Амина Аншԥҳа аҳәса ртурнир аҿы аиааира лгеит

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие теннисного турнира им. С. Ардзинба
Открытие теннисного турнира им. С. Ардзинба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәсатәи апрофессионалтә ԥқьаҭасыҩцәа рыбжьара аҳәса ртурнир ITF Womens Circuit, мҩаԥысит Ҭырқәтәыла, Анталиа, хәажәкыра 5-11 рзы. Атурнир еиҿнакааит аԥқьаҭасразы Жәларбжьаратәи афедерациа.

АҞӘА, хәажәкыра 12– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Атурнир еиҿнакааит аԥқьаҭасразы Жәларбжьаратәи афедерациа. Атурнир аԥхьахәтә фонд иартәоит 15 000 доллар. Хәажәкыра 11 рзы аԥсуа ԥқьаҭасҩы Амина Аншԥҳа аиааира лгеит. Абри атәы аалыцҳауеит Анталиантәи аспортсменка лан, Емма Кәартааԥҳа.

Афинал аҟны Амина длындаҭлон ҭырқәтәылатәи аспортсменка.

Амина Аншба - Sputnik Аҧсны
Аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Ҭырқәтәыла араӡны медал ланашьахеит

"Аминеи Басак Ерадини акорт аҟны еиԥылеит. Амина аиааиар лгеит: 6-0, 6-0", — ҳәа еиҭалҳәоит Емма Кәартааԥҳа.

Афинал ахь днеиаанӡа Амина хә-хәмаррак мҩаԥылгеит.

Амина Аншԥҳа Анталиатәи лиааира ашьҭахь аԥқьаҭасыҩцәа адунеитә рклассификациа инақәыршәаны 350-тәи аҭыԥ ахь дхалоит.

Амина Аншԥҳа 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рыбжьара 2013 шықәса рзы зегьы драԥхьагылан, Урыстәыла, Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи атурнирқәа дрылахәын.

2016 шықәса рзы Европа ачемпионат аҿы 18 шықәса зхыҵуаз рыбжьара лҩызцәа ираԥылгеит. Уаанӡа 1995 шықәса рзы ираԥхьатәиу ҳәа атитул лыман Анна Курникова.

Амина дрылахәын: US Open (США), Roland Garros (Франциа) Wimbledon (Британиа ду).

Ажәабжьқәа зегьы
0