Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналистцәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаСусана Садзба
Сусана Садзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абҵара 6 рзы инапы аҵаиҩит "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ахҵаразы Аусԥҟа.

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арадио Sputnik Аԥсны аредактор-амҩаԥгаҩ Сусана Саӡԥҳаи автортә программа "Коӷониаԥҳа лымҩаду" ("Улица Когония") амҩаԥгаҩ Елеонора Коӷониаԥҳаи "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп.

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ахь усура диасаанӡа Сусана Саӡԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿ 17 шықәса аус луан.

Студия абхазского телевидения. Операторы Анзор Кварчелия и Анатолий Шония - Sputnik Аҧсны
Ҩнаҭацыԥхьаӡа аҧсышəала абжьы гоит: Аҧсуа телехəаҧшра 40 шықәса ахыҵит

"Жәибжь шықәса исыҩнраны иҟан ателерадиоеилахәыра. Асеиԥш аҳаҭыртә хьӡы саԥсаны срыԥхьаӡап ҳәа сыҟамызт. Уи сҭакԥхықәра еиҳагьы иҳаранакуеит. Ателехәаԥшраҿы аԥышәа ду соуит",- ҳәа еиҭалҳәоит Сусана Саӡԥҳа.

Лара илгәалалыршәоит ателехәаԥшрахьы лнеира зыбзоуроу Гәырам Амқәаб шиакәу.

"Уи ибзоураны сара абриаҟара шықәса уа аус зуит. Уа исоуз аԥышәоуп иахьагьы схы иасырхәо" ҳәа азгәалҭеит лара.

Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа лавтортә программа "Коӷониаԥҳа лымҩаду" Sputnik Аԥсны аефираҿ аҭыҵра иалагеит 2017 шықәса рзы. Лара иара убасгьы аус луеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы.

Атәыла ахада Иусԥҟа инақәыршәаны, "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп иара убас: Амра Џьынџьалԥҳа, Алина Ачԥҳа, Сырма Ашәԥҳаа, Мадина Бганԥҳа, Анна Гәниаԥҳа, Есма Џьыкырԥҳа, Нона Кәакәасқьырԥҳа, Асҭанда Қьецԥҳа, Манана Кәакәасқьырԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа.

40 шықәса раԥхьа, абҵара 6, 1978 шықәса рзы адикторцәа Леонид Хышбеи Кама Џьапуаԥҳаи раԥхьаӡа акәны аефир ахь ицәырҵит.

Ажәабжьқәа зегьы
0