Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиа еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә мчрақәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ареспублика амшын аҟәарақәа рҟны ашәарҭадара еиҿыркаарц.

АҞӘА, мшаԥы 5 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Атуристцәа аиҳарак Аԥсныҟа иаауеит амшын аҟны аҽыкәабаразы, раамҭагьы аиҳарак иахьырхырго амшын аҟәараҿоуп иҳәеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиа мшаԥы 4 рзы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: 2017 шықәсазтәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәын

Гарцкиа иазгәеиҭеит аҟәарақәа рҟны ашәарҭадара аиҿкаара еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә структурақәа рҽеидкыланы еиқәдыршәароуп ҳәа.

"Ашәарҭадара анаҳҳәо, азинхьчаратә органқәа рымацара ракәӡам ҳазлацәажәаша, арахь иаҵанакуеит асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәеи, аҳәынҭстандарти, агәабзиарахьчара аминистрреи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи русурақәагьы", — иҳәеит иара.

Уи адагьы Гарцкиа инаҵшьны иазгәеиҭеит аҽыкәабарҭатә зонақәа иахьрыҵаркуа аскутерқәа, агидроциклқәеи, аматор змоу анышьқәеи рзы аԥкырақәа шьақәыргылазарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0