Шьамтәылантәи анефҭ аалыҵқәа Аԥсныҟа раагара хацыркхар алшоит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНефтяной станок-качалка. Архивное фото.
Нефтяной станок-качалка. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аделегациа алахәын IV Иалтатәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум.

АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik. Аԥсныҟа Шьамтәылатәи арабтә республика аҟынтәи анефҭаалыҵқәа раагара азҵаара иахәаԥшыр алшоит, иҳәеит Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Вид на Крым - Sputnik Аҧсны
Арӡынба: Ҟрыми Аԥсни русеицура еиҵыххоит

"Ҳара наҟ-ааҟ аилахәаахәҭра амҩаԥгара шалшо атәы ҳалацәажәоит. Аԥсуа ган иазгәанаҭеит Аԥснытәи аџьармыкьа Шьамтәылатәи атауар азы ишаартхо. Уи адагьы, уажәы Шьамтәыла аинфраструктура аиҭашьақәыргылара иаҿуп, ус анакәха иалшоит анефҭаалыҵ ала Аԥсны аиқәыршәара алыршахар", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны азхаҵара ахьыԥкуи аекономикатә шьҭахареи афеида рылухыргьы ауеит иҳәоит Арӡынба. Аԥсны аганахь ала иҟоу асанкциақәа Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди, Адунеизегьтәи абанки рыԥҟаррақәа рықәымныҟәара алдыршоит.

"Аԥсны иалшоит асанкциақәа ирцәымшәакәа ахымҩаԥгара. Ҳара ҳалацәажәахьеит ҳбанкқәа Шьамтәылатәи аџьармыкьа ралахәра алшаргьы шауа атәы, ишԥеиԥшбзиахоу", — иҳәеит иара.

Аминистр дазааҭгылеит Шьамтәыла Аԥсны аганахь ала иаиуа ацхыраара уатәи анапхгара ахә ҳаракны ишыршьо. Шьамтәыла инхоит аԥсуа диаспора, урҭ уаҟа акыр рхыԥша дуны иҟоуп.

"Ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз Уалид Маршьан, 27 шықәса инареиҳаны Шьамтәыла ашәарҭадара Амаҵзура дахагылан, иԥшәмаԥҳәыс лакәзар, Апарламент адепутатс дыҟан. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рыбжьара иҟоуп иналукааша арратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа", — иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Ажәабжьқәа зегьы
0