Агазеҭ "Аԥсны", нас уи аԥхьаҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАгазеҭ "Аԥсны"
Агазеҭ Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1919 шықәса раахыс иҭыҵуа агазеҭ иара ианаамҭаз аԥсуаа рзы иҿахәҳәаганы иҟан. Иахьатәи аамҭазы агазеҭ аҭагылазаашьа дазааҭгылоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа.

"Ҳгазеҭ заҵәы" рҳәоит аԥсуаа иахьатәи аинформациатә еилашыра иаламӡыкәа еиқәханы иахьыҟоу агазеҭ "Аԥсны" азы. Аамҭа цоит, аинформациатә хсаалаҿы аиндаҭлара амҽахак аҿарҭбаауеит, ицәырҵуеит еиуеиԥшым ахархәагақәа, аинтернет ресурсқәа, урҭ рыбжьара иҟоуп иҳәынҭқарратәу еиԥш, ихьыԥшым, мамзаргьы ахатә ҭыжьымҭақәа. Ииашоуп, ԥсышәала иҭыҵуа еиҳа имаҷуп, ҳбызшәа зхысуа ауадаҩракәеи, "аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан" ахьеилагоуи ирыхҟьаны.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Ҳазҭагылоу аамҭазы, еиуиеиԥшым аинтерент хархәагақәа рыбзоурала, ажәабжь мацәыс еимҟьаран адунеи ианалсуа, мчыбжьык ахь ҩынтә иҭыҵуа, ԥсышәала ицәажәо агазеҭ аиндаҭлараҿы аԥхьагалара алыршара имариам зҵаатәуп.

Агазеҭ "Аԥсны" атираж 1000 цыра ыҟоуп, урҭ рахьтә 600 ма 700 араиаонқәеи ақалақьқәеи илырҩаауеит. Инхо атәы ҳхәозар, ус изҭаху ирырҭоит, аҭирҭақәа рҿы иуԥыхьашәом. Ԥсышәала иҭыҵуа агазеҭ аԥхьаҩ иааихәарц азы, иану астатиақәа ицҳафыруа иҟоу аинформациатә хылҩаԥсылҩа рхылҵуазароуп. Иаԥхьода агазеҭ "Аԥсны"? Иҟалап, иара илызҩаауа араиаонқәа радминистрациақәагьы аҽраԥшразы илырҩаауазар, мамзар мчыбжьык ахь ҩынтә иҭыҵуа агазеҭ, уаҳа аҳеидеи ыҟамкәа, аиамк–аиҿак зцу ацәажәара ахылымҵуа ишԥаҟаларыз?

Ирлас-ырласны ажурналистцәеи аполитикцәеи аимак-аиҿак анроуа ҟалалоит астатиакәеи мамазаргьы, ателесиужетқәеи ирыхҟьаны. Агазеҭ "Аԥсны" аусуҩцәа рахь авбагьы уԥылом, уамак аҽхәаԥхьыӡгьы. 

Аҳәынҭқарра агазеҭ иақәханарџьуа атәы ҳҳәозар, шықәсык 3 миллионки 466 нызқьи 400 мааҭи. Иагьмаҷым, аха иагьырацәам, Аԥсны ахыи аҵыхәеи агазеҭ иахьақәнагоу инеиуа, хра злоу аҩымҭақәа аныло аҟаҵаразы. Ус акәзаргьы, агазеҭ аԥара аназоужьха, иара иақәнагоу афункциақәа нанагӡалароуп. Акыр шықәса раԥхьа, аҵарауаҩ Ермолаи Аџьынџьал иинтервиуқәа рука аҿы иҳәахьан "СССР ахаантәи ацәаҩа ҳзахымсит", ҳәа. Аибашьра ашьҭахьтәи аԥхьаҩцәа есқьынагьы ирымоуп агәынамӡара, агазеҭ "Аԥсны" "ицҳафыруа иҟоу астатаиақәа аным, аимак аиҿакгьы убом" ҳәа.

