Автобус маҷқәа: Аҟәа атранспорт ахә иацлома

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт в городе Гудаута
Общественный транспорт в городе Гудаута - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә еизара реилатәараҟны иалацәажәеит автобус маҷқәа рыла аныҟәара ахәԥса иацло иацымло азҵаара.

Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik

Автобус маҷқәа рҟны аныҟәараз ахәԥса иацҵахарц ажәалагала ҟаиҵеит Аҟәа ақалақь автотранспорттә наплакы анапхгаҩы Леонид Шәлымба. Иара иажәақәа рыла ари азҵаара ҵарны иқәгылоижьҭеи акрааҵуеит.

"Сгәы иаанагоит атранспорт ахәԥса 5 мааҭк рыла аиҳатәра рацәак апроблема ахылҿиаарым ҳәа. Социалла ихьчам ауааԥсыра рзы автобусқәеи атроллеибусқәеи рыла аныҟәара ахәԥса шыҟоу иаанхоит. Абылтәи, ахьшьтәи, ахәҭаҷқәеи рыхәԥса иахьацлаз инадҳәаланы автобус маҷқәа рныҟәцаҩцәа иҟарҵаз аҳәара азхьаԥшра аҭатәны избоит", — иҳәеит иара.

Шәлымба иажәақәа рыла автобус маҷ аныҟәцаҩ бжьаратәла 10 000 мааҭ роуп иоуа.

"Иара убри аан иныхрақәа акыр ирацәоуп. Атранспорт ишақәнагоу аныҟәгара акыр ихарџьуп. Бжьаратәла мызкы аҩныҵҟа 6000 мааҭ нырхуеит. Ус анакәха, ирзынхо афеида 4000 мааҭ ауп иартәо", — иҳәеит иара.

Амаршруткақәа рныҟәцаҩцәа сменала аус руеит. Аӡәы мызкахьы иусура 15 мшы роуп иартәо ҳәа азгәеиҭоит Аҟәа ақалақь автотранспорттә наплакы анапхгаҩы.

Ауаажәларратә транспорт атарифқәа ирыцлом - Sputnik Аҧсны
Атранспорт азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа: ауаажәларратә транспорт атарифқәа ирыцлом

"Аҟәа аҩныҵҟа аус руеит 200 рҟынӡа маршрутка, 100 инареиҳаны игылоуп еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны", — иҳәоит иара.

Иара убри аан атранспорт акыр иқәсхьеит. Адепутат Дмитри Маршьан иҳәеит 5 мааҭк рыла атранспорт ахә аҳаракра апроблема шазымыӡбо, аха ажәалагала дадгылеит.

"Зегьы еилаҳкаауеит атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩу. Убри азоуп 5 мааҭк рыла мацара атариф ашьҭыхра зшәыдаагало. Уи апроблема иныҭкааны акәымзаргьы аӡбра иацхраауеит", — иҳәеит Шәлымба.

Адепутат Ардашес Овсепиан ганкахьала АТП апроблемақәа еиликаауеит, аха агәрагара имоуп атариф ашьҭыхра ауааԥсыра рзы ауадаҩра шацу.

"Ганкахьала ишәымоу апроблема бзианы еилыскаауеит, аха ҳара иаҳцәыуадаҩхоит ауаа ус зыҟаҳҵо реилыркаара. Иҟалап етап-етапла ишьҭыхзар еиӷьзар", — ҳәа иҳәоит иара.

Уи аҭакс АТП аиҳабы иҳәеит амашьынарныҟәцаҩцәа атариф ашьҭыхра иалацәажәоижьҭеи акыр шааҵуа.

"Хышықәса рыҩныҵҟа аҭагылазаашьа ишҳалшо иаанаҳкылоит, аха атариф ашьҭыхра ада ԥсыхәа ыҟамкәа иааины иҳадгылоуп", — иҳәеит иара.

Адепутат Витали Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит атариф анышьҭырх, амаршрутчикцәагьы ахыдҵақәа ргар шакәу.

Аанҿасырҭа. - Sputnik Аҧсны
Лаҵарамза инаркны атранспорт иазыԥҵәоу аамҭала иныҟәалоит

"Амашьынақәа ҭәаанӡа ҳәа рҭыԥ иахыҵуам. Иаҳҳәап Аҳабла ҿыц аҿы уаала иҭәны иқәҵуа амашьына амҩан аӡәгьы дазышьҭыхӡом. Иныҟәалааит графикла. Ауаагьы агәынамӡара дуқәа рымоуп", — иҳәеит иара.

Леонид Шәлымба иазгәеиҭеит Кьылашәырҟа ицо амашьынақәа рыбжьара 5-5 минуҭ шракәу аамҭас ибжьоу.

Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа иҳәеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра рулафахәы иацлом, ауаа ақалақь аанрыжьуа иалагеит, анаплакыҩцәа русура еиҭаҵуам ҳәа.

"Атариф ахәԥса ацҵара аҽацәхьакра алшозар, аҩныҵҟатә резервқәа рыцхыраарала ҳаҽрыцәхьаҳкып", — иҳәеит иара.

Адепутатцәа ари иадгылеит. Макьаназы автобус маҷқәа рыхәԥса шыҟац иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0