Бибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан
Бибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ-Уаԥстәыла хада Анатоли Бибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит, Гагра араион, Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аныҳәамшқәа раан Аԥсны иааны иҟаз, Аахыҵ-Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов, Гагра араион, Ԥсахара ақыҭан ишьақәыргылоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра аӷа хәымга иалцараан иҭахаз Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ахатәгәаԥхаҩцәа Џьамал Сиукаеви, Роберт Петров-Кокоеви, Ацамаз Маргиеви рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Асас ицны иааит Аԥсны аԥыза аминистр Валери Бганба, Аҳәынҭқарра амаҵ азызуа гәыԥҩыуааки.

Президент Республики Абхазия Рауль Хаджимба встретился с делегацией представителей республик Северного Кавказа, оказывавшими всестороннюю помощь Республике Абхазия в годы Отечественной войны 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Нхыҵ Кавказтәи аибашьцәа "Аиааираз" амедал ранеишьеит

Аҭыԥ аҟны ирԥылеит Гагра араион ахадареи Ԥсахара ақыҭа анапхгареи.

Анатоли Бибилов даараӡа игәы иахәеит, иџьынџьуаа рбаҟеи аҵакырадгьыли еиҿкааны иахьыҟаз.

"Сара сазгәдууп, Аԥсны ахақәиҭтәреи, иара Гагра араион аҭарцәреи сыуаажәлар рхаҭарнакцәа ахьалахәыз. Абас еиԥш, абаҟеи уи акәша-мыкәшеи еиҿкааӡа иахьызбазгьы сеигәырӷьеит. Уи иаанаго, ахатәгәаԥхаҩцәа шәара ишәхашҭӡом, рыхьӡ ҳаракны ишәшьоит ауп", — иҳәеит Бибилов.

Аахыҵ-Уаԥстәылатәи ахатәгәаԥхаҩцәа рбаҟа авара ишьақәыргылоуп, Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, Леон иорден занашьоу Виктор Шьершьелиа игәалашәара иазку аибашьыга машьына БРДМ.

Арҭ аҩ-баҟак збаз Анатоли Бибилов иазиԥхьаӡеит, иааизакны, абри аҵакырадгьыл аҟны Амемориалтә комплекс ашьаҭа аркхар, аҩ-милаҭк еҳагьы реизыҟазаашьа шарӷәӷәоз, урҭ шәышықәсала дала-шьала ишеимадоу арҵабыргуан.

"Валери Бганбеи сареи ҳалацәажәеит, абри аҭыԥ, ҳмилаҭқәа реиҩызареи, рыешьареи символс иаиуртә еиԥш Амемориалтә комплекс ашьаҭа аркра. Ҳгәы иҭаҳкыз нагӡахар, еиҵагыло абиԥарақәагьы ҳара иҳаладырҵәаз агәыбылра иҵегь ишьҭкааны иргоит", — ҳәа иациҵеит иара.

Жьҭаара 6 рзы Гагра иазгәарҭараны иҟоу, араион ахақәиҭтәра 26 шықәса ахыҵра инамаданы, Аахыҵ-Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи ҟаиҵеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан
Бибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан - Sputnik Аҧсны
Бибилов ашәҭқәа шьҭеиҵеит Ԥсахара ақыҭан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан

Ажәабжьқәа зегьы
0