Аԥснытәи акоманда Лондон инеиит ConIFA-2018 ачемпионат аҽалархәразы

© Facebook/Федерация Футбола АбхазииСборная Абхазии по футболу в аэропорту Лондона
Сборная Абхазии по футболу в аэропорту Лондона - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥснытәи акоманда Лондон инеиит ConIFA-2018 ачемпионат аҽалархәразы. Ачемпионат аартхоит Лондон, лаҵара 31 2018 шықәса рзы.

АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Аԥснытәи акоманда Лондон инеиит ConIFA-2018 ачемпионат аҽалархәразы. Ачемпионат аартхоит Лондон, лаҵара 31 2018 шықәса рзы. Абри азы адырра ҟанаҵеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа асоциалтә ҳа Facebook аҿы.

Аԥснытәи акоманда актәи ахәмарра мҩаԥысуеит лаҵара 31 рзы. Еицыхәмаруеит Аԥсни Тибети ркомандақәа.

Лаша Когония - Sputnik Аҧсны
Арадио
Коӷониа: ConIFA ачемпионат аҟны ахәмарыҩцәа ӷәӷәақәа ҳақәшәоит

Актәи агәыԥ иалоуп акомандақәа: Барава, Каскадиа, Елан Ванин, Тамил Еелам. Аҩбатәи агәыԥ —Аԥсны, Аҩадатәи Кипр, Тибет, Фельвидека (Словакиа инхо авенгрцәа). Ахԥатәи агәыԥ – Паданиа, Кирибати, Матабелеленд, Сикеитәи атәылаҿацә. Аԥшьбатәи агәыԥ иалоуп: Пенджаб, Мраҭашәаратәи Ермантәыла, Кабилиа, Иапониа инхо акорееццәа.

Адунеи ачемпионат амҩаԥгара арыцхә шьақәырӷәӷәан цәыббра 3 рзы Ихьыԥшым ашьапылампылтә еиҿкаара аӡбрала (ConIFA).

Аԥсны еизгоу акоманда адунеи иачемпионуп. 2016 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуаз адунеи ачемпионат аҟны аиааира агеит.

ConIFA — FIFA иалахәым ашьапылампылтә командақәа жәларбжьаратәи рконфедерациоуп. Еиҿкаан 2013 шықәса рзы. Аилазаара иалоуп 25 инареиҳаны команда.

Ажәабжьқәа зегьы
0