Аӡынба: Искандер иҳәахьа инақәыршәаны Москва анышә дамардоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба.
Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва алитераторцәа Рыҩны аҟны асааҭ 11.00 рзы иалагеит аграждантә панихида.

АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Фазиль Искандер Москва анышә дамардоит иԥсы анҭаз иҟаиҵаз аҳәахьа инақәыршәаны, ҳәа иҳәоит Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Шамил Аӡынба.

"Ирацәаҩуп иҵаауа абри аганахьала. Аха ҳара ашәҟәыҩҩы иҭаацәа рыгәрамгара азин ҳамам. Иԥҳәыси ихшареи ирҳәеит иара уаанӡа аҳәахьа шыҟаиҵахьаз Москва ақалақь аҟны анышә дамадазарц. Иара гәыла-ԥсыла даԥсыуан, аха иԥсҭазаара абжеиҳара Москва ихигеит", — иҳәеит Аӡынба.

Фазиль Искандер аԥсуаа мацара дыртәымызт, иара адунеи уаажәларра, аиҳаракгьы аурыс дунеи дахәҭакын, ҳәа азгәеиҭоит Аӡынба.

"Ҳара иара игәалашәара анаӡаӡатәразы иахәҭаны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы азгәаҳҭоит", — иҳәеит иара.

Иахьа Аԥснынтәи Москваҟа ицеит аделегациа, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхарц.

Аҳәынҭқарратә бираҟ - Sputnik Аҧсны
Фазиль анышә данамардо амш Аԥсны лахьеиқәҵаратә мшны ирылаҳәоуп

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс.

1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа).

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Ашәҟәыҩҩы анышә дамадахоит акомпозитор Андреи Ешпаии уаанӡатәи аминистр, асенатор Александр Починоки рывара.

Ажәабжьқәа зегьы
0