"Пицунда ауарӷантә хәылԥазқәа" аатит

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие летнего сезона в Пицундском храме. Фото с места события
Открытие летнего сезона в Пицундском храме. Фото с места события - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
V аиубилеитә жәларбжьаратә фестиваль "Пицунда ауарӷантә хәылԥазқәа" аатит Пицундатәи аныхабааҿ, цәыббра 12 асааҭ 20.00 рзы. Иара азыӡырыҩцәа ирнаҭоит алшара мчыбжьык аҩныҵҟа иреиӷьу арҿиамҭақәа иреиӷьу ауарӷанарҳәаҩцәа рҟынтәи рзыӡырыҩрра.

АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. V аиубилеитә жәларбжьаратә фестиваль "Пицунда ауарӷантә хәылԥазқәа" аатит Пицундатәи аныхабааҿ, цәыббра 12 асааҭ 20.00 рзы.

Иара азыӡырыҩцәа ирнаҭоит алшара мчыбжьык аҩныҵҟа Бах, Франк, Санс, Лист уҳәа егьырҭ аклассикатә музыка ахаҭарнакцәа рырҿиамҭақәа иреиӷьу иреиӷьу ауарӷанарҳәаҩцәа рҟынтәи рзыӡырыҩрра.

Афестиваль актәи амш аҟны ицәырган еиуеиԥшым амузыкатә стильқәеи ахырхарҭақәеи. Афестиваль апрограмма иалоуп ауарӷан азы ҷыдала иҩу амузыкеиԥш ауарӷан ахь иигоу амузыктә рҿиамҭақәагьы.

Афестиваль аҟны раԥхьаӡа акәны иадырҳәеит уаанӡа Аԥсны иадмырҳәацыз "Пицундатәи ауарӷан азы агимн". Амузыка иҩит Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә копелла адиректор Нодар Ҷанба. Агимн налыгӡон Аԥсны жәлар рартистка, ауарӷанарҳәаҩ Марина Шамԥҳа.

Москватәи ауарӷанарҳәаҩ, Москватәи аконсерваториа апрофессор Алексеи Семеновизныкымкәа афестиваль ихы алаирхәхьеит. Афестиваль актәи амш азы инеигӡеит Иоганн Лиудвиг Кребс ихоралтә прелиудиеи а и интродукцию анемец романтик Макс Регер и-пассакаль ре минори. Афестиваль аҩбатәи амш азы ихатә программа азыӡырыҩцәа ирыдигалоит.

Органные вечера откроются в Пицунде - Sputnik Аҧсны
"Ауарӷантә хәылԥазқәа" Пицунда иаатуеит

"Афестиваль иалахәхар зҭаху маҷым. Иара уажәшьҭа ихҭыс дуны иҟало иалагеит. Адунеи аҟны иҟам бжьыла еиԥшу ауарӷанқәа ҩба. Иарбанызаалак ауарӷан уникалуп", — иҳәеит Семенов.

Тверь ақалақь аҟынтәи аԥсшьаҩцәа Лиудмила Андреевеи Наталиа Жуковеи иаҳзеиҭарҳәеит ауарӷантә хәылԥазқәа зегь иреиӷьу ԥсшьараамҭан изырбо атәы.

"Насыԥк еиԥш иҳаԥхьаӡоит аинструмент иахьатәи ҳаамҭаҟынӡа еиқәханы иахьыҟоу. Амузыка аҽа дунеик ахь ҳагеит", — лҳәеит Андреева.

Наталиа Жукова иазгәалҭеит Тверь ақалақь аҟны ауарӷантә концертқәа дшырҭаало, аха 13 шықәса раԥхьа Пицунда дыззыӡырҩыз ауарӷани иареи шылзеидымкыло.

Афестиваль аҳәаақәа Аԥсны аҵакыра иҭыҵижьҭеи акрааҵуеит ҳәа азгәалҭеит ахәылԥаз амҩаԥгаҩ Есма Џьениаԥҳа.

"Афестиваль амузыка адунеи аҳәаақәа арҭбаауеит. Иреиӷьу амузыкантцәа аднаԥхьалоит. Уи адагьы афестиваль аҟны иуаҳар улшоит иреиӷьӡоу арҿиамҭақәа, уаанӡа иумаҳацыз мамзаргьы Аԥсныдгьыл уаанӡа иқәымҩыцыз", — лҳәеит лара.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Кристина Ешԥҳа (сопрано) Гендель иопера "Юлий Цезарь в Египте" аҟынтәи Клеопатра лариа налыгӡеит. Ашәаҳәаҩ илҳәеит ес-мҽыша имҩаԥысуа аконцертқәа рҟны аасҭа афестиваль аҟны агәыхыҭхыҭра шлызцәырҵыз.

"Афестиваль аҟны урыцықәгылоит авиртуозцәа. Уаргьы урҭ рыҩаӡараҟынӡа аҩеира уҽазушәоит. Ухазын алкаақәа ҟауҵоит", — лҳәоит Ешԥҳа.

Урыстәылатәи Афедерациа аҟазара зҽаҧсазтәыз аусзуҩ Сергеи Будкеев афестиваль иамоу афилософиатә ган азгәеиҭеит:

"Есышықәса афестиваль ахь иаауа амузыкантцәа рхыҧхьаӡара еизҳауеит. Абри ауп ажәлар рдипломатиа ҳәа изышьҭоу, уи аҩаӡара апрофессионалтә дипломатиа аасҭа акыр еиҳауп. Сара сгәаанагарала, Пицундатәи ауарҕан иреиҕьӡоу европатәи ауарҕанқәа ҩажәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп. Уи ахьышьақәгылоу аныхабаа аҩныҵҟа иҟоу акустика Рига иҟоу Домтәи Аныхабаа иадукылартә иҟоуп. Сара ари аныхабааҟны аҽакалаӡа сыхәмаруеит. Аныхабаа ахаҭа 1000 шықәса иреиҳауп, ацәанырра ҷыда амоуп", — ҳәа.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит 2017 шықәсатәи ҭагалан амузыкатә хҭысқәа рыла ишбеиоу.

"Цәыббра музыкатә мзахеит. Ааигәа ихыркәшахеит ҳкопелла агострольқәа. Пицунда акәзар амузыкатә қалақь ҳәа азырҳәо иҟалеит. Аброуп рхы ахьыркыз "Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит…" захьӡу афестивальқәа. Уажәы даар Вена, Ниу-Иорк уҳәа ақалақьқәа рҟынгьы имҩаԥысуеит. Агәра ганы сыҟоуп ҳуарӷан ҳмузыкатә культура зегьы аныра шанаҭо", — лҳәеит аминистр.

Пицундатәи ауахәама - Sputnik Аҧсны
Пицунда имҩаԥган ауарӷан абжьи, авокали, апоезиеи ахьеилагӡаз аконцерт

Раԥхьаӡа акәны Пицунда ауарӷантә фестиваль мҩаԥигеит иара аԥшьгаҩ, Петр Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аконсерваториа апрофессор, ауарӷанарҳәаҩ Леонид Роизман, 1976 шықәса рзы.

2012 шықәса рзы урҭ атрадициақәа ирыцылҵеит Аԥсны жәлар рартистка Марина Шамԥҳа.

1975 шықәса абҵарамза акы азы Пицундатәи аныхабааҿы аконцерттә зал аартхеит. Раԥхьаӡа акәны Пицундатәи ауахәама иҩныҩит ауарӷан абжьы ссир. Ари аконцерт иаанартит атәыла амузыкатә ԥсҭазаараҿ иҿыцыз адаҟьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0