Аепидемиологиатә маҵзура Аҟәа иахьаҵанакуа амшынӡқәа рхаҭабзиара гәанаҭеит

CC0 / / Море
Море - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есышықәса, лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа мчыбжьык ахь знык асанитар-епидемиологиатә маҵзура амшынӡы аҭагылазаашьа гәанаҭоит.

АҞӘА, ԥхынгәы 20– Sputnik. Есышықәса, лаҵара 15 инаркны жьҭаара 15 рҟынӡа мчыбжьык ахь знык асанитар-епидемиологиатә маҵзура амшынӡы аҭагылазаашьа гәанаҭоит лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.

Аӡиас Кьылашәыр инаркны аӡиас Гәымсҭа аҟынӡа 13 ҭыԥ рҟны амшынӡы ҭырҵаауеит.

Белиаева лажәақәа рыла ақалақь иахьаҵанакуа ҩ-обиектк рҿы ада аӡы аҭагылазаашьа анорма иацәыхарам.

"Ҩ-ҭыԥк: Аӡиаԥшьи Беслеткеи амшын иахьалало иаагаз апробатә гәаҭарақәа рылҵшәала уаҟа аҽыкәабара ҟалом. Арҭ аӡиас маҷқәа ирхықәынхало ауаа аӡышьҭра гәамсамҭрартәит. Иҟоуп аканализациагьы аӡы иалалартә еиԥш имҩахызго", — лҳәеит аҳақьым.

Аексперт иара убасгьы илҳәеит нанҳәа анҵәамҭаз шакәу амшынӡы еиҳа ианыҟьышьуа.

"Амшын аныцәқәырԥо ахала аҽарыцқьоит. Ацәқәырԥара ыҟамзар аҟәандара 30 С ианынаӡалак асанитартә ҭагылазаашьа еиҭашәоит", — лҳәоит аҳақьым.

Белиаева иара убасгьы абыжьгара ҟалҵоит ақәоурақәа рышьҭахь амшынҭалара рҽацәхьаркларц. Аӡы ишахәҭоу еиҭашьақәгыларц азы 2-3 мшы аҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0