Урыстәылатәи арратә базаҿ амаҵзура ахысра еилаӡаратәи аруаа рҿы ҳаҭыр амоуп

© Фото : пресс-служба ЮВОПервые группы новобранцев прибыли в ЮВО в Абхазии
Первые группы новобранцев прибыли в ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә базаҿы аррамаҵзура иахысуеит 2 000-ҩык инарзынаԥшуа.

АҞӘА, абҵара 7 – Sputnik. 300-ҩык инареиҳаны еилаӡарыла аррамаҵзура ахысразы акандидатцәа агәаҭарақәа ирхысит 2018 шықәса рзы ҳәа еиҭеиҳәоит арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ахысрақәа рзы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Акандидатцәа рхыԥхьаӡара ирыдыркылараны иҟоу рхыԥхьаӡара аасҭа хынтә еиҳауп. Апресс-маҵзура аиҳабы иажәақәа рыла, асеиԥш изыҟоу — арратә базаҿы аррамаҵзурауаа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа ахьаԥҵоу азоуп.

"Еилаӡаратәи аррамҵзурауаа иара убасгьы раԥхьаҟазы нхарҭа ҭыԥла еиқәдыршәоит, рулафахәы акәзаргьы акыр аҩаӡара дууп, арратә ипотекала раԥхьаҟа ауадақәа раахәаразы ацхыраара роуеит", — иҳәеит Астафиев.

Аԥсны еилаӡарала аррамаҵзура ахысра зҭаху 18-30 шықәса еиҳамзароуп қәрала, абжьаратә ма иреиҳаӡоу аҵара иалгахьазароуп, ргәабзиаратә рбагақәа аррамаҵзура аҭахрақәа ирышьашәалазароуп, уи адагьы аԥсихологиатә тестқәа рхысра рылшозароуп.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә базаҿ аррамаҵзура иахысуеит ҩ-нызқьҩык инарзынаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0