Лев Амыҷба: Геннади Гагәылиа аџьбарареи, аразреи иныԥшуан

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Гагулия
Геннадий Гагулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Геннади Гагәылиа ҩышықәса Бзыԥҭа аус ицызуоз Аргылара ахырхарҭала, атехникатә наукақәа ркандидат Лев Амыҷба дазааҭгылеит русеицура атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар гәалсра дула ирыдыркылеит Аԥыза аминистр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭахара. Ҳҭоурых аҟны зышьҭа нзыжьыз аполитик ду, раԥхьатәи ишьаҿақәа аргылара ала иалагеит. Иара иааԥсара рацәоуп Гагра араион аҟынгьы. Геннади Гагәылиа инапхгарала Аԥсны еицырдыруаз Бзыԥҭатәи Акәац аус адуларатә комбинат шьаҭанкыла иргылан.

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: Геннади Гагәылиа ибжьы мырдуӡакəа, алҵшəа змаз аусқəа рыҟаҵара бзиа ибон

1974-75 шықәсқәа раан, Бзыԥҭа аҳаблан, мҽхакы ҭбаала аргылара иаҿын, ԥхьаҟа, аекономика аҿиараҟны ароль ду назыгӡоз Акәац аус адуларатә комбинат. Усҟантәи аамҭазы, Геннади Гагәылиа аргыларҭа аиҳабыс даман.

"70-тәи ашықәсқәа рыбжьара, аус зуон ТРЕСТ №16 иатәыз аргыларатә лабораториа аиҳабыс. Убасҟан ауп Геннади Гагәылиеи сареи ҳанеибадырыз. Аамҭакы ашьҭахь, иара еиҳаз аиҳабыра ирҭеит, ПМК анџьныр хадас дҟарҵеит, сара сиаргеит иҭыԥ ахь. Аусураҟны даара дыџьбаран, зегьы ԥсыцқьарыла, еилагарада, уазнеир иҭахын",-иҳәоит аҩыза.

Ишыжәдыруа еиԥш, усҟан, ақырҭцәа Аԥсны иахаԥаны иҟан, аиҳабыра ҭыԥқәа реиҳарак дара ракәын напхгара азҭоз. Геннади Леонид-иԥа имаз аҭагылазаашьа ихы иархәаны, аԥсуа ҿар аусурахь иааиԥхьон. Имаҷҩым ибзоурала ари азанааҭ аҟны ишьақәгылазгьы.

Геннади Гагәылиа аусураҟны шаҟа дыџьбараз аҟара, уи анҭыҵ дҳалалын. Узықәгәыӷша, ҩызара узызуша иакәын.

"Асовет аамҭазы, нанҳәа 10 рзы, аргылаҩцәа рзанааҭ амш азгәаҳҭон. Геннади Леонид-иԥа аус ахьынӡаҳациуоз, ари аныҳәа иагижьомызт. Гагра араион аргылара знапы алакыу зегьы ҳаизигон, аԥсабараҟны ҳаиқәиршәон. Иара убас илахҿыхны аишәа мҩаԥигон, лассы-лассы ҳаизалонда уҳәаратәы", — игәалашәоит Лев Амыҷба.

Щарида Тужба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭыжәԥҳа: Гагәылиа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аусзуҩцәа зегьы абык еиԥш даҳзыҟан

Аҩыза излаиҳәо ала, аамҭакы анҵы, Геннади Гагәылиа "Риҵкомбинат" аиҳабыс диаргоит.

"Геннади Леонид-иԥа аргылара аганахь ала аџьабаа ду ибахьеит, еиҳараӡак иааԥсара рацәоуп Гәдоуҭа араион аҟны", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

"Риҵкомбинат" аамышьҭахь, еиҳау амаҵураҭыԥқәа идыргало иалагеит. Ус, аполитикаҟынӡа днаӡеит.

"Геннади Леонид-иԥа ицназго маҷҩуп. Иара иҟамзаара, ҳтәыла акраамҭа ианыԥшлоит", — иҳәоит аҩыза.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы. Ареспубликаҿ ирылаҳәоуп алахьеиқәра. Атәыла абираҟқәа лашьҭуп. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа зегь аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0