Апарламент. - Sputnik Аҧсны
Ақьаад ианхалаз азакәан

Еилкаауп, иҳәынҭқарратәу аҭыжьымҭақәа рҿы, аҽҟьарҭа еиҳа ишмаҷу, аха усгьы, ажәлар рҿы излацәажәо ажәабыжь иазкны, агазеҭ ацәажәара хнартлароуп, мамазар,  атәыла анапхгара рықәҵарақәа  рыла еиҿартәу ҭыжьымҭахоит. Иахьатәи аԥхьаҩ иакәзар, иалихуа имоуп, ԥсышәалагьы, урысшәалагьы аус зуа аинформациатә хархәагақәа маҷымкәа ицәырҵхьеит.

Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, раԥхьа иргыланы анкьа ишыҟаз еипш, аполемикатә ҟазшьа змоу арубрикақәа аарттәуп агазеҭ аҿы, нас аҭирҭақәа рҿы ицәыргалатәуп, ҳәа игәаанагара ааирԥшуеит агазеҭ иаԥхьо иаҳасабала. "Анкьа" ҳәа ажурнал "Алашара" аредактор дызҿу асовет аамҭазы иҭыҵуаз агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" ҳазааҭгылозар, ацензура ду шыҟазгьы, уи адаҟьақәа рҿы иаҳԥылон "Ажыцба Кәыц, шәаҿамшәан иҿаԥыц" еиԥш иҟаз арубрика.

Уи иаҿашәаз ачынуаҩгьы иусқәа бааԥсын, избанзар, уа ианырҵон анегативтә ҟазшьа змаз ацәырҵрақәа, зхы зымакәачраз ачынуаа русушьа иазкыз акритикатә нҵамҭақәа. "Аԥсны ҟаԥшь" адаҟьаҿы иуԥылон "аџьажәлар рышәҟәқәа" захьӡыз акәакь. Ажәакала, асовет чынуаа дуқәа еилыркаауан, агазеҭ аҿы аҽхәаԥхьыӡ ада, ишцәыргалатәыз ажәлар ргәы иҵхоз азҵаатәқәгьы, насгьы усҟантәи асистемаҿы Аԥсны ахьынӡанаӡааӡоз СССР иаҵанакуаз ареспубликақәа рҿы иҭыҵуаз агазеҭқәеи ажурналқәеи зегьы ироуа асистема еиҿкаан. Ажәакала, агазеҭ, ма ажурнал аԥхьаҩ иҩны изнаргон. 

Аибашьра ашьтахь, асоветтә ҳәынҭқарра иамаз абзиарақәа реиқәырхара уадаҩхеит. Агазеҭқәеи ажурналқәеи зауаз ҳтәылауаа уи иалыхәдаахеит. Убарҭ зегь ирылҵшәаны, аԥсуа кьыԥхь — шамаха акәымзар, аинтернет ахархәаҩцәа рзы аус ауеит.

Аибашьра ашьҭахьтәи агазеҭ "Аԥсны" ҳазааҭгылозар, хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз ауадаҩрақәа рнаҩсан, иахьатәи аԥхьаҩ дыздызхало акакәны иҟоуп ҳәа аҳәара уадаҩуп. Агазеҭ аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иануп "Агазеҭ адҵала иҩым астатиа, ахә аредакциа иазшәаӡом". Ари иаанаго, агазеҭ аредактор хада илшом, аналитика, ма даҽа хырхарҭак змоу аматериалқәа рыҩразы аҟазара злоу ауаа аусура радԥхьалара.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Апартиақәеи алхрақәеи

Иахьа агазеҭ "Аԥсны" редактор хадас иҟаҵоу Енвер Ажьиба дақәшаҳаҭуп ари "Зҩымҭақәа, зхәыцшьа угәаԥхо ауаҩы агазеҭ дадуԥхьаларц азы, агонорар изушәалароуп. Усҟан, араҟа аус бзианы изуа рнаҩсан, агазеҭ адаҟьаҿы ицәыругалар алшоит астиль бзиа змоу авторцәа. Аамҭа шыҟоу ала, амалаҳәа иахьа астатиа аҿаҵара ауам, иагьиашам", инаҳаҭеикит аредактор хада. Агазеҭ иахьатәи асметаҿы иарбам аредакциа анҭыҵтәи авторцәа рзы агонорар. Уи иаанагоит, ԥсышәала иҭыҵуа аҳәынҭқарратә газеҭ ԥхьаҟа ацара ацәыуадаҩхоит ҳәа.

