Асҭамыр Ахба: Аԥсны аԥсшьаратә ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Ахба
Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны атуризм аҿиара азҵаара адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахбеи, афирма "Елит-тур" аиҳабы Борис Саџьаҭ-иԥеи.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аԥсшьара ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацҵатәуп, иҳәеит Аԥсны акурортқәеи атуризми рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба.

"Аԥсны иамоу абеиара даара ирацәоуп атуризм аганахь ала, иҳамоу аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵатәуп. Аԥсшьацәа ирыдаагало атуристтә программақәа роума, ауаҩы абрахь дааратәы", — ациҵеит иара.

Аԥсны Асовет аамҭазы атуризм арҿиара шәышықәса аҭаххеит.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Аԥсны атуризм аҿиара иазкны

"1921 шықәсазы иалагаз 1990-тәи ашықәсқәа рзы иаԥҵаз ауп иахьа ҳхы иаҳархәо, зегь бзиоуп ҳҳәар иахьа ҳхы аажьоит ауп иаанаго, иҟаҳҵаша рацәоуп акадрқәа рааӡара аганахь алагьы, иҳамоу аҭыԥқәа ҳреиҷаҳаны пату ақәҵаны иныҟәаагар ауп, избан акәзар ҳаԥхьаҟа изаҳҭаша ыҟоуп, урҭ уаҵәы амаҵ азырур ауп", — иҳәеит иара.

Афирма "Елит-тур" аиҳабы Борис Саџьаҭ-иԥа иазгәеиҭеит Аԥсны атуризм ҿиаларц азы зегь раԥхьа инаргыланы иаауа аԥсшьаҩы пату иқәҵалатәуп.

"Уи аҳәаа данахыс инаркны, анаҩс иарбан қалақьзаалак дахьааилак иара иҭахрақәа инарықәыршәаны иҟазар ауп аӡы, алашара, амҩа, ифара-ижәра цқьазар ауп. Абарҭ зегьы аус анаму уаҵәтәи ҳԥеиԥш цәгьахоит", — ациҵеит уи.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: 2017 шықәсазтәи аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара акыр илаҟәын

Иахьазы атуризм знапы алаку афирмақәа ацхыраара рҭахуп, ҳәа иԥхьаӡоит Саџьаҭ-иԥа.

"Избанзар хымз ахыи-аҵыхәеи рыла аус уны нас шықәсык аԥхын анбааиуеи ҳәа уԥшны утәар, уи акгьы иаԥсам, уи ҳтуристтә индустриа ԥхьаҟа иагаӡом", — азгәеиҭеи Борис Саџьаҭ-иԥа.
Асҭамыр Ахба иажәақәа рыла, аԥсшьаҩы Аԥсныҟа дхьаԥшыртә аҟаҵара даара иуадаҩу усуп.

"Атуристтә политика ҳәа изышьҭоу аԥаҳҵар ауадаҩрақәагьы маҷхоит. Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ачеиџьыка пату ҳзақәуп, уи ииашаны ҳазнеир ауп, ауаҩы асас данҳадаҳкыла уи хазуп, аха атурист идкылара уи хазуп. Аԥсшьаҩы знык ауп данаауа иԥарақәагьы аннихуа, аха дааины игәамԥхо анырацәаха уаҳа арахь Аԥсныҟа дааӡом", — ҳәа иԥхьаӡоит уи.

Аԥсны абиуџьет есышықәса иаланагалоит 500 миллион мааҭ инеиҳаны аԥара иҳәеит Асҭамыр Ахба.

Ажәабжьқәа зегьы
0