Чрыгба: шықәсқәак рышьҭахь аԥсуа бызшәа зынӡа иаӡӡаар ҟалоит

© SputnikЗаседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса "Алашара"
Заседание экспертного совета Международного объединения содействия развитию абазино-абхазского этноса Алашара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа-абаза етнос аҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи аидгыла "Алашара" аексперт хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 21 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ҩеижәа шықәса рышьҭахь Аԥсны зхатәы бызшәа здыруаны иаанхо 40 процент заҵәык ракәхоит иҳәеит апрограмма "Абазааи аԥсуааи: абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рԥеиԥш, адәытә усурақәа, архивтә материалқәа" анапхгаҩы Виачеслав Чрыгба.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы инеиҵыхыз аилатәара аҩаша лаҵарамза 30 рзы имҩаԥысит. - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: аԥсуа бызшәа иахьа ҳанахамҵгыла уаҵәы ихьшәахоит

"Асеиԥш ԥхьаҟагьы ҳхы мҩаԥаагалар абызшәа аԥсрахьы икылсуеит", — иҳәеит иара.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла Аԥсны араионқәа зегьы рҟны имҩаԥган абызшәа аҭагылазаашьа аҭҵаара.

"Ҳара ишьақәҳаргылеит ақыҭақәа рҿы аҭагылазаашьа уацәшәартә ишыҟам, аха аекономикатә мзызқәа ирыхҟьаны ақыҭа уааԥсыра маҷ-маҷ ақалақь ахь ииасуеит. Аиҵбыратә классқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны аԥсуа бызшәа здыруа рхыԥхьаӡара 20 — 30 процент артәоит. Абызшәа акыр иласны аӡра амҩа иануп", — иҳәеит иара.

Виачеслав Чрыгба иазиԥхьаӡоит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ауснагӡатәқәа зыԥшрак ҟамҵакәа ирылагатәуп ҳәа.

"Абызшәа аҳаҭыр шьҭыхтәуп, алшарақәа ырҭбаатәуп. Аԥсуа бызшәа официалла ҳәынҭқарратә бызшәаны ишшьоугьы ауниверситет аҿы акурсқәа рымҩаԥгарада хархәара аҭам. Абызшәа ажәаҟны акәымкәа иҳәынҭқарратә бызшәаҵәҟьаны иҟаҵатәуп. Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан акәзар шамахамзар ахархәара амам", — иҳәеит иара.

Арадио Sputnik Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ломиа: аԥсуа бызшәа аҿиара апрограмма ашьақәыргылара аус хацыркуп

Чрыгба иажәақәа рыла аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи аурыс бызшәа изацлабуам.

"Аԥснеиԥш абызшәа ахархәара хьысҳахо иалагеит Ҟарачы-Черқьесскгьы. Аурыс бызшәа амилаҭеимадаратә бызшәаны иҟоуп. Аурбанизациеи аглобализациеи ракәзар бызшәақәак рхархәара зынӡа иԥыркуеит. Ақалақь аҿы инхо абаза милаҭ рхәыҷқәа ракәзаргьы рыбжаҩык рхатәы бызшәа рыздырам" — иҳәоит аҵарауаҩ.

Аԥсны акәзар аҭагылазаашьа еиӷьуп ҳәа узазҳәом – аҳәынҭқарра шҳамоугьы, аԥсуа бызшәа ҭызҵаауа аинститутқәа, афондқәа, агәыԥқәа аус шыруагьы.

Чрыгба иҳәеит апрограмма хақәкны иамоу аԥсуеи абазеи бызшәақәа рҭагылазаашьа аҭҵаареи адунеитә ԥышәа ахархәарала уи аиӷьтәра алыршареи роуп. Чрыгба иҳәеит ишазыԥхьагәаҭо абызшәа аиқәырхара ззыӡбаз атәылақәа рҟынтәи аҟазауаа рааԥхьара.

"Аус рыдулатәуп арҵага шәҟәқәа. Ҳарҵага шәҟәқәа акыр иажәуп. Дара ирныԥшуа алексика ахархәара аман ииасыз ашәышықәса алагамҭаз. Сара схәыҷқәа ашкол иҭоуп. Ибзианы исбарҭоуп аамҭа иагахьоу амаҭәарқәа рыхьӡ аҳәареи реилкаареи заҟа ирцәыуадаҩу. Иахьатәи ахәыҷы иинтересқәа аҽакуп. Иара аинтернет аҿы амультфильмқәа еиҳа бзиа ибоит изеилымкаауа атекст аԥхьара аасҭа. Апрограмма ахықәкы хада — аԥсуа бызшәа аҵара аметодика ҿыцқәа раԥҵареи арҵага шәҟәы ҿыцқәа раԥҵареи роуп. Аиҭакрақәа рыда абызшәа аԥеиԥш уацәшәартә иҟоуп", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгур Какоба аҵарауаҩ диқәшаҳаҭымхеит арҵагашәҟәқәа рганахь ала.

"Ашәҟәқәа зынӡа ихәарҭам ҳәа аҳәара иашам. Шықәсқәак раԥхьа арҵагашәҟәқәа рзы иаҳзоурыжьуазар хә-миллинк мааҭ аԥара уажәы ҳара иҳалҳаршеит уи жәа-миллионк рҟынӡа ихаргаларц. Ҳазыхиоуп ашәҟә ҿыцқәа рҭыжьра, аха иҟам авторцәа", — иҳәеит иара.

Аԥсуара иазку арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәаразы аусуратә гәыԥ аԥҵахоит

Апрограмма анапхгаҩы, АНО "Алашара" апрезидент Мусса Екзеков иазгәеиҭеит аусуразы ишеизгоу зус здыруа ауаа.

"Аус дуқәа ҳаԥхьа ишьҭоуп. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала ҳапрограмма иалаҳҵароуп абызшәа аҿиареи аиқәырхареи рызҵаара аӡбра. Иахьазы хымԥаданы иаҳҭахуп аԥсуара иазку ашәҟәқәа – ҭаацәа цыԥхьаӡа рыҩнаҭаҿы иҟазарц", — иҳәеит иара.

Аԥсуа-абаза етнос аҿиара иацхраауа Жәларбжьаратәи аидгыла "Алашара" аексперт хеилак аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 21 рзы, апрограмма "Абазааи аԥсуааи: абызшәа аиқәырхареи арҿиареи рԥеиԥш, адәытә усурақәа, архивтә материалқәа" ртемала.

Ажәабжьқәа зегьы
0