Рафик Чолакиан ишьра иазку аус ала аӡбарҭаҿ ашаҳаҭ лҿахәы лҿырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукВерховный суд Абхазии
Верховный суд Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рафик Чолакиан ишьреи иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Чолакиан ааха лыҭареи рыхҭыс ҟалеит 2017 шықәса мшаԥы 5 рзы, Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан. Ацәгьаура ҟаиҵеит Едурад Адлеиба ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

АҞӘА, рашәара 6 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рафик Чолакиан ишьра иазкны имҩаԥысуаз аӡбарҭа аилатәараан лҿахәы лҿырхуан ашаҳаҭ Мадина Гәбазԥҳа.

Рафик Чолакиан ишьреи иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Чолакиан ааха лыҭареи рыхҭыс ҟалеит 2017 шықәса мшаԥы 5 рзы, Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан. Ацәгьаура ҟаиҵеит Едурад Адлеиба ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Мадина Гәбазԥҳа аӡбаҩцәа ирзеиҭалҳәеит Едуард Адлеиба дшыргәылоу, иара лассы-лассы дшырҭаалоз, ауаҩшьра аныҟалаз амш аҽынгьы рыҩны дышнеиз.

"Иара ҳара ҳҿы днеиит ҽынланы, шьыжьнаҵы дыҟазу дыҟамзу сыздырам, избанзар аусура сцахьан", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла, уи аҽны Адлеиба ижәны дыҟан.

"Данызбоз ижәны дыҟан. Ҳара ҳҟынгьы ҩ-риумкак ауатка ижәит" — лҳәеит лара.

Судебный молоток и весы правосудия - Sputnik Аҧсны
Аӡбарҭа хадеи Апрокурор хадеи "ампыл" еимырдоит

Мадина Гәбазԥҳа лгәыла дуаҩ бзианы дихцәажәеит, иагьазгәалҭеит Рафик Чолакиан ишьра аганахь ала акгьы шылзымдыруа.

"Даара дгәыла бзиан. Еснагь зегьы рыцхыраара дашьҭан. Аҭыԥ змаз ахҭыс шыҟалаз ҳәа акгьы сызшәаҳәом", — лҳәеит ашаҳаҭ.

Лара иазгәалҭеит астол рхианы ахәыҷқәа аурокқәа рыцҟалҵарц дышцаз, убри азы Адлеиба данцоз дшылымбаз. Иагьацылҵеит ауха аҽазныкгьы Адлеиба дара рахь дышнеиз.

"Илашьцахьан. Аамҭа заҟа ыҟаз сыздырам даннеиз. Данцаз атәгьы сызшәаҳәом, избанзар ахәыҷқәа шьҭасҵон", — лҳәеит Гәбазԥҳа.

Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла Едуард Адлеиба, ижәны, мшаԥы 5, 2017 шықәса рзы Рафик Чолакиан иҩны днеиит. Асаси аԥшәмеи рыбжьара иҟалаз аимак ашьҭахь Чолакиан дишьуеит, ишьҭа ирӡырц азы уи иԥшәмаԥҳәыс Лиудмила Чолакиангьы лхы атапанча ахәҵәала дасуеит дишьразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0