Акультура аминистрреи ҳаамҭазтәи аҟазара Аинститути аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Фото : Министерство культуры и охраны историко-культурного наследия РАПодписание соглашения между Министерством культуры и охраны историко-культурного наследия Республики Абхазия и Автономной некоммерческой организацией высшего образования "Институт современного искусства"
Подписание соглашения между Министерством культуры и охраны историко-культурного наследия Республики Абхазия и Автономной некоммерческой организацией высшего образования Институт современного искусства - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура аминистрреи ҳаамҭазтәи аҟазара Аинститути аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩи. Аиқәышаҳаҭра иалнаршоит Аԥснытәи астудентцәа рҵараҵараҿы аԥыжәара аиура.

АҞӘА, лаҵара 11– Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи ҳаамҭазтәи аҟазара Аинститути аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит лаҵара 10 рзы ҳәа лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Аиқәышаҳаҭраҟны иаҳарбеит абри аҵаратә усҳәарҭаҟынтәи ҳаззыԥшу зегьы, иазыԥхьагәаҭоу апланқәа. Иахьа ҳара иҳамоуп аҩбатәи аҵарадырра заурц зҭаху мамзаргьы зҵара иацызҵарц зҭаху", — лҳәеит аминистр.

Лара лажәақәа рыла Аԥсны иҟам акультура-массатә уснагӡатәқәа ррежиссура, амузыкатә режиссура, акультуратә аменеџьмент, уҳәа реиԥш иҟоу ахырхарҭақәа рганахь ала аҵара ахьуоуша.

Ельвира Арсалиаԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ҳаамҭазтәи аҟазара Аинститут аус ацура иаҳнаҭоит алшара Аԥсны иҟам акультура аусхк ахырхарҭақәа рҿы адырра аиура", — лҳәеит аминистр.

Аинститут аҟны аҵара аԥара ахшәаатәуп, аха Аԥснытәи астудентцәа рзы аԥыжәарақәа шьақәыргылахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0