Афильм "Аб" аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит афестиваль "Лучезарный ангел" аҿы

© Кадр из фильма "Отец" Тимура КвеквескириКадр из фильма "Отец" Тимура Квеквескири
Кадр из фильма Отец Тимура Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә кинофестиваль "Лучезарный ангел" мҩаԥысуан Москва, абҵара 1 - 7 рзы.

АҞӘА, абҵара 9– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акиносахьа "Аб" аноминациа "Иреиӷьу зметраж кьаҿу афильм" аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит афестиваль "Лучезарный ангел" аҿы ҳәа Sputnik иазааицҳаит афильм арежиссер Ҭимур Кәакәасқьыр.

Кадр из фильма Отец Тимура Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Ҭемур Кәакәасқьыр ифильм "Аб" Волоколамсктәи акинофестиваль аԥхьахә аиуит

"Сара аханатәгьы агәахәара ду снаҭеит афильм аконкурстә лыԥшаара иахьахысыз", — иҳәеит арежиссиор.

Зынӡа акинофестиваль иалахәын 180 киносахьа.

"Сара агәра згомызт аԥсышәала иҭыху, урыс бызшәала асубтитрқәа змоу акиносахьа ҭыԥк ааннакылап ҳәа. Ус, дипломк соуеит ҳәа сыҟан. Аха сшақәымгыӷӡоз ииааиз афильмқәа рыхԥа иалашәеит. Миха Лакрба ирҿиамҭа, иҟалахьоу ахҭыс аазырԥшуа акиносахьа аконкурстә программа иахьаҵанакыз уеигәырӷьартә иҟоуп", — иҳәеит иара.

Арежиссиор иажәақәа рыла акиносахьахь аинтерес аадырԥшит ахәаԥшцәа рыдагьы апрофессионалцәагьы.

"Иналкаан сусумҭа азгәеиҭеит ажиури ахантәаҩы, еицырдыруа арежиссиор Владимир Грамматиков. Иара иазгәеиҭеит арежиссиортә усуреи адраматургиеи, астильтә ҷыдарақәеи", — ҳәа иҳәоит иара.

Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә кинофестиваль "Лучезарный ангел" мҩаԥысуеит 2005 шықәса раахыс Урыстәыла Аиашахаҵаратә уахәама Арҵаратә еилахәыра иҟанаҵо адгыларала. Афестиваль азырхоуп адоуҳатә кино аҿиара.

Афестиваль аиҿкааратә еилакы ахантәаҩыс дыҟоуп– Светлана Медведева.

Ажәабжьқәа зегьы
0