Апоетесса Белла Барцыцԥҳа илгәалалыршәоит "Ԥсоу уҷкәынцәа" агимн шииз

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБелла Барцыцԥҳа
Белла Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, аԥсуа ҭаацәарақәа зегьы аибашьра амцашыра изалымҵеит. Аамҭакы ашьҭахь иҟалеит маӡала ақәҵра зылшаз, убас аиҭныԥсахлара иақәшәаз. Усҟан аӷа имацәаз иҭакыз апоетесса Белла Барцыцԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, амилаҭ хақәиҭратә қәԥара ишацырҵоз.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, адырҩаҽны, Цандрыԥшь аҳаблан ақырҭуа десант ӡхыҵит. Џьаԥҳаныла еиқәных иҟаз аӷацәа, аԥсуа ҷкәынцәа аҿагылара шрырҭозгьы, рымчқәа еиҟарамхеит.

Ампыҵахалаҩцәа Гагра араион рнапахьы ианаарга, рыхәаҽра иашьҭалеит, зыӡбахә раҳахьаз апатриотцәа нагацәа, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" активистцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан апоетесса Белла Барцыцԥҳа, акомпозитор Баграт Багаҭелиа, Ҳараз Ҷамагәуа, Лиудмила Сергьегьиаԥҳа уҳәа аӡәырҩы.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

"Аԥсны зҭагылаз арыцҳара ҳшьапы ҳақәнарҟьеит, иаҳԥеиԥшу ҳзымдыруа ҳҟалеит. Сара скалам иҵҵон, ҿыла исзымҳәоз ацәаҳәақәа. Убасҟан иит "Ԥсоу уҷкәынцәа", ҳәа ажәеинраала. Сгәы ҭызшьаауаз сҩымҭа, Баграт Багаҭелиа сизаԥхьарц сҭаххеит, иауазар музыкала еиқәиршәарц", — илгәалашәоит апоетесса.

Гагра усгьы уалало иҟамызт, аӷацәа ирымҽхакын, убри аҟнытә аҭел дизасит. Атрубка шьҭысхыз Баграт Аҳмаҭ-иԥа ибжьы рҩашьаны "сӡырҩуеит" иҳәеит, Белла Барцыцԥҳа иаразнак еилылкааит ҽеи шыҟамыз. Адырҩаҽны адырра лоуит, ақырҭцәа иуаҭах ддәылганы дшыргаз, амилициа ахыбраҟны, абахҭа дышҭаркыз.

"Шура Морозовскаиа ҳәа сгәылара урыс ԥҳәыск дынхон. Лыԥшәма аамҭала, амилициа аусуҩ иакәын, ларгьы уаҟа ибзианы дырдыруан. Даасыԥхьан аҳәара лысҭеит, афатә еидкыланы ишлысҭо, Баграт Аҳмаҭ-иԥа дахьҭку иқәлыршәарц. Анашеи, ашәи ҩ-буханкак ачеи, руакы аҩнуҵҟа, ажәеинраала зныз ақьаад нагәылаҵаны, анашьҭымҭа сырмазеит. Аха, нас сыԥшәма исабжьеигеит, чак ауп илыбҭаша, иалшоит акы ицҭаку ииҭар, мамзаргьы амилициа аусзуҩцәа иахырхар. Бажәеинраала ма ибжьаӡоит, мамзар ҳазегьы ҳақәӡоит", — ахҭыс дазааҭгылоит Белла Барцыцԥҳа.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

Аурыс ԥҳәыс иналгаз афатә Баграт Аҳмаҭ-иԥа инапаҟны инеит. Ҩымш акразымфацыз, Белла схәы аалҭиит иҳәан, иаразнак ача ааԥиҽит. Ақьаад аниба, ақырҭцәа джьаны хәшәык дадыргарц ргәиҭаз џьишьеит, аха ианааирҳәы, ибеит ажәеинраала шакәыз. Убас, Гагратәи амилициа, абахҭа аҭыӡқәа рҟны иит, "Ԥсоу уҷкәынцәа" захьӡыз агимн амузыка.

Баграт Аҳмаҭ-иԥа ашәа анагӡара даналага, егьи акамераҟны иҭакыз Ҳараз Чамагәуа, ажәақәа шизымдыруазгьы ицирӷыззаап. Аҩыџьегьы убасҟан, бжьыла аӡәи-аӡәи иазусҭцәаз еилыркааит, аха аӷацәа ирцәырҵәахит, еиқәымцәажәаӡеит.

Гагра ампыҵахалаҩцәа рнапахьы ианаарга, аԥсуаа рзы ӷацәас иҟалеит ргәылацәа ақырҭцәагьы. Быԥҳа дбыманы шәалҵроуп, акәымзар шәыршьуеит ҳәа апоетесса лгәы лҽанырҵон.

"Убасҟан исабжьаргеит, ақалақь ахәбатәи аиланхарҭа "Кемпинг" акалҭаҿы, Пицунда аган ала ишьҭаз аӡымҩангагатә цәаҳәақәа урықәсны уцар ҟалоит ҳәа. Зны исыӡбеит, хаҭала уи ацарҭа збарц. Касыла сыҽҭаҳәҳәаны, уаҩы сизымдырратәы, бнала мацара уи аҭыԥ аҟынӡа снаӡеит. Аӡымҩангагатә цәаҳәа санықәгыла, снахьҳәазан, аӡы сынҭаҳаит. Устәи цашьа зҳамамыз агәра ганы, шьҭахьҟа аҩныҟа сҿынасхеит. Ҳханы инхоз, уи аамҭазы абгыӡыр аҟәшәара иаҿыз аерман игәашә аԥхьа санааи, аԥсшәа иасҳәарац санаанҿас, сышьхәа аҵәымаӷ алалеит. Сшьапы хтны саауазаарын", — илгәалалыршәоит Белла Барцыцԥҳа.

Апоетесса аамҭакы ашьҭахь лыԥҳа Мактинеи лареи ақалақь иалҵит.

Гагра аԥсуаа рнапахьы ианаарга, Белла Барцыцԥҳа зегь раԥхьа ақалақь ахь ихынҳәыз дреиуоуп. Дахьааизгьы илзыԥшын агәыхь ду лызҭаз, лгәабзиара зырҵасыз ахҭыс, аӷа хәымга зыжәлар рҿахәы зҳәоз апоетесса хәызмаӡамыз лархив аиҳарак иблит.

Ажәабжьқәа зегьы
0