Ҳаџьымба: Урыстәыла Аԥсны ақыҭанхамҩа иацхраалоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абрифинг мҩаԥигеит абҵара 27 рзы. Абрифинг азкын Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылара.

АҞӘА, абҵара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла ԥхьаҟагьы Аԥсны ақыҭанхамҩа иацхраалоит иҳәеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба абрифинг аҟны. Абрифинг азкын Урыстәыла ахада Владимир Путини иареи реиԥылара.

"Урыстәыла ахадеи сареи ҳаиԥылараан ақыҭанхамҩа апроблемагьы ҳазааҭгылеит. Зегьы ижәдыруеит сынтәа ацхыраара ду шҳаҭаз. Урыстәыла ахада адҵа ҟаиҵеит ԥхьаҟагьы абри ацхыраара ԥкымхарц", — иҳәеит иара.

Хара имгакәа Аԥсны Аминистрцәа реилазаара анапхгара Урыстәылаҟа ицараны иҟоуп иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа рылацәажәаразы.

Денежные купюры и монеты России - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Урыстәыла миллиардбжак Аԥсны абанктә система аҿиара иазоунажьуеит

"Агәра згоит уи аныҟәара ҳреспубликазы хра аманы ишыҟало", — иҳәеит атәыла ахада.

Аԥсны ахадеи Урыстәыла ахадеи аиԥылара рыман абҵара 21 рзы. Аиԥылараан Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аизыҟазаашьақәа астратегиатәии апартниортәии ҟазшьа рыманы ишыҟоу.

Урыстәыла ахада иакәзар иҳәеит агәахәара шинаҭо аԥснытәи иколлега иԥылара, иазгәеиҭеит Аԥсны ахада иахәҭоуп ҳәа ииԥхьаӡо азҵаарақәа рылацәажәара дшазыхиоу.

Аҳәынҭқаррақәа рыҩба рыбжьара, 2008 шықәса азы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи аназханаҵа ашьҭахь, 100 инареиҳаны еиқәышаҳаҭра рнапы рыҵарыҩхьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0