Какоба: аԥсуа бызшәа ззымдыруа алимит иҭаны аҵара ишьҭра ҳақәшаҳаҭым

© Sputnik / Михаил Маркив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото записи
Архивное фото записи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аквотақәа рыла Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭахыз аха аԥышәарахь изымааиз абитуриентцәа рзы аԥсуа бызшәа аиҭаҭира мҩаԥган хәажәкыра 20 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 28– Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсуа бызшәа аԥышәара изахымсыз алимитқәа рзы аԥышәарахь инашьҭхом, иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырреи аҵарадырреи рминистр Адгәыр Какоба Sputnik аинтервиу аҭо.

Аза Шамԥҳа - Sputnik Аҧсны
Ахатәы бызшәа агьама амч ӷәӷәоуп

"Аԥсуа бызшәазы аԥышәара шымҩаԥысуаз здыруаз зегьы аԥышәарахь иааиит. Урҭ рҟынтәи фҩык аԥышәара изахымсит. Аминистррахь инеиит урҭ рҭаацәа, аха ҳара иаҳҳәеит аԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәоуп, аушьҭымҭатә ԥышәарақәагьы даара аҽырзыҟаҵара аҭахны иҟоуп ҳәа", — иҳәеит Какоба.

Адгәыр Какоба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Иара иажәақәа рыла ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аԥышәара ҩ-ҟазшьак аман еиҿкаан: аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәеи, иаԥсыуам ашколқәа роушьҭымҭацәеи.

"Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭало еиҳарак рҽыззыҟарҵо уа ирҭаххо амаҭәарқәа роуп. Ҷыдала аԥсуа бызшәа аӡәгьы иҽазыҟаиҵаӡом. Ҳара иаҳхықәку – абитуриентцәа зегьы рзы еизеиԥшны аԥсуа бызшәа аԥышәара хаданы аҟаҵароуп. Шықәсқәак раԥхьа аԥышәарақәа хԥа ирхысуаны урҭ рыбжьара аԥсуа бызшәазы аԥышәара ыҟазар, азеиԥш баллқәа реихшьалараан аԥсуа бызшәазы ироуз абаллгьы иазхьаԥшуан. Уажәы усеиԥш иҟам, избанзар Россотрудничество ауп аԥышәарақәа мҩаԥызго. Дара урыстәылатәи аҵараиурҭа аҭалараан аԥсуа бызшәа хымԥадатәины ирыԥхьаӡом", — иҳәеит аминистр.

Аԥснынтәи МГИМО иҭало аԥышәарақәа рҭиуеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтәи МГИМО иҭало аԥышәарақәа рҭиуеит

Какоба иҳәеит аминистрраҿы ишрыдыркылаз аӡбра: алимитқәа рзы аԥышәарахь инеиаанӡа абитуриентцәа аԥсуа бызшәазы аԥышәара иахысларц.

"Аԥышәарақәа иҳарҭо аҩаӡара бзиоуп узазҳәом. Еиӷьындаз уҳәартә иҟоуп. Аԥсуа бызшәа ззымҭиз рсиа Россотрудничество иазынаҳашьҭуеит, адырра раҳҭоит аԥсуа бызшәа ззымҭиуа уаатәи аԥышәарақәа рылахәра азин ҟамларцаз. Дарбанызаалак аҵараиурҭа иҭало ашкол аушьҭымҭа аҳәынҭқарратә бызшәа идыруазар ахәҭоуп. Аҳәынҭқарратә бызшәа ззымдыруа алимит иҭаны аҵара ишьҭрагьы ҳақәшаҳаҭым", — иҳәеит Адгәыр Какоба.

Какоба иазгәеиҭеит 2018 шықәса рзы ареспубликахь ишаашьҭу 53 лимит.

Ажәабжьқәа зегьы
0