьқәа рмаҵзура Sputnik апавилион.
Ажәабжьқәа рмаҵзура Sputnik апавилион. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны "Совинформбиуро" 75-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи арадиоеиндаҭлара "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ахы аланархәуеит

АҞӘА, жәабран 12 — Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа. Sputnik Аԥсны "Совинформбиуро" 75-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи арадиоеиндаҭлара "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ахы аланархәуеит.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашықәс уадаҩқәа рзы, асовет жәлар зегьы иакыз Рыԥсадгьыл ду ахьчаразы иангылаз рыгәқәа хыҭхыҭуа иазыԥшын асовинформбиуро ирзаанагоз ажәабжьқәа. Иури Борис-иԥа Левитан ибжьакәын урҭ иразҳәоз аиааирақәеи аҵахарақәеи рыӡбахә. Левитан ибжьоуп ирылазҳәаз жәлары зегьы ззыԥшыз Аиааира. Иахьа, уиижьҭеи 70 шықәса шыҵхьоугьы Левитан ибжьы усҟантәи аамҭақәа рахь уархынҳәуеит, асовет жәлар рахь агәадура цәырнагоит", — иҳәеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны адиректор Инал Лазба.

Аиндаҭлара рхы аладырхәыр рылшоит Урыстәылеи, ИАР атәылақәеи, балтиатәи атәылақәеи рҟынтәи амҩаԥгаҩцәеи акорреспондентцәеи. Азыҳәақәа рыдыркылоит жәабран 1 инаркны мшаԥы 15 рҟынӡа.

Арадиоеиндаҭлара далахәхоит Sputnik Аԥсны акорреспондент Роберт Џьапуа.

Аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" хацыркхеит Урыстәылеи Балтиеи

"Аиндаҭлара рыларҳәаанӡа сара Левитан ибжьала мамазаргьы аҽаӡәы ибжьала сцәажәап ҳәа саҿымызт. Иури Борис-иԥа ибжьы аиҭаҳәара акырӡа иуадаҩуп. Абжьадагьы аинтонациа, аҳәашьа, ииҳәоз гәыла-ԥсыла иахьынӡаидикылоз — абарҭ зегьы рызхьаԥшра аҭахыуп, ҩныҵҟала урықәшәароуп", — иҳәоит Роберт Џьапуа.

Аиндаҭлара алауреатцәа алызкаауа ажиури иалахәуп: Урыстәыла жәлар рартист Виктор Балашов, ВШЕ акоммуникациеи, амедиеи, адизаини рфакультет адекан Андреи Быстрицки, арадиомҩаԥгаҩцәа Рмилаҭтә ассоциациа апрезидент Едуард Сагалаев, ГРК "Радио России" адиректор хада Виачеслав Умановски, адиктор Анна Шатилова.

Иаиааиуа ианашьахоит адиплом, агәаларшәагатә статуетка, 50 000 мааҭ. Аиндаҭлара апризиорцәа иранашьахоит адипломқәа, аԥаратә ҳамҭақәа. Алауреатцәа рыхьӡқәа рыларҳәоит лаҵарамза 5 рзы. Адныҳәалара аныҳәатә церемониа мҩаԥысуеит Москва, рашәара 24 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0