Агазеҭ акрреспондент улафахәыс изыԥҵәои ҳәа ауаҩы дазҵаауазар — 5 нызқь 175 мааҭ ыҟоуп, иара убас, аредакциа зегьы мызкы агонорар аҳасабала 20 нызқь азоужьуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьа иаҳнаробоит иреиӷьу ажурналистцәа, еиҳананы изшәо аҭыжьымҭақәа рахь ицар шауа, мамзаргьы, абас имаҷны изауа агазеҭ акорреспондент даҽаџьарагьы аусутәыс ишиоуа. 

Ус акәзаргьы, иахьа шықәсык 3 миллионк инарыцны аҳәынҭқарра иззоунажьуа агазеҭ иану аматериалқәа рыхьыӡқәа уанрыхәаԥшуа, иумбарц залошм, астиль аганахьала егьырҭ ишрыҵахо. "Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аилацәажәара", "Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы", "Аполитикатә партиа "Аԥсны" апрограмма" уҳәа реиԥш еизадоу ахьыӡ змоу аԥхьаҩ иадԥхьалара мариам. Ари агәаанагара дақәшаҳаҭуп Енвер Ажьиба "агазеҭ иаԥхьо иҟаҵатәуп, астатиа ахьӡ акраҵанкуеит, иара убас актуалра злоу аматериалкәагьы ирлас-ырлас икьыԥхьлатәуп", — иҳәоит агәҭакқәа змоу аредактор ҿыц.

Хымԥада, "Аԥсны" адаҟьаҿы иануԥыло ыҟоуп ицҳафыруа астатиақәа. Ҿырԥштәыс иааҳгозар, араҟа иануп (ажьырныҳәа 27 2017 ш. №5) даҽаџьара ирымҩыз, ирымҳәаз агәаанагара. Аҵарауаҩ Владимир Агрба "Изхаҵгылатәу аус" захьӡу истатиаҿы Дырмит Гәлиа ипремиа ашашьазы, акритикатә ҟазшьа змоу агәаанагара цәыригоит.

Избирательная урна - Sputnik Аҧсны
Далырхит – дырхашҭит

Ус анакәха, ҳазлацәажәо агазеҭ иалшоит еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу, иҵару атемақәа рцәыргара. Аха, уи уарла-шәарла акәымкәа, номерцыԥхьаӡа иҟазароуп. Абас еиԥш иуадаҩу азҵаатәқәа иаԥхьа иқәгылоуп аԥсуа газеҭ "Аԥсны" иахьатәи аредактор хада иҿаԥхьа. Агазеҭ иамоу аҭагылазаашьа зеиӷьыҟам акәымзаргьы, зегь акоуп, хыхь ҿырԥштәыс иааҳгаз астатиа, нас уи азы даҽа гәаанагарак аныло иалагар, иалшоит аԥхьаҩ агазеҭ абазбари ҳәа дашьҭалар.

Иазгәаҭатәуп, иахьа агазеҭ "Аԥсны" ишамам асаит, мамзаргьы, аԥсуаа рӷьырак зыԥхьо "Феисбук" аҿы адаҟьа. Агазеҭ "Республика Абхазия" акәзар, уи аганахь ала иаҵахом. Асаит аартра ахарџь аҭахызар, "Феисбук" аҿы хәыда-ԥсада адаҟьа аауртыр ауеит. Аредакциа уаҟа алшара амоуп агазеҭ иану астатиақәа рӡыргаразы.

Агазеҭ аредакциазы, ари гха дууп избанзар, аинтернет ахархәаҩцәа рыбжьара имаҷҩым аԥсышәла иҩуа, иаԥхьо. Иара убас, "Феисбук" ацәаҳәаҿы ицәырҵуеит Аԥсны анҭыҵ иҟоу ҳара ҳдиаспора. Аредакциа санаҭаа иҟоуп игәасҭаз даҽакгьы, 08. 02. 2017 шықәсазы иарҭаз агазеҭ аредактор хада иусурҭатә уадаҟны иҟаӡам акомпиутер, инагаӡам аинтернет ацәаҳәа. Шәазхәыц, агазеҭ мҩақәызҵо аредактор иахьатәи амаҭазы аинтернет аҭапшразы алшара имамзар, аусуара "шаҟа изымариоу"? Иҟалап ари аԥарадара акәымкәа, аиҿымкаара иалҵшәазаргьы….

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит

Ажәабжьқәа зегьы
0