Аԥснынтәи ацха Урыстәыла аҳәаа ахыгара аанкылоуп

© Sputnik / Игорь Подгорный / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАцха
Ацха - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәачатәи аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи иааныркылаз ацха Россельхознадзор аӡбрала Аԥсныҟа ирхынҳәуп.

АҞӘА, жьҭаара 2 – Sputnik. Автобус Аҟәа — Ростов аҟны шәачатәи аҳәаахьчаҩцәеи аҳазалхыҩцәеи ирбеит закәандарыла аҳәаа иахыргараны иҟаз 600 кьыла ацха. Абри атәы аанацҳаит "Кубань 24".

Аҳазалхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи автобус аҿы ирыԥшааит быжь-ԥаҭлыкак ацха. Апортал "Кубань 24" адыррақәа рыла, автобус арныҟәцаҩ ицәыуадаҩхеит ацха ахьынтәааигаз аҳәара.

Ацха ҵәахын автобус асалон аҿы. Асалон инҭырҳәцааны иангәарҭа ашьҭахь, ирыԥшааит даҽа 70 ԥаҭлыка ацха, зеиԥш капанла 550 кьыла рҟынӡа иҟаз.

Россельхознадзор ақәҵарала ацха Аԥсны аҵакырадгьылахь шьҭахьҟа ирхынҳәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0