АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа Реилазаараҿы имҩаԥысыз аиԥылараҿы зҵаарас иқәгылан Аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколқәа рҟны иахысуа аҟаҵаразы уадаҩрақәас иҟоуи, урҭ рыӡбашьа амҩақәеи.
Аԥсны абыргцәа рхеилак аиҳабы Константин Озган иҳәеит Аԥсуара иазку ашәҟәы ҭыжьны ашколқәа рҟны маҭәарк аҳасаб ала алагалара азҵаара шықәдыргылахьаз хы-шықәса раԥхьа. Ари азҵааразы апарламенттә еилатәара шымҩаԥысыз, ақәҵарагьы шрыдыркылаз. Ақәҵара инақәыршәаны иӡбан Аԥсуара иазку ашәҟәы ҭыжьны ашколқәа рыларҵәара маҭәарк аҳасаб ала.
"Ҳара ҳашәҟәыҩҩцәа ирацәаны ашәҟәқәа ҭрыжьхьеит Аԥсуара зныԥшуа, иҟоуп иара убас, аҭҵаарадырратә литература, аха аԥсуара еидызкыло хаз шәҟәык аҭыжьра хымԥадатәины исыԥхьаӡоит. Ҳауаажәлар аҭоурых ду рымоуп, ирхыргаз даара ирацәоуп, аибашьрақәа маҷымкәа ирылахәын, аха иарбан мчу аԥсуаа иахьа уажәраанӡа еиқәзырхаз. Адунеи иқәынхо ажәларқәа рхатә дунеихәаԥшра рымоуп, аха Аԥсуара аҩыза аӡәгьы имам", — иҳәеит Озган.
Аизара иалахәыз аҵарауаа иазгәарҭеит Аԥсуара маҭәарк аҳасаб ала ашколқәа ралагаларазы ауадаҩрақәа шыҟоу. Аԥсуара аныҟәгара, уи иаҵанакуа аҵасқәа рықәныҟәара есааира ахьысҳахара иаҿуп, убри аҟнытә Аԥсуара маҭәарны аҟаҵара аҭахуп, ҳәа рыԥхьаӡоит аҵарауаа.
"Ашьа каҭәаны ҳаԥсадгьыл зеиқәҳархаз ҳбызшәа, ҳмилаҭтә ҵасқәа еиқәырхарц азоуп. Абыргцәа ргәаанагара аԥсуара маҭәарны ашколтә программа алагалара ҳара ҳадгылоит, акыр иахәҭаны иҳаԥхьаӡоит", — иҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.
Аӡынба иажәақәа рыла, ари аус анагӡаразы иҟоу аамҭа маҷуп, аҵарауааи аиҳабыреи рус еиқәыршәаны инарыгӡар ауп.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы Зураб Џьапуа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсуара амырӡразы маҭәарк аҳасаб ала ашкол иалагалатәуп ҳәа. Аха убри аангьы иазгәеиҭеит уи аус назыгӡаша аҵарауаа шракәу, аҭакԥхықәрагьы дара ирыдзар шахәҭоу.
"Са шәсазҵаауазар, сгәы ишаанаго убас ауп, Владислав Арӡынба ихаангьы, Сергеи Багаԥшь ихаангьы миллионк, ҩ-миллионк Аԥсуара иазку ашәҟәы аҩра азыҳәа аԥара ҳарҭон, аха, аиаша еибаҳҳәозар, иззыҟамҵо ҳара ҳауп — арҵаҩцәеи, аҵарауааи. Иара абраҟагьы акырынтә еиҿагыло агәаанагарақәа ҳҳәахьеит, уи ганкахьала ибзиоуп, аполемикаҿы ауп аиаша ахьиуа, аха сгәаанагарала, ари азҵаара уажәшьҭа аӡбара аҭахуп", — иҳәеит Џьапуа.
Аҵареи, аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭеит Аԥсуара иазку аҭыжьымҭа аиқәыршәаразы аусура ишалагатәу, ацәажәара мацара аҟны ишаангылатәым. Уи иажәақәа рыла, иахьазы Аԥсуара маҭәарк аҳасаб ала ашколқәа рыларҵәара азҵаара ацәыргара заацәоуп, уи азыҳәа иаҭаху арҵагатә литература ахьыҟам аҟнытә.
Аиԥылара еихшьаало, Шамиль Аӡынба иҳәеит мызкы ахала-аҵыхәала еиҭах аиԥылара шымҩаԥысуа, уаҟа ишалххо аусуратә гәыԥ Аԥсуара иазку арҵагатә цхыраагӡа аиқәыршәаразы.