Аполлон Думаа: аԥсуа ишьҭа еснагь аԥсуа дгьыл иануп

© Sputnik / Томас ТхайцукАпполон Думаа
Апполон Думаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказ имҩаԥысуаз аҭоурыхтә хҭысқәеи, урҭ ирыдҳәалаз ажәларқәеи ирызку агәалашәарақәа ртәы еиҭаиҳәоит Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

Аԥсуаа наџьнатә аахыс асас патула ихаҵгылон, цәгьарак ҟазҵахьазгьы иԥхьакшьа рдыруан, ирдыруеит иахьагьы. Аҭоурых ашьҭа азгәаҭо, ҳазааҭгылап иҟалахьо хҭысқәак. Урҭқәа ртәы ҳзеиҭеиҳәоит Очамчыра араион абыргцәа рхеилак аиҳабы Аполлон Думаа. 50 шықәса раԥхьа, Аҟәантәи Гаграҟа дәыӷбала дышцоз диқәшәеит Аԥсны жәлар рартист Разынбеи Агрба. Абар дара реицәажәара:

"Уааи, дад, ара усыдтәал, иҳәан"- Разынбеи сацәажәара дналагеит иҳәеит Аполлон Думаа.

"Аибашьра ду анеилгаз акәын. 1949шықәса рзы аԥсуа театр агастрольқәа ҳәа Қырҭтәылаҟа ҳрышьҭит Зесҭафон ақалақь ахь. Ҳзыҩназ асасааирҭа адәыӷба станциа аҿаԥхьа игылан. Шьыжьымҭанла сгыланы Аҟәа амшын агаҿаҿы аныҟәара сашьцылахьан аҟынтә, ашьыжь шаанӡа сааԥшит", — Разынбеи иажәабжь игәалаиршәоит Думаа.

Джанкат Чкуа - Sputnik Аҧсны
Ҩажәи хәба шықәса иԥсадгьыл аҿы: Џьанқат Чқәуа иҭоурых

Разынбеи Агрба, Аполлон Думаа ибзианы дидыруан атеатр абзиабаҩцәа иреиуаз аӡә иаҳасаб ала. Усҟантәи аамҭазы, аԥсуа театр аҿы ицоз аспектакльқәа шамахамзар ибжьарыжьӡомызт аҿар. Аполлони, Разынбеи реицәажәара, адәыӷбақәа раанҿасырҭақәа рҭыԥхьыӡқәа ақырҭшәахь иԥсахны иахьыҟарҵахьаз, хәыҷи-дуи зегьы ргәы иалаз иазкын. Разынбеи Агрбагьы уи гәыхьс иман, хымԥада.

"Ауаа рацәа рыбжьы еибархьыусууа иансаҳа, сналбаан астанциаҿы снеизар, ҵҩа змам ауаа қызықызуа аперрон иазымкуа игылоуп. Рымаҭәа-рҩыҭәа ҿаҳәаны, хәыҷид-дуи ауеимада иҵәыуо еилагылоуп иҳәеит Разынбеи ԥсаҭашкәакәа", — игәалаиршәоит Аполлон.

Разынбеи, дгьылҵысрак ҟаланы џьара иахыргоз џьшьа дразҵааит: "Ишәыхьзеи, иҟалазеи?"-ҳәа.

"Акраҳдыруама, ҳқыҭақәа, ҳахьиз, ҳахьааӡаз, ҳнышәынҭрақәа кажьны, ҳахганы Аԥсныҟа ҳаргарц рҭахәуп",- иҳәеит аӡәы игәи-илаӷырӡи еилаҵәо.

"Ус ԥыҭрак ашьҭахь иаакылсит адәыӷба, арахә зларго авагонқәа ацраҳәаны. Абас абрахь иқәнагалаз роуп, дад, Аполлон",- иҳәеит Разынбеи Агрба.

Аԥсны иааганы аԥсуа қыҭақәа рҿы иахьындырхоз ақырҭуа хьыӡқәа арҭеит. Иаҳҳәозар: Цагера, Ахалшени, Ахали Киндги, Одишьи, Ахалдаба уҳәа убас егьырҭӷьы. Ахьыӡқәа ус баша ирыԥсахуамызт, аҭоурыхтә ҟазшьа аман.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

"Атопонимика аҭоурых ишашьагәыҭу рдыруан. Уи аус аҿы аҵарауаа ракәын ишьақәзырӷәӷәоз, аԥхьаҟатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа, ақырҭцәа рыдгьыл ауп ҳәа ишьақәдыргыларц. Анцәа даҳхылаԥшын, аибашьра иқәнагеит акәымзар, дареи ҳареи ҳаилыргара ус хаала егьалҵуамызт", — ҳәа азгәеиҭоит Аполлон Думаа.

Иара убас, Аполлон Думаа игәалаиршәоит, 2010 шықәса рзы, Ҵабал ақыҭан инхоз абырзенқәа изеиҭарҳәахьаз, ахҵәара иадҳәалаз хҭыск.

"Ажәытәӡа аахыс Аԥсны инхоз абырзенцәа рызегь ахыргеит Абжьаратәи Азиахь. 400 ҭӡы иахыргаз рыҩнқәа рҿы, ақырҭцәа мчыла иахьынхоз аҭыԥқәа рҟынтә ихырҵәаны, абырзенқәа рыҩнқәа ирыҩнарҵеит. Ҳара абырзенцәа хынтә ахҵәара ҳақәшәахьеит, аԥхьа аҭырқәцәа, нас Сталини Бериеи, аҵыхәтәаны — Шеварнаӡе", — лҳәеит, Аполлон дзыҿцәажәахьаз абырзен бырг ԥҳәыс.

Ирацәоуп наџьнатәа аахыс ҳажәлар ирхыргахьоу амыҟәмабарақәа. Аҭоурых иага икыднаҟьахьазаргьы, аԥсуаа рдоуҳамчи, рҟәыӷареи ирыбзоураны, аԥсуа ишьҭа аԥсуа дгьыл иануп, иқәыҩуеит аԥсуаа рхатәы бызшәа-аԥсшәа!

 

Ажәабжьқәа зегьы
0