https://sputnik-abkhazia.info/20260902/1065345694.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа. Аԥсуаҭҵааратә институт... 02.09.2026, Sputnik Аҧсны
2026-09-02T13:01+0300
2026-09-02T13:01+0300
2026-09-02T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/02/1065345528_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1148f7d1c79b507cec5fca69ea02cc9a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит, Шьаҟрылԥҳа аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи аҭҵаарадырреи рҿы злагала дуу аҵарауаа рҭаацәара дшалҵыз. Аусмҩаԥгатә иаҭааит аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Маиа Цыбулевскаиа, аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, АдәА рминистр Олег Барцыц, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа, ареспублика ауаажәларра.
Очамчыра Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аадыртуеит цәыббра 3 рзы. Аныҳәатә церемониа мҩаԥгахоит асааҭ 12: 00 рзы Горки имҩа, 12 аҩны. Апрограммаҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, амузеи аекспозициа аҭаара, уи аԥҵараҿы злагала дуу аҳамҭақәа ранашьара, аконцерт. Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит. Апроект анагӡараз аусурақәа шықәсык ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи, аматериалқәа — аибашьцәа рымаҭәақәа реиԥш, рхатә ҭоурыхқәагьы реизгара рхы аладырхәит аволонтиорцәа — ашколхәыҷқәа, араион ақалақьи ақыҭақәеи руааԥсыра. Ауадақәа реиҭашьақәыргылараҿгьы ацхыраара ҟарҵеит аҭыԥантәи ахадареи амеценатцәеи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Гәдоуҭа ауааԥсыра аӡы рзынашьҭра уахынла аԥкрақәа аларгалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Роман Тәанба. Уи зыдҳәалоу Дәрыԥшь ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа аԥхасҭахара ауп. Тәанба иажәақәа рыла, ақалақь ахь аӡы анашьҭра аанкылахоит асааҭ 19:00 инаркны, аӡеизакырҭақәа ҭәны аӡы Замостианкаҟа анашьҭразы. Аԥхасҭа аԥырхаанӡа ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиҭахацдырклоит шьыжьла мацара.
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Николаи Линченкеи, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Линченко иазгәеиҭеит апроект ишаҵанакуа иҟоу ахыбра арҽеиреи аиҭашьақәыргылареи адагьы, аспортзал, аклассқәа, азеиԥшнхарҭа ахьыҟало хазы, хԥаны еихагылоу ахыбреи аргылара. Аҩганк ашколқәа реинырра азҵаарақәа ирзааҭгылеит, аолимпиадақәа реиҿкаара, аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы аԥсуа медикцәа рԥышәеизырҳара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҵарауаҩ, ауаажәларра-политикатә усзуҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку II жәларбжьаратәи аԥхьарақәа аатит Аҟәа. Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба аусмҩаԥгатә аартуа иазгәеиҭеит, Шьаҟрылԥҳа аԥсуа жәлар рзинқәа рыхьчареи аҭҵаарадырреи рҿы злагала дуу аҵарауаа рҭаацәара дшалҵыз. Аусмҩаԥгатә иаҭааит аԥыза-министр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаа Џьансыхә Нанба, Маиа Цыбулевскаиа, аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, АдәА рминистр Олег Барцыц, Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа, ареспублика ауаажәларра. Очамчыра Аибашьра Ахьӡ-аԥша амузеи "Мрагыларатәи афронт" аадыртуеит цәыббра 3 рзы. Аныҳәатә церемониа мҩаԥгахоит асааҭ 12: 00 рзы Горки имҩа, 12 аҩны. Апрограммаҿы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара, амузеи аекспозициа аҭаара, уи аԥҵараҿы злагала дуу аҳамҭақәа ранашьара, аконцерт. Апроект, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥыргоз аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҟны аиааира агеит. Апроект анагӡараз аусурақәа шықәсык ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи, аматериалқәа — аибашьцәа рымаҭәақәа реиԥш, рхатә ҭоурыхқәагьы реизгара рхы аладырхәит аволонтиорцәа — ашколхәыҷқәа, араион ақалақьи ақыҭақәеи руааԥсыра. Ауадақәа реиҭашьақәыргылараҿгьы ацхыраара ҟарҵеит аҭыԥантәи ахадареи амеценатцәеи ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс". Гәдоуҭа ауааԥсыра аӡы рзынашьҭра уахынла аԥкрақәа аларгалоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аӡыршьҭра" анџьныр хада Роман Тәанба. Уи зыдҳәалоу Дәрыԥшь ақыҭан аӡымҩангагатә цәаҳәа аԥхасҭахара ауп. Тәанба иажәақәа рыла, ақалақь ахь аӡы анашьҭра аанкылахоит асааҭ 19:00 инаркны, аӡеизакырҭақәа ҭәны аӡы Замостианкаҟа анашьҭразы. Аԥхасҭа аԥырхаанӡа ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиҭахацдырклоит шьыжьла мацара. Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҭашьақәыргылара иалацәажәеит аԥыза-министр Владимир Делбеи Петербург агубернатор ихаҭыԥуаҩ Николаи Линченкеи, абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура. Линченко иазгәеиҭеит апроект ишаҵанакуа иҟоу ахыбра арҽеиреи аиҭашьақәыргылареи адагьы, аспортзал, аклассқәа, азеиԥшнхарҭа ахьыҟало хазы, хԥаны еихагылоу ахыбреи аргылара. Аҩганк ашколқәа реинырра азҵаарақәа ирзааҭгылеит, аолимпиадақәа реиҿкаара, аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы аԥсуа медикцәа рԥышәеизырҳара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/09/02/1065345528_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_b2b7ac0caf2d8d9b5866f6288754fa24.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио