"Ахрашәала" днаскьаргеит Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа

© Фото : Архивтә фотоГагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз"
Гагратәи афольклортә ансамбль Кьараз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны Жәлар рартсит Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа.

ГАГРА, абҵара 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Абҵара 8 рзы, 85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Жәлар рартист, акомпозитор, адирижиер, ауаажәларратә усзуҩ, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз, Ахьӡ-аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьаз Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа.

Абҵара 10 рзы, аԥсы дызҭаз аҭоубыҭ ықәыргылан Гагратәи акультура аҩны ахыбраҟны. Аԥсны Жәлар рартист наӡаӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц арахь иааит иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи иқәлацәеи Аԥсны анапхгареи Гагра араион ахадареи анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи ауаажәларреи.

"Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаҳгоит аԥсуа музыка абжьы зыргоз, бзиа иаабоз ауаҩ ду, акомпозитор Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа. Иара ихьӡ Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иззымдыруа, измаҳац дыҟам. Баграт Аҳмаҭ-иԥа наунагӡа аԥсуа культура аҭоурых адаҟьақәа рҟны даанхоит, иналукааша композиторны", — ҳәа азгәеиҭеит алахьеиқәҵаратә митинг аазыртыз Гагра араионтә Еизара ахантәаҩы Рудольф Алшәындба.

Аԥсны Жәлар рартист Баграт Багаҭелиа ажәа ихызҳәаауаз рацәаҩхеит. Дара зегьы еицҿакны иазгәарҭон арҿиараҿи ауаажәларратә усуреи рҿы иибаз аџьабаа атәы.

Выступление Мананы Шамба. - Sputnik Аҧсны
Манана Шамԥҳа: ҳкапелла иаанартит Пицундатәи ауарӷантә зал аконцерт

"Зырҿиаратә мҩа аамҭа хьанҭақәа раан ахы азыркыз акомпозитор, тәамҩахә ҟамҵакәа иаԥиҵуан иакымкәа иҩбамкәа ахортә еиҿкаарақәа. Аԥсҭазаара ҿыц риҭон ҳаԥсуа поетцәа рырҿиамҭақәа ашәақәа рылхуа. Баграт Багаҭелиа ииҩуаз амузыка хыҵхарҭас иаман ажәлар рфольклор. Аԥсны Жәлар рартист иҭынхаз архив мал дуны иазынхоит аԥсуа культура", — иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа.

Баграт Багаҭелиа напхгара зиҭоз афольклортә ансамбль "Кьараз" алахәцәа абык ирзаҩызаз рырҵаҩ ду абзиараз ҳәа иаҳәо ҭоуба руит, иара иаԥиҵаз, 50 шықәса раахыс дызхагылаз ансамбль иамоу Ахьӡ-аԥшеи шдмырӡуа, ԥхьаҟа ишыргало.

"Ҳаб Баграт Аҳмаҭ-иԥа! Иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит зыхә ҳаракыу уџьабаазы. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит иаԥуҵаз ансамбль аиқәырхаразы. Уара ухьӡ еснагь иҳацзаауеит, ансамбльгьы иахаҳҵоит", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ансамбль "Кьараз" ахкынагӡаҩ Ахра Смыр.

Сынтәа Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа ихыҵит 85 шықәса, напхгара ззиуаз ансамбль "Кьараз" — 50 шықәса.

Народная артистка Абхазии и России Хибла Герзмава - Sputnik Аҧсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа: пицундатәи ауарӷан аблаҷыц еиԥш ихьчатәуп

Арҭ аиубилеитә рыцхәқәа ирызкны Гагра араион аҟны ааигәа имҩаԥысраны иҟан аусмҩаԥгатәқәа жәпакы, аха ахьӡара рмоуит.

Аԥсны Жәлар рартист наунагӡа аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы даанхоит дырҵаҩ дуны, амилаҭтә музыка аԥҵаҩи аиқәырхаҩи иакәны, дпатриот дуны.

Ансамбль "Кьараз" алахәцәа ранпхгаҩы дызҭаз аҭоубыҭ аҿаԥхьа инарыгӡеит иуасиаҭ, артистцәа инарыгӡеит "Ахрашәа".

Баграт Аҳмаҭ-иԥа Багаҭелиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Оҭҳара.

Аԥсны Жәлар рартист иаԥиҵахьан 300 инарзыныԥшо ашәақәа, ахәыҷқәа рзы иаԥиҵахьаз 100 иреиҳауп.

Гагра араион аҟны Баграт Багаҭелиа иаԥиҵахьан, напхгарагьы риҭон абас еиԥш иҟаз ансамбльқәа "Аураашьа", Гагратәи ақалақьтә хор, Бзыԥҭатәи ахәыҷтәы хор "Мамзышьха", ансамбль "Афырҭын", Багаҭелиаа рҭаацәаратә ансамбль "Ԥсоу", Гагратәи алицеи-интернат арԥарцәа рхор "Цандрыԥшь", афольклортә ансамбль "Кьараз".

© Фото : Архивтә фотоГагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз"
Гагратәи афольклортә ансамбль Кьараз - Sputnik Аҧсны
Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз"
Ажәабжьқәа зегьы
0