Аҳәынҭфондқәа рнапхгаҩцәа Аминистрцәа реилазаара ажәадгала иахәаԥшит

© Фото : rawpixelДеловая встреча
Деловая встреча - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 30 рзы Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иалацәажәан Аԥсны аҳәынҭқарратә фондқәа рбиуџьетқәа рыхрархәара азҵаара.

АҞӘА, абҵара 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аҳәынҭқарратә фондқәа рбиуџьетқәа хра рымамкәа рыхрархәара апроблема зыхҟьо административтә ныхрақәа роуп, — ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ареспублика асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд аиҳабы Амиран Какалиа.

Лев Квициния на совещании по вопросу перезахоронения останков воинов Советской Армии в администрации президента - Sputnik Аҧсны
Кәыҵниа 2019 шықәсазтәи АҶА абиуџьет азы: итрагедиоу ҳәа акгьы збом

Шықәсык аҩныҵҟа аҳәынҭқарратә фондқәа инырхуеит 40-50 миллион мааҭ аԥара: улафахәык аҳасаб алеи аусзуҩцәа реиқәыршәара иаҭаху аматериалтә ныхрақәеи рыҳасаб ала. Ачынуаҩ иажәақәа рыла афонд аԥарақәа раԥхьа иргыланы асоциалтә дҵақәа ирзырхазароуп, аштатқәа реизырҳареи аусзуҩцәа рулафахәы ацҵареи ракәымкәа.

"Иҟоуп ауаа ареабилитациатә центрқәа рҿы аҽыхәышәтәра зыхәҭоу амедицинатә цхыраара зҭаху. Усеиԥш иҟоу ацхыраара ауаҩы изҭаша аҳәынҭқарроуп", — иҳәеит иара.

Арепатриациа афонд анапхгаҩы Енвер Чамагәуа иажәақәа рыла апроблема аӡбра иаахҵәаны, зегьы ирзеиԥшны изалшом.

"Ишьақәыргылатәуп аусзуҩ иштат ахьынӡаҭаху. Фонд-цыԥхьаӡа ахатә ҟазшьа амоуп. Зегь еиԥшны узрызныҟәом", — иҳәеит иара.

2018 шықәса рзы арепатриациа Афонд аштатқәа 30 аман. Иазыԥхьагәаҭоуп ахаҭарнакцәа Гәдоуҭатәи араиони Очамчыратәи араиони рҿы рыҟаҵара. Атәанчахәытә фонд анапхгаҩы Денис Гәылариа иазгәеиҭеит аусутә штатқәа афондқәа зегьы рҿы ишеиԥшым.

"Атәанчахәытә фонд аштат аҿы иҟоуп 34-ҩык. Аусура ахышәа-ҵышәа иадкыланы уахәаԥшуазар, урҭ рацәаӡам. Атәанчахәытә фонд абиуџьет аҟынтәи аусуҩцәа рулафахәы азы иахыҵуа 1% ауп", — иҳәоит иара.

Иара убри аан Гәылариа иазгәеиҭоит аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рҿы ашәахтәшәаҩцәа рԥарақәа хра рыманы ишнырымхуа, уи аусура ииашамкәа аиҿкаароуп изыхҟьо ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0