Адепутат: фҩык инареиҳаны ахшара змоу акоммуналтә шәарақәа рықәхтәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукМногодетная семья снимает часть барачного домика в Агудзере
Многодетная семья снимает часть барачного домика в Агудзере - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә политикеи, аџьеи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рус азы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Алхас Џьынџьал далацәажәеит ахшара рацәа змоу рзы аԥыжәарақәа азыԥхьагәазҭо азакәан апроект.

АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik. Адепутатцәа ажәадгала ҟарҵоит фҩыки инареиҳани ахшара змоу аҭаацәарақәа акоммуналтә шәарақәеи рынхарҭа ҭыԥқәа рхатәтәразы ашәарақәеи рҟынтәи рхы иақәиҭтәызарц. Абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз асоциалтә политикеи, аџьеи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рус азы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Алхас Џьынџьал.

"Фҩыки инареиҳани ахшара змоу аҭаацәарақәа Аԥсны 50 ыҟоуп. Урҭ рзы азакәан иалаагалар ҳҭахуп асоциалтә проектқәа ирықәшәо аиҭакрақәа. Хҩыки инареиҳани измоу аҭаацәарақәа арҭ ашәарақәа 50% рхыхзар ауп ҳәа иҳаԥхьаӡоит", — иҳәеит иара.

Эсма Квициния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәыҵниаԥҳа: ԥсшьара иаҳго ахәыҷқәа рҟынтә иҟоуп Аԥсны анҭыҵ имцац

Аԥсны Жәлар Реизараҿ иазыԥхьагәаҭоуп ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы аԥыжәарақәа алзыршо азакәан апроект аус адулара.

"Хымз раԥхьа иаԥҵан аусутә гәыԥ, асоциалтә закәанԥҵара аус адызулараны иҟаз. Иара иадыԥхьалан азиндырыҩцәа, аекспертцәа" ҳәа еиҭеиҳәоит адепутат.

Аԥсны реиҳа ахшара рацәа змоу ҳәа ишьоуп 13-ҩык ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәара.

"Ҳара арҭ аҭаацәарақәа рахь ҳнеины иаабеит. Иаабеит рынхашьа-рынҵышьа. Иаҳҭахуп ирыдаагаларц асоциалтә проектқәа", — иҳәеит иара.

Азакәан апроект инақәыршәаны ацхыраарақәа мҩаԥгахоит абарҭ апроектқәа ҵаҵӷәыс ирыҭаны.

Мадина Бигвава (слева) и Камма Гопия (справа) - Sputnik Аҧсны
Гоԥиаԥҳа: аӷарра зыхҟьо аусурҭақәа рыҟамзаароуп

"Ақыҭаҿ зныктәи аԥараҭарала ацхыраара узыҟаҵом. Еиӷьны иаабеит аҭаацәара ауҭраҭыхааӡарҭа апарник, ашьхымӡаҭра уҳәа рзыргылазар. Ирыдаагалар алшоит еиуеиԥшым апроектқәа. Дара ирнаало алырхуеит", — иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Шықәсык аҩныҵҟа аҭаацәара русура рзышьақәыргылазар, иргар алшоит аҽа проекткгьы ахархәаразы.

"Русура рзеиҿымкаар, апроект аанаҳкылоит. Уи маҷк имҽыӷразаргьы, ауаа еиҿнакаауеит. Рхазы аԥара роуа ианырзыҟаҵа, аҳәынҭқаррагьы еиҳа иазеӷьхоит", — иҳәеит иара.

Аԥсны Жәлар Реизараҿ иазыԥхьагәаҭоуп ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы аԥыжәарақәа алзыршо азакәан апроект аус адулара.

Ажәабжьқәа зегьы
0