https://sputnik-abkhazia.info/20260825/1065176162.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иҳәеит Дмитри Медведев. "Ареспубликақәа рганахь ала иҳадаҳкылаз... 25.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-25T13:01+0300
2026-08-25T13:01+0300
2026-08-25T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/19/1065175996_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_cd560f902bb682fe47c8e8f394e42875.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иҳәеит Дмитри Медведев. "Ареспубликақәа рганахь ала иҳадаҳкылаз аӡбамҭа, урҭ жәларбжьаратәи азин иасубиектны рыҟазаара цәырнагеит", — ҳәа азгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ, агазеҭ "Аахыҵ Уаԥстәыла" аинтервиу аҭо. Медведев иҳәеит азхаҵара ишыхнаркәшаз ҩ-жәларык шықәсырацәалатәи рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, Михаил Саакашвили ирежими мраҭашәаратәи икураторцәеи идырхиаз ақәӡаара иацәнахьчеит ҳәа ациҵеит иара.
Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа азинеиҿкаара аиқәыршәара иалацәажәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусуратә еилацәажәарақәа рҿы. Аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит нанҳәа 26-27 рзы. Азинхьчацәа аус рыдырулеит аиҿкааратәи аоперативтәи уснагӡатәқәа, архәҭақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи ақалақьтә маҵзурақәеи рыбжьара акоординациа, амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара, ашьаҟамҩатә рныҟәарҭа ҭыԥқәа, амашьынақәа массала реизакра алмыршара азҵаарақәа.
Аԥсны АҶА Ԥсҳәы аиқәырхаҩцәа реиқәыршәара арӷәӷәоит. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба ашьхаҳаракыратә қыҭахь усутә ныҟәарала дцеит, уаҟа АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә ҭыԥ хаҭалатәи аилазаара дырԥылеит. Аусбарҭа аиҳабы аиқәырхаҩцәа русура аҭагылазаашьеи техникала реиқәыршәареи гәеиҭеит ҳәа аанацҳуеит аминистрра апресс-маҵзура. Аҩӡба иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа ирҭахуп зымҩасра ӷәӷәоу автомашьынеи асықәныҟәагеи. Ԥсҳәы ақыҭан шықәсык ахь хәымз инарзынаԥшуа асы шьҭахоит. Аԥхын аиқәырхаҩцәа русура иацлоит атуристцәеи ашьаҟауаа ргәыԥқәеи рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа азы. Аамҭа-аамҭала урҭ ирӡызи ааха заузи ирыцхраалар акәхоит ҳәа ацырҵеит аусбарҭаҿы.
Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа "Акультуреи аҟазареи рҿы алшамҭақәа рзы" аорден ланеишьеит. Уи азы аусԥҟа азинтә актқәа ахькьыԥхьу аофициалтә портал аҿы иарбоуп. "Акультуреи аҟазареи рганахьала лылшамҭақәеи, шықәсырацәалатәи хра злоу лусуреи рзы аорден ланашьоуп Гьерзмаа Хьыбла Леуарса-иԥҳа — Москва ақалақь акультура аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭа "Жәлар рартистцәа К.С. Станиславскии Вл.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Музыкатә театр артистка-авокалистка", — ҳәа аҳәоит аусшәҟә атекст аҿы.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара агеополитикатә ҭагылазаашьа ҿыц шьақәнарӷәӷәеит ҳәа иҳәеит Дмитри Медведев. "Ареспубликақәа рганахь ала иҳадаҳкылаз аӡбамҭа, урҭ жәларбжьаратәи азин иасубиектны рыҟазаара цәырнагеит", — ҳәа азгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә хеилак ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ, агазеҭ "Аахыҵ Уаԥстәыла" аинтервиу аҭо. Медведев иҳәеит азхаҵара ишыхнаркәшаз ҩ-жәларык шықәсырацәалатәи рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, Михаил Саакашвили ирежими мраҭашәаратәи икураторцәеи идырхиаз ақәӡаара иацәнахьчеит ҳәа ациҵеит иара.Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара амш иазку аусмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа азинеиҿкаара аиқәыршәара иалацәажәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусуратә еилацәажәарақәа рҿы. Аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит нанҳәа 26-27 рзы. Азинхьчацәа аус рыдырулеит аиҿкааратәи аоперативтәи уснагӡатәқәа, архәҭақәеи егьырҭ аусбарҭақәеи ақалақьтә маҵзурақәеи рыбжьара акоординациа, амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәара, ашьаҟамҩатә рныҟәарҭа ҭыԥқәа, амашьынақәа массала реизакра алмыршара азҵаарақәа. Аԥсны АҶА Ԥсҳәы аиқәырхаҩцәа реиқәыршәара арӷәӷәоит. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Алиас Аҩӡба ашьхаҳаракыратә қыҭахь усутә ныҟәарала дцеит, уаҟа АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә ҭыԥ хаҭалатәи аилазаара дырԥылеит. Аусбарҭа аиҳабы аиқәырхаҩцәа русура аҭагылазаашьеи техникала реиқәыршәареи гәеиҭеит ҳәа аанацҳуеит аминистрра апресс-маҵзура. Аҩӡба иажәақәа рыла, аиқәырхаҩцәа ирҭахуп зымҩасра ӷәӷәоу автомашьынеи асықәныҟәагеи. Ԥсҳәы ақыҭан шықәсык ахь хәымз инарзынаԥшуа асы шьҭахоит. Аԥхын аиқәырхаҩцәа русура иацлоит атуристцәеи ашьаҟауаа ргәыԥқәеи рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа азы. Аамҭа-аамҭала урҭ ирӡызи ааха заузи ирыцхраалар акәхоит ҳәа ацырҵеит аусбарҭаҿы. Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа "Акультуреи аҟазареи рҿы алшамҭақәа рзы" аорден ланеишьеит. Уи азы аусԥҟа азинтә актқәа ахькьыԥхьу аофициалтә портал аҿы иарбоуп. "Акультуреи аҟазареи рганахьала лылшамҭақәеи, шықәсырацәалатәи хра злоу лусуреи рзы аорден ланашьоуп Гьерзмаа Хьыбла Леуарса-иԥҳа — Москва ақалақь акультура аҳәынҭқарратә биуџьеттә усбарҭа "Жәлар рартистцәа К.С. Станиславскии Вл.И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Музыкатә театр артистка-авокалистка", — ҳәа аҳәоит аусшәҟә атекст аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/19/1065175996_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_86a42d28e5b5d78638c672b163e821f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио