Иреиӷьу ақыҭа алкааразы аиндаҭлара мҩаԥгахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник урожая в Лыхны
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиндаҭлара "Иреиӷьу ақыҭа" мҩаԥгахоит ақыҭауаа асоциалтәи, акультуратәи ауаажәларратәи ԥсҭазаара ралархәразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 — Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Адҵа инапы аҵаиҩит аиндаҭлара "Иреиӷьу ақыҭа" амҩаԥгаразы. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Ашәҟәаҟны иазгәаҭоуп араионқәа рхадацәа араионтә еиндаҭларатә комиссиа аилазаара шьақәдырӷәӷәарц 2018 шықәса ԥхынгәы 31 рҟынӡа. Аиндаҭлара рҽаладырхәыр рылшоит Аԥсны араионқәа рқыҭақәа зегьы.

"Еиӷьуп ҳәа ақыҭа алкааразы ихадоу усуп амҩақәеи аҩнқәеи рыцқьара, агәамсам еизакырҭақәа хаз ралхра, ахәыҷтәы хәмарырҭақәа реиҿкаара, архитектуратәи аԥсабаратәи баҟақәа рхылаԥшра, ауааԥсыра ақыҭа абзазара ралахәхара, жәлар рнапҟазара аиқәырхара, аспорттә командақәа рыҟазаара у.у.е. " ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0