"Аԥсныавтомҩа" Ацҳа ҟаԥшь иаҭаз аахазы акомпенсациа иаҳәоит

© Sputnik"Аԥсныавтомҩа" Ацҳа ҟаԥшь иаҭаз аахазы акомпенсациа иаҳәоит
Аԥсныавтомҩа Ацҳа ҟаԥшь иаҭаз аахазы акомпенсациа иаҳәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Автомашьына Volkswagen Jetta Ацҳа ҟаԥшь амаакырақәа ԥҽны аӡы иалаҳаит абҵара 19 рзы.

АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" Ацҳа ҟаԥшь иаҭаз аахазы акомпенсациа иаҳәоит, иҟалаз ааха ааха аҭыԥ ақәҵараз, ацҳамаакырақәа реиҭашьақәыргыларазы ҳәа Sputnik иазааицҳаит аилахәыра адиректор Борис Ачба.

"Ацҳа, милаҭтә беиароуп. Ааха аҭоуп. Еиҭашьақәыргылатәуп. Ааха ҟазҵаз ахәԥса ишәароуп. Мап анакәха аӡбарҭахь ҳашшуеит", - иҳәеит адиректор.

Ачба иажәақәа рыла ацҳа уаанӡагьы амашьынарныҟәцаҩцәа рхарала ааха аиухьан. Убас 2018 шықәса рзы абетонтә еиҿыртәа ахәҭак ааха аиухьан.

"Уажәы, ааха зауз аҭыџь иалху ахәҭоуп. Уи Аԥсны ирзыҟаҵаӡом. Аҳәаанырцәынтә иаагатәуп. Аамҭала шаҟа иаҳзырласуала иҟаҵатәуп. Аԥхасҭа ахәԥса макьаназ ишьақәыргылам", - иҳәеит адиректор.

Азиндырыҩ Инна Кәарҷиаԥҳа иазгәалҭеит аԥхасҭа ахәԥса ашәара аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәароуп ҳәа.

ДПТ на Красном мосту в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Ацҳа ҟаԥшь аҟнытә автомашьына аӡы иалаҳаит

"Ауаҩԥсы амҩатә машәыр ихҟьеит ҳәа аӡбарҭа ишьақәнаргылар, аԥхасҭа ахәԥса ашәарагьы иқәлоит. Ахәԥса ахышәа-ҵышәагьы аекспертиза ашьҭахь аӡбарҭа ишьақәнаргылароуп", - лҳәеит лара.

Ацҳа ҟаԥшь аҟны автомашьына аӡы иалаҳаит ҳәа АҶА аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит асааҭ 20:46 рзы ашәахьа, абҵара 19 рзы.

Аҭел ишасызҵәҟьа аҭыԥ ахь АҶА абригадақәа неиит. "01" ахь аҭел иасит асааҭ 20:46 рзы. Амашьына аԥсҟы зкыз аӡы далганы ахәышәтәырҭахь днаган.

Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ишҳарҳәаз ала, амҩатә машәыр ашьҭахь ахәышәтәырҭахь инаргаз ахаҵа иԥсҭазаара шәарҭа амамызт. Иахәҭоу амедицинатә цхыраара иҭан. Аусҭҵаара напаркын.

Ажәабжьқәа зегьы
0