Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аофициалтә ашәа ажәақәа кьыԥхьуп

Анапаҵаҩра
Раԥхьаӡа акәны Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл асразы Адунеи ачемпионат рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11: Москва, Санкт-Петербург, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Шәача, Казань, Калининград, Волгоград, Новгород, Екатеринбург рҟны.

АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Америкатәи ашәаҳәаҩ Ники Джем иутиуб-канал аҟны икьыԥхьит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аофициалтә ашәа ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Акомпозициа Live It Up нарыгӡеит америкатәи актер Уилл Смит, Ники Джеми албаниатәи ашәаҳәаҩ Ера Истрефи. Продиусерц дықәгылеит америкауаҩ Diplo. Live It Up аҟны аофициалтә клип ҭыҵуеит рашәара 7 рзы. Смит, Джем, Истрефи абри ашәа еицырҳәоит рашәара 15 рзы "Лужники" аҟны.

"Адунеи ачемпионат аҟны ақәгылара гәазырҳагоуп. Ачемпионат адунеи ажәларқәа еиднакылоит. Ники, Diplo, Ера ашәа рыцҳәара акәзар еиҳагьы агәырӷьара узнарҵысуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Уилл Смит.

Раԥхьаӡа акәны Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл асразы Адунеи ачемпионат рашәара 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа Урыстәыла ақалақьқәа 11: Москва, Санкт-Петербург, Самара, Саранск, Ростове-на-Дону, Шәача, Казань, Калининград, Волгоград, Новгород, Екатеринбург рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0