Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп

© ФотоАԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа Гагра ақалақь, дахьынхоз аҩнаҟны, агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҩызцәеи, ауацәеи, Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизара адепутатцәеи гәыԥҩык еидызкылаз аԥшьгаратә гәыԥ, Аиааира 25 шықәса ахыҵра инамаданы иазырыӡбеит, Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа лыҩнаҟны, абраҟа дшынхоз зырҵабыргуа агәалашәаратә ӷәы акыдҵара.

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра

Лиалиа Константин-иԥҳа Ԥаразиаԥҳа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, лгәы меиҭаскәа, анҵас, еиҳәшьаҵас акәымкәа, аиашьеи, аҩызеи, аибашьҩы нагеи ироль нагӡауа ахацәа днарывагылеит.

"Лиалиа дҳаҳәшьаӡамызт-дҳашьан" рҳәоит дара, лыӡбахә ианалацәажәо. Аибашьра аналага, Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахәҭакхеит Ибрагим Иаганов игәыԥ "Ҟабарда", анаҩс Ныгәзар Долбаиа командаҟаҵаҩс дызмаз Пицундатәи агәыԥ ахь диасуеит.

Гагра араион ахақәиҭтәраан, ар маҭәа зшәыз аԥҳәызба санинструкторс мацара акәымкәа, абџьаргьы лкын.

"Лиалиа Ԥаразиаԥҳа леиԥш иҟаз афырԥҳәызба, аибашьра цонаҵы сара уаҳа дсымбеит. Ахәцәа амедицинатә цхыраара арыҭара мацара акәымкәа, бџьарлагьы аӷа аҿагылара илҭон. 1993 шықәса, абҵарамзазы, Шрома ахәра зауз Ибрагим Иаганов ахқәа шаауазгьы, лыбӷа дықәҵаны амцашыра далалгеит", — ахҭыс игәалашәоит Пицундатәи агәыԥ дахәҭакны илыцеибашьуаз, Леон иорден занашьоу Алхас Шамба.

Анаҩс, Лиалиа Ԥаразиаԥҳа диасуеит Аҟәатәи абаталион ахь. Лҩызцәа иаҳзеиҭарҳәеит, аҳҭнықалақь агаразы цәыббрамзазы имҩаԥгаз ажәылараан Лиалиа ишлоуз ахәрақәа ҩба. Ахқәа руакы лҿы иалсит, егьи лыхәда. Аԥҳәызба ахьаа цәгьа лхылгеит. Хыԥхьаӡара рацәала аоперациақәа лзыҟаҵан. Лҿы еиҭакны иақәҵан ацәа. Ахәра зегь акоуп иаратәы ҟанаҵеит, лаҵарамза 30, 2011 шықәсазы Лиалиа лгәы аусура иаҟәыҵит.

Аибашьра аветеран иланашьан Леон иордени, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳараки.

Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит - Sputnik Аҧсны
Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рҭаацәа Пицунда рыԥсы ршьоит

Агәалашәаратә ӷәы аартра рхы аладырхәит Гагра араион Ахадара, араионтә Еизара адепутатцәа, Лиалиа лыуа-лҭынха, илыцеибашьуаз лҩызцәа.

Абас еиԥш агәалашәаратә ӷәқәа, Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа рыҩнқәа зегьы рҟны икыдҵалатәуп. Уи ааӡага усуп ҳәа азиԥхьаӡоит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Иахьа, афырԥҳәызба дахьынхоз аҩнеихагылаҟны даараӡа ирацәаҩуп еиҵагылаз абиԥара. Дара ирбалароуп, ираҳәалатәуп, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара зыбзоуроу, рыҩнаҟны инхоз Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа леиԥш иҟаз шракәу.

© ФотоАԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп

"Лиалиа Ԥаразиаԥҳа данҳацыз ӡи-мцеи ҳацәшәомызт. Ҳазегьы, хаҵеи ԥҳәыси ҳамч ҭалҵон, агәыӷра ҳалҭон. Иахьа ҳҩыза бзиа дахьҳалагылам даара иаҳныԥшуеит. Лыхьӡ кашәара ақәымзааит, лааԥсара мыӡааит", — лҳәеит Аԥсны Афырхаҵа Инга Барцыцԥҳа.

Лиалиа Ԥаразиаԥҳа илыцеибашьуаз лҩызцәа, лыуацәа рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵеит рхыԥхьаӡара рацәамкәа иахьааз. Дара ирҳәеит, реиҳараҩык аибашьраҟны ишҭахаз.

© ФотоАԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Лиалиа Ԥаразиаԥҳа дахьынхоз аҩнаҟны агәалашәаратә ӷәы кыдҵоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0