00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
13:58
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Голос молодого поколения: 18 лет независимости Абхазии глазами молодежи
14:46
5 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Эпоха Марлена Гадлия: 80 лет жизни и один завод
18:49
15 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара 2027 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азԥхьагәаҭа шьақәнарӷәӷәеит. Аусшәҟәы шьақәыргылан 2025 шықәсазтәи арбагақәеи, ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи фымз рыҩнуҵҟа заанаҵтәи алҵшәақәеи ҳасаб рзуны, иара иазԥхьагәанаҭоит аҿиара адинамика бзиа аиқәырхара ҳәа иҳәеит аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы. Иазԥхьагәаҭоуп, 2027 шықәсазы атауарқәеи амаҵзурақәеи еизаку рҭыжьра 246 млрд мааҭ артәоит ҳәа, уи 2025 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа ԥшьыџьара еиҳауп.
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа азинеиҿкаара аиқәыршәара иалацәажәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусуратә еилацәажәарақәа рҿы. Аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит нанҳәа 26-27 рзы. Азинхьчацәа аус рыдырулеит аиҿкааратәи аоперативтәи уснагӡатәқәа, архәҭақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи ақалақьтә маҵзурақәеи рыбжьара акоординациа, амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара, ашьаҟамҩатә рныҟәарҭа ҭыԥқәа, амашьынақәа массала реизакра алмыршара азҵаарақәа.
Аминистрцәа реилазаара арҩашьыгатә маҭәашьарқәа рацәаны излоу аҵиаақәа рышьақәырӷәӷәаразы ақәҵара аԥсахрақәа аланагалеит. Аусшәҟәы инақәыршәаны, аҭакԥхықәра адҵаразы анаркотикатә маҭәашьар рацәаны ирылоуп ҳәа иԥхьаӡоуп жәашьаҭак алотос иаҵәа, апсилоцибин ма апсилоцин злоу акәыкәбаақәа, амескалинтә кактус, акат, акокаин чықь, аныцә, абларкыга, аҟәылбыш. Адокумент амчра аиуеит ианкьыԥхьха аҽны инаркны.
Акаҳуа-фест "Акаҳуатә цәқәырԥа" аҭаара зҭаху зегьы рзы иаартуп ҳәа иҳәеит апроект аменеџьер Ҭемыр Мықәба. Диоскураа рыԥшаҳәаҿы иҟоу абаҳча маҷ аҿы алахәылацәа рекспозициа ҭбаа еиҿыркаауеит, рҟазара аадырԥшуеит Аԥсни, Урыстәылеи, Никарагуеи, Венесуелеи рҟынтәи акаҳуа ҷыҷцәа. Асасцәа ирылшоит еиуеиԥшым акаҳуа хкқәа, аҭыԥантәи ахаа-мыхаақәа ргьама абара, асасцәа хәыҷқәа рзы ахәыҷтәы ҷыдала аусмҩаԥгатә еиҿыркаауеит ҳәа ациҵеит Мықәба.
Ажәабжьқәа зегьы
0